Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 14

Адунеи зегь напхгара азызуло Аҳра

Адунеи зегь напхгара азызуло Аҳра

Иудырыма уара иарбан Аҳроу зыӡбахә ҳәоу?~ Уи ҳадгьыл џьанаҭны иҟазҵо Анцәа Иаҳра ауп. Иуҭахума уара ари Аҳра иазкны еиҳаны еилукаарц?~

Аҳ дызхагылам аҳра ыҟаӡам. Уи аҳ ижәлар напхгара рзиуеит. Иудыруама уара Анцәа Иегова Иаҳра аҳас иахагылоу?~ Ари Иисус Христос иоуп. Иара ажәҩан аҿы дынхоит. Хара имгакәа адгьыл аҿы иқәынхо ауаа зегьы напхгара рзиулоит! Угәы ишԥаанаго, насыԥ ҳауама ҳара Иисус адгьыл зегьы Аҳас данахагыло?~

Уззыԥшузеи уара еиҳараӡак Џьанаҭ дгьыл аҿы аԥсҭазаара уаназхәыцуа?

Ааи, ҳара насыԥ ҳамазаауеит! Џьанаҭ дгьыл аҿы ауаа уаҳа еибашьлаӡом, бзиа еибабалоит. Аӡәгьы дычмазыҩхаӡом, насгьы дыԥсӡом. Илашәу ирбалоит, идагәоу ираҳалоит, изымныҟәо аҩреи аԥареи рылшо иҟалоит. Ауаа зегьы афатә рацәаны ирымазаауеит. Аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ҳареи ҳаиҩызцәахоит, насгьы дара-дара ҭынч еицынхалоит. Иԥсхьоу рыԥсы ҭаҵахоит. Ари аброшиураҿы узабадырыз ауаа рҟынтәи ирацәахоит зыԥсы ҭало, иаҳҳәап Реве́кка, Раа́в, Илиа́, Дави́д. Иуҭахума уара урҭ убарц?~

Иегова бзиа уибоит, насгьы анасыԥ умазарц иҭахуп. Уара анаҩсгьы Иегова деилукаалар, насгьы уизыӡырҩлар, џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа анхара улшоит! Иуҭахума уара уи?~

ШӘАԤХЬА ШӘБИБЛИАҾЫ