АЗҴААРА 9
Иахәҭоума аеволиуциа агәра агара?
УХЫ ШԤАМҨАԤУГО УАРА?
Ухаҿы иааг абри аҩыза аҭагылазаашьа: Алекс иҟаиҵара издырам. Иара еснагь Анцәа дшыҟоу, насгьы зегь зшаз иара шиакәу хеиҵон. Аха иахьа ашкол аҿы абиологиа арҵаҩы агәра ганы иҳәон аеволиуциа — ари зыгәра угартә иҟоу аҭҵаарақәа рыла ишьақәырӷәӷәо афакт ауп ҳәа. Алекс дгаӡазшәа ихы ааирԥшыр иҭахӡам. «Аҵарауаа аеволиуциа шиашоу шьақәдырӷәӷәазар,— иҳәоит иара гәаныла,— сазусҭада сара урҭ сырҿагылартә еиԥш?»
Угәы ишԥаанаго, ихәҭоума Алекс аеволиуциа агәра агара, уи ашәҟәқәа рҟны афакт еиԥш иахьааго мацара азы?
УААҬГЫЛАНЫ УХӘЫЦ!
Ари азҵаара аганахь ала ауаа ргәаанагарақәа еиԥшӡам, аӡәырҩы ирҳәар рылшоит зыгәра рго, аха аҵыхәтәанынӡа ирзеилкааӡом избан уи агәра зырго.
-
Шьоукы зегь зшаз Анцәа шиакәу агәра ргоит, ус ауахәамаҿы иахьыддырҵаз азы.
-
Егьырҭ аеволиуциа агәра ргоит, ус ашкол аҿы иахьыддырҵаз азы.
ИЗЫЗХӘЫЦТӘУ Ф-ЗҴААРАК
Абиблиаҿы иануп: «Иарбан ҩнызаалакь ахатә ргылаҩ дамоуп, аха Анцәа зегьы рыргылаҩ-рышьақәыргылаҩ иакәны дыҟоуп» (Ауриацәа рахь 3:4). Иҟәыӷарахоума уи агәра агара?
АШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАРА: Жәҩантәылаҿы зегьы атҟәацра Ду абзоурала ауп ишышьақәгылаз.
1. Изыхҟьазеи, мамзаргьы иҟазҵада атҟәацра Ду?
2. Еиҳа зыгәра угартә иҟоузеи: зегь ахала ишыҟалаз, мамзаргьы зегь ак ишахылҵыз, насгьы уи аӡәы ишыҟаиҵаз?
АШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАРА: ауаа аԥстәқәа ирхылҵит.
3. Ауаа аԥстәқәа ирхылҵзар, иаҳҳәап амаамынқәа, изеиԥшымзеи ауааи амаамынқәеи рхәыцратә лшарақәа?
4. Избан даараӡа «имариоу» аԥсҭазааратә формақәагьы реиҿартәышьа џьоушьартә изыҟоу?
АШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАРА: аеволиуциа — ишьақәырӷәӷәоу фактуп.
5. Иҭиҵааҵәҟьама аеволиуциа аганахь ала ашьақәырӷәӷәарақәа зегьы уи иашоуп ҳәа зҳәо ауаҩы?
6. Шаҟаҩы аеволиуциа агәра ргозеи, уи аҵара змоу зегьы агәра ргоит ҳәа ахьрарҳәаз мацара азы?
«Абнаҿы шәышныҟәо аҩны ԥшӡа жәбар, шәгәы иаанагарызма: „Шаҟа иманшәаланы икаҳазеи арҭ аҵлақәа, абас еиԥш аҩны ԥшӡа алҵратәы“. Ҳәарада мап! Уи ҟалашьа амам. Нас избан Жәҩантәылаҿы зегьы машәырла иҟалеит ҳәа агәра ҳгар зҳахәҭоу?» (Џьулиа).
«Иаҳҳәап, аӡәы ишәеиҳәеит, атипографиаҿы атҟәацра ашьҭахь ашәыгақәа аҭуани аҭӡамцқәеи ирықәҭәеит, нас уи ажәар ду алҵит ҳәа. Агәра жәгарызу уи?» (Гвен).
ИЗБАН АНЦӘА ИХАҴАРА ЗАԤСОУ?
Абиблиа угәазҭанаҵоит ухшыҩ ухы иаурхәаларц (Римаа рахь 12:1, АдҾ). Уи иаанагоит, Анцәа иахь угәрахаҵара шьаҭас иамазар акәу...
-
УЕМОЦИАҚӘА ШРАКӘЫМ (Сгәы иаанагоит еиҳау мчык ыҟазароуп)
-
УКӘША-МЫКӘША ИҞОУ ШРАКӘЫМ (Сара зегь Анцәа дахьхарҵо сынхоит)
-
ЕГЬЫРҬ РҞЫНТӘИ АҚӘЫӶӘӶӘАРА ШАКӘЫМ (Сара Анцәа дахьхарҵоз аҭаацәараҿы исызҳаит, убри аҟынтә алхра сзыҟаҵомызт)
Уи аҭыԥан уара угәрахаҵара иӷәӷәоу ашьақәырӷәӷәарақәа шьаҭас иамазар ауп.
«Аурок аҿы арҵаҩы ауаҩы ицәеижь аус шауа атәы анаҳзеиҭеиҳәо, уи Анцәа дшыҟоу лакҩакрада агәра снаргоит. Иарбанзаалак ацәеижьхәҭа уи зынӡаск ихәыҷызаргьы, иара аус нанагӡоит, насгьы лассы-лассы уи ҳара иаҳзымдырӡакәа. Ҳцәеижь аиҿартәышьа даара уаршанхоит!» (Тереза).
«Сара даараӡа иҳараку аҩнеихагылеи, мшынла изланыҟәо аӷба дуқәеи, амашьынеи анызбо, схы сазҵаауеит: „Изыргылада ари?“ Иаҳҳәап, амашьына аҟаҵара зылшо зус бзианы издыруа аспециалист мацара иоуп. Избанзар амашьына аус ауларц азы, еиуеиԥшым ахәҭа хәыҷқәа аус еицыруларц еиқәыршәатәуп. Амашьына аҟаҵаразы зус бзианы издыруа аизгаҩ даҭахызар, ирхаҳҳәаар ҳалшозеи ауаа!» (Ричард).
«Анаука еиҳаны иҭысҵаацыԥхьаӡа, аеволиуциа агәра агара ишаԥсам еиҳагьы избон. [...] Сгәы иаанагоит аеволиуциа агәра агаразы еиҳаны агәрахаҵара аҭахуп, Анцәа дшыҟоу агәра агара аасҭа» (Ентони).
ИЗЫЗХӘЫЦТӘУ
Аҵарауаа жәашықәсала аҭҵаарақәа шымҩаԥыргогьы, дара аеволиуциа аганахь ала еицырзеиԥшу алкаа рзыҟамҵеит. Аеволиуциа зегь раасҭа издыруазар зыхәҭоу аҵарауаа еиԥшу гәаанагарак рымамзар, агәра угар закәзеи уи уара?