Ииун 16—22
АЖӘАМААНАҚӘА 18
Ашәа 90, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)
1. Агәабзиара змам ажәала ргәы шьҭышәхла
(10 мин.)
Шәажәақәа аҟәыӷара рыҵазааит (Ажәм 18:4; w22.10 22, абз. 17).
Ауаҩы ихиго аилкаара шәҽазышәшәала (Ажәм 18:13; mrt-U астатиа 19, арамка).
Ачҳара аашәырԥшла, шәыцхыраарагьы рыдыжәгалала (Ажәм 18:24; wp23.1-U 14, абз. 3 — 15, абз. 1).
ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Сицхраар шԥасылшо схатә ҩыза, ацәеижьтә ма апсихикатә гәабзиара иадҳәалоу ауадаҩрақәа имазар?»
2. Адоуҳатә бырлашқәа
(10 мин.)
-
Ажәм 18:18. Рхы ишԥадырхәоз аҵәы аҭаԥсара абиблиатә аамҭақәа раан? (it-1-U 789, абз. 11 — 790, абз. 1).
-
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу ари ахаҿы ишәыԥшааз?
3. Абиблиа аԥхьара
(4 мин.) Мк 16:1—8 (th аурок 11).
4. Ацәажәара шәалага
(1 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы атәым бызшәала дцәажәоит (lmd аурок 2, апункт 5).
5. Аинтерес еизшәырҳала
(3 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы дуҳәоит узааз иааркьаҿны иоуҳәарц (lmd аурок 7, апункт 4).
6. Аинтерес еизшәырҳала
(3 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы изеиҭаҳәа Анцәа Иаҳра иаарласны иҟанаҵо (lmd аурок 9, апункт 5).
7. Зыгәра жәго деилшәыркаала
(4 мин.) ijwfq-U, астатиа 29 шьаҭас измоу аицәажәара. Атема: «Являются ли Свидетели Иеговы сторонниками креационизма?» (lmd аурок 5, апункт 5).
Ашәа 144
8. Ишәзааигәоу ауаа Иегова имаҵзуҩцәа ракәны аҟалара шәрыцхраала
(15 мин.). Ахцәажәара.
Аӡәырҩы абас ҳзызхәыцуа иаҳзааигәоу ауаҩы дҳамоуп: «Ишԥабзиахоз Иегова имаҵ иуазҭгьы!» Иҟалап уи ҳхатә ҩыза, ҳхәыҷы, ма аҵабырг иацәыхьшәашәаз ҳҩыза иакәзар. Уи Иегова имаҵ аура игәазҭашәҵарц азы амцхә шәиқәыӷәӷәо, ма ихжәаны шәиацәажәо ҟалахьоума? Ҳара абзиара шаҳҭахугьы, иаҳҳәо аҭагылазаашьа еиҳагьы иарцәгьар алшоит (Ажәм 12:18). Иарбан знеишьоу еиҳа ахәарҭа аазгар алшо?
1 Пиотр 3:1 аҿы иануп ақьырсианҳәсақәа рхацәа ажәада рхымҩаԥгашьала идырҳар шрылшо. Ахаҵа иԥҳәыс абиблиатә темақәа лыцалацәажәара иҭахымзаргьы, лара уеизгьы Иегова иабадырра дицхраар лылшоит. Лара абзиабареи ақьиареи аалырԥшуазар, насгьы ҟәыӷарала лхы мҩаԥылгозар, иҟалап аамҭак ашьҭахь лхатә ҩыза игәаанагара иԥсахыр (Ажәм 16:23). Ҳхымҩаԥгашьа ҳацклаԥшуазар, ҳажәақәагьы хаазар, уи Иегова макьана имаҵ зымуа иаҳзааигәоу ауаа ргәаанагара аԥсахыр алшоит (Кл 4:6).
Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Дара рыгәрахаҵара қәҿиарала иазықәԥоит. Иегова имаҵ зымуа ахатә ҩыза дызмоу». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:
-
Ишәнарҵозеи аиаҳәшьа Сасаки лҭоурых?
-
Ишәнарҵозеи аиаҳәшьа Ито лҭоурых?
-
Ишәнарҵозеи аиаҳәшьа Окада лҭоурых?
9. Аизараҿы Абиблиа аҵара
(30 мин.) bt ахы 27, абз. 23—26, ад. 214, 217 рҿы иану арамкақәа