Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 40

Анцәа ҳацқьазар иҭахуп

Анцәа ҳацқьазар иҭахуп

Ан лхәыҷы ашкол ахь длышьҭырц азы деибылҭоит. Лара игәалҭоит иҿи-инапи иӡәӡәоу-имыӡәӡәоу, насгьы ишәу цқьоу-ицқьаму. Уи абзоурала игәы бзиазаауеит, насгьы дызбо ауаа иҭаацәа ибзианы ишихылаԥшуа рбалоит. Аҭаацәа рхәыҷы дыцқьазарц шырҭаху еиԥш, Ҳаб Иеговагьы иҭахуп ҳцәеижьи, ҳхымҩаԥгашьеи, ҳцәажәашьеи, ҳхәыцшьеи цқьазарц. Уи ҳара ахәарҭа ҳзаанагоит, Ҳанцәагьы ихьӡ ҳаранакуеит.

1. Ишԥаҳалшо цәеижьла ҳацқьазар?

Иегова «шәыԥшьазароуп» ҳәа ҳаиҳәоит (1 Пиотр 1:16). Уи иаанагоит ҳцәеижьи, ҳхымҩаԥгашьеи, ҳцәажәашьеи, ҳхәыцшьеи цқьазар шахәҭоу. Ҳацқьазарц азы еснагь ҳҽаҳкәабалароуп, насгьы ҳамаҭәақәеи, ҳаҩни, ҳмашьынеи цқьазароуп, еиҿкаазароуп. Иара убас ҳара Аҳратә зал аилыргара ҳхы алаҳархәлар ҳалшоит. Цәеижьла ҳацқьаӡа ҳаныҟоу, Иегова дҳараҳкуеит (2 Коринфаа 6:3, 4).

2. Иарбан шьцыларақәоу ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоу, ҳацқьазарц азы?

Абиблиа ҳаанаԥхьоит: «Ҳцәеижьи ҳхәыцшьеи зҟьашьуа зегь аҟынтә ҳҽаҳрыцқьап» (2 Коринфаа 7:1). Убри аҟынтә ҳцәеижьи ҳахшыҩи зҟьашьыр алшо зегь ҳҽацәаҳахьчоит. Ҳара иаҳҭахуп ҳзызхәыцуа зегь Иегова даргәырӷьалар, убри аҟынтә ицқьам ахәыцрақәа ҳарҿагылаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит (Аԥсалом 104:34). Иара убас ҳара иҽеим ацәажәарақәеи, ажәа ҟьашьқәеи, ауаҩы длазырҟәуа ажәақәеи ҳҽырцәаҳахьчоит. (Шәаԥхьа Колоссаа 3:8.)

Уаҳа изҟьашьыр алшозеи ҳцәеижьи, ҳхымҩаԥгашьеи, ҳцәажәашьеи, ҳхәыцшьеи? Ҳгәабзиара иазеицәо амаҭәашьарқәа. Убри азы ҳара аҭаҭын ҳахаӡом, анаркотикқәа ҳадаҳкылаӡом, насгьы ахәшәқәа ишакәым ала ҳхы иаҳархәаӡом. Убасала ҳара ҳгәабзиара ҳахьчоит, насгьы Анцәа иҳаиҭаз аҳамҭа — аԥсҭазаара — пату ақәаҳҵоит. Иара убас ҳара ҳхы цқьаны имҩаԥаҳгоит, амастурбациеи апорнографиеи реиԥш иҟоу иҽеим ашьцыларақәа ҳҽанырцәаҳахьчо (Аԥсалом 119:37; Ефесаа 5:5). Ас еиԥш иҟоу ашьцыларақәа рааныжьра мариам, аха Иегова имчала уи ҳалшоит. (Шәаԥхьа Исаиа 41:13.)

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа цәеижьла шәаныцқьоу, уи Иегова дшыҳаранакуа, насгьы ашьцылара бааԥсқәа рааныжьразы иҟаҵатәу.

3. Цәеижьла ҳаныцқьоу, Иегова дҳараҳкуеит

Иегова ажәытәан израильаа ириҭаз азакәанқәа иаҳдырбоит ацқьара дшазыҟоу. Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 19:10; 30:17—19, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Дышԥазыҟоу Иегова ацқьара, арҭ ажәеинраалақәа инарықәыршәаны?

  • Иарбан шьцылара бзиақәоу цәеижьла шәыцқьаны шәыҟазарц ишәыцхраауа?

Ацқьара аамҭеи аџьабааи аҭахуп. Аха ҳахьынхозаалакгьы, ҳалшарақәа зеиԥшразаалакгьы, ҳацқьазар ҳалшоит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

  • Избан ажәабжь бзиа анаҳҳәо, иаҳшәу еиҿкаазар, ицқьазар захәҭоу? Ишԥарыцхраауеи уи ауаа Иегова иеилкаара?

