Анапхгаратә хеилак аҟынтә асаламшәҟәы
«Шәара... арҵаҩра ус напашәыркуазар» шәыхәҭоуп (Аур. 5:12). Шәазхәыц! Жәҩантәылаҿы зегьы иреиӷьу арҵаҩы, Иегова, иара изку аҵабырг ауаа идҳарҵаларц ҳааиԥхьоит! Иегова изку аҵабырг ауаа дырҵара, уи иахьакәзаалакгьы, ҳҭаацәараҿы аума, аизараҿы аума, ма амаҵзураҿы ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп, насгьы аҭакԥхықәра ацуп. Иҳацхраауазеи қәҿиарала уи аус анагӡара?
Ари азҵаара аҭак апостол Павел Тимофеи иеиҳәаз ажәақәа рҿы иҳаԥшаауеит: «Аԥхьарақәа, амҩақәҵарақәа, аҵара дырҵарақәа урҿыз». Анаҩс иациҵеит: «Абас аиԥш ала уанныҟәа, ухгьы иузыӡырҩуагьы еиқәурхоит» (1 Тим. 4:13, 16). Уара ауаа рыԥсҭазаара еиқәзырхо ажәабжь удыруеит аҟынтә, уи рзеиҭауҳәалар ухәҭоуп. Убри аҟынтә аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара еиӷьутәлар ауп, уи даара ихадоуп. Ари аброшиура уи аҿы иуцхраауеит. Уазхәыц уи шеиқәыршәоу.
Аурокқәа зегьы рҿы иаагоу абиблиатә жәеинраалақәа иудырбоит аус зыдулатәу аурок иадҳәалоу апринципқәа, мамзаргьы аҿырԥштәы.
Иегова зегь иреиҳау Амҩақәҵаҩ иоуп (Ис. 30:20). Ари аброшиура ухы иархәаны аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара анеиӷьутәло, иухоумыршҭлан ауаа ирылоуҳәо ажәабжь Иегова ишитәу, насгьы иара шиакәу ауаа ааԥхьара рызҭо (Иоанн 6:44). Убри аҟынтә еснагь Анцәа уиҳәала иԥшьоу адоуҳа уиҭаларц. Анцәа Иажәа лассы-лассы ухы иархәала. Ажәабжь ззеиҭауҳәо ауаа уара уакәымкәа, Иегова изааигәахара шхадоу дырбала. Урыцхраала Иегова иахь абзиабара ӷәӷәа аизырҳара.
Уара алшара умоуп даараӡа акрызҵазкуа ажәабжь ауаа рзеиҭаҳәара. Агәра ганы ҳаҟоуп Анцәа имч уақәгәыӷлар, ақәҿиарақәа шумазаало (1 Пиотр 4:11).
Амаҵ уцызуа арҵаҩцәа,
Иегова ишаҳаҭцәа Рнапхгаратә хеилак