Атитулқәа
Ирыхәҭоума ақьырсианцәа адинхаҵара иадҳәалоу атитулқәа рхы иадырхәалар?
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы
Лк 18:18, 19. Иисус дшыбзиазгьы, «Арҵаҩ бзиа» ҳәа иарҳәаларц иҭахӡамызт. Иара иҳәеит Анцәа ида ибзиоу ҳәа аӡәгьы дшыҟам.
Избан ақьырсианцәа адинхаҵара иадҳәалоу атитулқәа изадмырхәо, иаҳҳәап, «аб» ма «арҵаҩы» ҳәа аӡәгьы изиарымҳәо?
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Мф 23:9—12. Иисус Христос иҳәеит «аб» ма «амҩақәҵаҩ» реиԥш иҟоу атитулқәа ауаа рхы иадырхәалар шрыхәҭам.
1Кр 4:14—17. Апостол Павел аӡәырҩы абык иеиԥш дшырзыҟазгьы, Абиблиаҿы џьаргьы иаҳәаӡом иара «аб Павел» ма даҽакала иарҳәон ҳәа.
Избан ақьырсианцәа дара дара аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳәа еибырҳәалар зрылшо, убас иагьеизыҟазар зыбзиоу?
Шәахәаԥш иара убас Аус 12:17; 18:18; Рм 16:1
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы
Мф 12:46—50. Иисус еилыкка иҳәеит иара ивагыланы Иегова имаҵ зуа ауаа иашьцәеи иаҳәшьцәеи шракәу.
Избан ақьырсианцәа аҳәынҭқарра анапхгаҩцәа, аӡбаҩцәа ма егьырҭ аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа ианрацәажәо, атитулқәа рхы иадырхәалар зрылшо?
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы
Аус 26:1, 2, 25. Апостол Павел аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа, иаҳҳәап, Агриппеи Фести, данрацәажәоз, урҭ ртитулқәа ихы иаирхәон.