4. Ашьцылара бааԥсқәа рааныжьра иҳацхраауа

Иегова иарбанзаалак ашьцылара бааԥс ааныжьра дҳацхраар илшоит

Аҭаҭын шәахозар, ма анаркотикқәа шәыдышәкылозар, ибзианы ижәдыруеит ус еиԥш иҟоу ашьцылара ааныжьра шымариам. Ишәыцхраар алшозеи? Еилышәкаа ашьцылара бааԥс ааныжьра ишәыцхраар алшо. Шәаԥхьа Матфеи 22:37—39, насгьы иҳаилшәыркаа ауаҩы аҭаҭын дахозар, ма анаркотикқәа идикылозар, уи:

  • Иеговеи иареи реиҩызара ишаныԥшуа;

  • иҭаацәеи егьырҭ ауааи иареи реизыҟазаашьақәа ишырныԥшуа.

Ашьцылара бааԥс шәшаиааиша аплан шьақәшәыргыл a. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

Шәаԥхьа Филиппаа 4:13, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Анцәа шәиҳәалар, Абиблиа ҭышәҵаалар, насгьы аизарақәа шәырҭаалар, ишәыцхраар шԥалшо уи зегьы ашьцылара бааԥс аиааира?

5. Ицқьам ахәыцрақәеи аусқәеи шәырҿагылала

Шәаԥхьа Колоссаа 3:5, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иабантәиҳдыруеи Иегова апорнографиеи, асекстинги, амастурбациеи ицқьам шьцыларақәаны ишиԥхьаӡо?

  • Шәгәы ишԥаанаго, ииашоума Иегова ҳхымҩаԥгашьеи ҳхәыцрақәеи цқьазароуп ҳәа ахьҳаиҳәо? Избан?

Еилышәкаа иҽеим ахәыцрақәа шәырҿагылалар шшәылшо. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

Ҳхымҩаԥгашьа цқьазарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп. Абар Иисус иааигаз аҿырԥштәы. Шәаԥхьа Матфеи 5:29, 30, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Иисус ҳхы ак азаҳурц акәӡам ииҳәоз. Иара ииҳәарц ииҭахыз, лакҩакрада иаҭаху аԥсахрақәа ҟаҳҵар шҳахәҭоу ауп. Иҟаҵатәузеи, иҽеим ахәыцрақәа ҳҽырцәаҳахьчаларц азы? b

Иегова иҽеим ахәыцрақәа шәырҿагылаларц азы ижәбо аџьабаа даараӡа ахә ишьоит. Шәаԥхьа Аԥсалом 103:13, 14, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ашьцылара бааԥс ааныжьра шәзымариамзар, ишәыцхраар шԥарылшо арҭ ажәеинраалақәа уеизгьы уи ашьцылара аҿагылара?

Шәгәы кашәмыжьын!

Аӡәы ус дхәыцыр алшоит: «Еиҭасцәыҟалеит. Баша аџьабаа збон». Аха шәазхәыц: аиԥхныҩлара иалахәу ауаҩы дкаҳазар, уи иаанагаӡом даҵахеит ҳәа, мамзаргьы шьҭахьҟа дхынҳәны, ҿыц далагароуп ҳәа. Убасҵәҟьа шәаргьы еиҭашәцәыҟалазар, уи иаанагаӡом зынӡа шәаҵахеит ҳәа. Уи иара убас иаанагаӡом ижәбаз аџьабаагьы баша аӡы иагеит ҳәа. Ашьцылара бааԥс ахь шәамхахынҳәызаргьы, агәкажьра аҭахӡам. Шәара амҩа иаша шәықәуп. Уи ашьцылара хәыҷы-хәыҷла шәаиааир шәылшоит. Убри аҟынтә шәгәы кашәмыжьын! Иегова ицхыраарала зегь шәылшоит.

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Сара уи сашьцылеит. Исызкажьӡом».

  • Иарбан библиатә жәеинраалоу ус ихәыцуа ауаҩы ишәырбарыз, Иегова ицхыраарала ашьцылара бааԥс даиааир шилшо иеилшәыркаарц азы?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Ҳцәеижьи, ҳахшыҩи, ҳхымҩаԥгашьеи цқьазар, уи Иегова даргәырӷьоит.

Аиҭахысра

  • Избан ҳацқьазар зҳахәҭоу?

  • Иҟашәҵалар шәылшозеи, цәеижьла шәыцқьазарц азы?

  • Иҟашәҵар шәылшозеи, шәыхшыҩи шәхымҩаԥгашьеи цқьазарц азы?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Иҟашәҵалар шәылшозеи цәеижьла шәыцқьазарц азы, ишәымоу маҷзаргьы?

«Агәабзиареи ацқьареи. Анапыӡәӡәара» (3:01)

Аҭаҭын акажьра ишәыцхраауа алабжьарақәа.

«Как бросить курить» («Пробудитесь!», маи 2010)

Шәаԥхьа апорнографиа ахәаԥшра шьцыларас измаз хаҵак уи дшаиааиз атәы.

«Я много раз терпел неудачу, прежде чем смог победить себя» («Ахьчаратә бааш» № 4, 2016, аурыс)

a «Как бросить курить» ҳәа хыс измоу астатиақәа рҿы аҭаҭын акажьра ишәыцхраауа алабжьарақәа ануп. Шәахәаԥш ари аурок аҿы иҟоу арамка «Иҵегь шәахәаԥш».

b Шәахәаԥш амастурбациа ааныжьра иуцхраауа астатиа «Как побороть привычку мастурбировать?» («Ответы на твои вопросы», атом 1, ахы 25).