Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 27

Ишԥаҳнаҭо Христос иԥсра ахақәиҭра?

Ишԥаҳнаҭо Христос иԥсра ахақәиҭра?

Раԥхьатәи ауаа, Адами Евеи, Анцәа ицәхьаҵит азы, ауаа агәнаҳа ҟарҵоит, игәаҟуеит, насгьы иԥсуеит a. Аха ҳҭагылазаашьа узмыриашо иҟаӡам. Иегова агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳаиҭарц азы ак ҟаиҵеит. Уи аус азы иара Иԥа, Иисус Христос, ихадоу ароль изалихит. Абиблиаҿы иҳәоуп, Иисус ҳҿихырц азы иԥсы шҳахҭниҵаз. Аҿыхра — ари аӡәы ихы дақәиҭхарц азы ихыршәаауа ахә ауп. Иисус инаӡаз иуаҩытәыҩсатә ԥсҭазаарала ҳахә ишәеит. (Шәаԥхьа Матфеи 20:28.) Иара инаӡаз уаҩын, убри аҟынтә наӡаӡа адгьыл аҿы анхара азин иман, аха имаз азин мап ацәкны, аԥсра дақәшаҳаҭхеит, Адами Евеи ирцәыӡыз зегь ҳауртә алшара ҳаиҭарц азы. Уи адагьы, Иисус иԥсра иаанарԥшит Иеговагьы иаргьы шаҟа бзиа ҳарбо. Ари аурок Иисус ҳара ҳзы иҟаиҵаз еиҳагьы ахә ашьара иҳацхраауеит.

1. Иарбан хәарҭоу Христос иԥсра иахьа уажәнатә иаҳзаанагар алшо?

Ҳара зегьы агәнаҳа ҳаҵоуп, убри аҟынтә зны-зынла иҟаҳҵо Иегова игәы инархьуеит. Аха иҟаҳҵаз ҳахьхәуазар, насгьы Иисус ихьӡала Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьырц ҳиҳәозар, иара убас урҭ агхақәа уаҳа иҟаҳамҵаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ӷәӷәаны иаанхоит (1 Иоанн 2:1). Абиблиаҿы иануп: «Христос ауаа рыгәнаҳақәа рхихырц азы знык зегьы рзы дыԥсит — ауаҩ иаша ауаа цәгьақәа рзы, Анцәа иҩызахара дшәыцхраарц азы» (1 Пиотр 3:18).

2. Иарбан хәарҭоу Христос иԥсра ҳаԥхьаҟа иаҳзаанагар алшо?

Иегова Иисус адгьыл ахь дааишьҭит, инаӡаз иуаҩытәыҩсатә ԥсҭазаара ауаа ирыхҭниҵарц, «уи дхазҵо дарбанзаалак дҭамхарц азы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоурц азы» (Иоанн 3:16). Иисус иҟаиҵаз абзоурала, Иегова иаарласны Адам иҳәатәхамҵара ауаа ирзаанагаз аԥхасҭа зегь ириашоит. Ҳара Иисус иҟаиҵаз ҳагәнаҳақәа шыҿнахыз агәра ҳгозар, наӡаӡа џьанаҭ дгьыл аҿы анхаразы алшара ҳауеит! (Исаиа 65:21—23).

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еиҳаны еилышәкаа Иисус ауаа иԥсы зрыхҭниҵаз, насгьы иарбан лшарақәоу уи шәара ишәнаҭо.

3. Иисус агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳаиҭеит

Шәахәаԥш АВИДЕОНҴМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Ицәыӡи Адам, Анцәа даницәхьаҵ?

Шәаԥхьа Римаа 5:12, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥаныԥши Адам иҟаиҵаз агәнаҳа шәыԥсҭазаара?

Шәаԥхьа Иоанн 3:16, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Дзааишьҭи Иегова Иԥа адгьыл ахь?

  1. Адам дуаҩы наӡан, аха Анцәа иҳәатәы дахыԥеит. Уи иахҟьаны ауаа зегьы агәнаҳаи аԥсреи рҭынхеит

  2. Иисус дуаҩы наӡан, иара ахаангьы Анцәа иҳәатәы дахыԥаӡомызт. Уи абзоурала ауаа зегьы наӡаны иҟаларц, наӡаӡагьы инхаларц алшара роуит

4. Иарбан лшароу Иисус иԥсра ауаа зегьы ирнаҭо?

Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Излалшозеи аӡәызаҵәык иԥсра ауаа зегь еиқәнархар?

Шәаԥхьа 1 Тимофеи 2:5, 6, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Адам инаӡаз уаҩын. Уи агәнаҳа ахьыҟаиҵаз иахҟьаны, ауаа зегь агәнаҳаи аԥсреи рҭынхеит. Иисусгьы инаӡаз уаҩын. Избан иаҳҳәар зҳалшо иара ҳагәнаҳақәа рҿыхразы иақәнагоу ахә ишәеит ҳәа?

5. Аҿыхра — Иегова лымкаала шәара ишәзыҟаиҵаз ҳамҭоуп

Иегова иҩызцәа аҿыхра хаҭала дара ирзыҟаиҵаз аҳамҭа еиԥш иазыҟоуп. Абар ҿырԥштәык. Шәаԥхьа Галатаа 2:20, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥаҳдырбо Павел иажәақәа, аҿыхра Анцәа хаҭала иара изыҟаиҵаз аҳамҭа еиԥш дшазыҟаз?

Адам агәнаҳа аныҟаиҵа ашьҭахь, ихылҵраны иҟази иареи аԥсра рзыԥшын. Убри аҟынтә Иегова Иԥа адгьыл ахь дааишьҭит. Иисус дыԥсит, шәара наӡаӡа анхара алшара шәоурц азы.

Арҭ ажәеинраалақәа шәанрыԥхьо, шәхаҿы иаажәг Иегова Иԥа игәаҟрақәа анибоз, цәаныррақәас имаз. Шәаԥхьа Иоанн 19:1—7, 16—18, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырҵуа, Иеговеи Иисуси ишәзыҟарҵаз шәаназхәыцуа?

АӠӘЫ ДШӘАЗҴААР ИЛШОИТ: «Излалшозеи аӡәызаҵәык иԥсра ауаа зегь еиқәнархар?»

  • Аҭак шԥаҟашәҵарыз?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иисус иԥсра абзоурала, Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьыр илшоит, наӡаӡа анхарагьы ҳалшоит.

Аиҭахысра

  • Дзыԥсызеи Иисус?

  • Избан иаҳҳәар зҳалшо Иисус инаӡаз иуаҩытәыҩсатә ԥсҭазаара аҿыхразы иақәнагоу ахә ауп ҳәа?

  • Иарбан лшарақәоу ишәзаанартуа Иисус иԥсра?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Еилышәкаа Иисус ауаа ирыхҭниҵаз инаӡаз иуаҩытәыҩсатә ԥсҭазаара аҿыхра ҳәа изашьҭоу.

«Почему жертва Иисуса Христа — это „выкуп за многих“»? (авеб-статиа)

Иҟаҳҵар акәзеи ҳаиқәхарц азы? Еилышәкаа аҭак.

«Иаанагозеи Иисус — деиқәырхаҩуп?» (авеб-статиа)

Еилышәкаа Христос иԥсхҭынҵара хаҵак аҽыԥсахра ишицхрааз.

«Я больше не раб жестокости» (авеб-статиа)

a Агәнаҳа — ари цәгьарак аҟаҵара мацара акәӡам. Уахь иаҵанакуеит Адами Евеи рҟынтә иаҳҭынхаз анамӡарагьы.