АЦӘАЖӘАРА ШӘАЛАГА
АУРОК 6
Шәымшәаӡакәа ажәабжь бзиа шәҳәала
Абиблиатә принцип: «Анцәа агәымшәара ҳаиҭеит, иажәабжь бзиа шәзеиҭаҳҳәарц азы» (1 Фес. 2:2).
Иисус уи шыҟаиҵоз
1. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, мамзаргьы шәаԥхьа Лука 19:1—7. Анаҩс шәрызхәыц абарҭ азҵаарақәа:
Иисус иҿырԥшы иаҳнарҵо
2. Ауаа еилымхӡакәа зегьы ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәаразы агәымшәара аҭахуп.
Иисус шәиҿыԥшла
3. Иегова шәиқәгәыӷла. Иегова Иисус иԥшьоу адоуҳа ииҭон. Уи абзоурала Иисус гәымшәарала ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәон. Иегова иԥшьоу идоуҳа шәаргьы ишәиҭар илшоит (Матф. 10:19, 20; Лука 4:18). Ажәабжьҳәараҿы аӡәы иацәажәара шәзымгәаӷьуазар, Иегова агәымшәара шәиҭарц шәиҳәа (Аус. 4:29).
4. Ауаа еилышәымхлан. Иҟалап ҳара ҳшәозар ауаҩы иацәажәара, иаҳҳәап, иҭеиҭыԥш, иааникыло аҭыԥ, имоу-ихӡу, иԥсҭазаашьа, ма идинхаҵара зеиԥшроу анаҳбо. Аха ишәхашәмыршҭлан:
5. Аҳаҭырқәҵареи агәҽанызаареи аашәырԥшла (Матф. 10:16). Ауаҩы ажәа имашәымклан. Иара дышәзыӡырҩыр иҭахымзар, ма шәарҭарак шыҟоу жәбозар, патуқәҵарала шәеицәажәара хшәыркәша (Ажәам. 17:14).