Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 18

Сҽизыскрыма Анцәа, насгьы сыҽӡаасхрыма?

Сҽизыскрыма Анцәа, насгьы сыҽӡаасхрыма?

1. Иарбан зҵаароу шәара ишәызцәырҵыр алшо?

АРИ ашәҟәы аҟынтә шәара еилышәкааит Абиблиа иану еиуеиԥшым аҵабыргқәа. Иаҳҳәап, шәара еилышәкааит Анцәа наунагӡатәи аԥсҭазаара ҳшақәиргәыӷуа, еилышәкааит аԥсцәа рҭагылазаашьа иазку аҵабырг, насгьы Анцәа урҭ рыԥсы шҭеиҵо (Екклезиаст 9:5; Иоанн 5:28, 29; Аатра 21:3, 4). Иҟалап шәара Иегова ишаҳаҭцәа реизарақәа рахь аныҟәара шәалагахьазар, насгьы урҭ Анцәа игәы ишақәшәо еиԥш имаҵ шыруа агәра жәгазар (Иоанн 13:35). Иара убасгьы иҟалап шәара Иегова иҩыза шәакәхарц шәыӡбазар, насгьы имаҵ жәуларц шәҭаххазар. Убри аҟынтә шәхы шәазҵаауазар алшоит: «Иҟасҵар акәзеи уажәшьҭа Анцәа имаҵ зуларц азы?»

2. Избан ефиопиатәи ахаҵа аӡы иҽӡааихырц зиҭаххаз?

2 Уи аҩыза азҵаара Иисус ихаан Ефиопиа инхоз хаҵакгьы изцәырҵит. Уи ҟалеит Иисус иԥсы ҭаланы ажәҩан ахь данца ашьҭахь. Иисус иҵаҩы Филипп уи ахаҵа ажәабжь анизеиҭеиҳәоз, Иисус Мессиа шиакәу агәра ииргеит. Ефиопиатәи ахаҵа еиликааз игәаҵанӡа инеит аҟынтә, иаразнак иҳәеит: «Аа, абар, аӡы; иара абраҟа сӡаахзар замурызеи?» (Аусқәа 8:26—36).

3. а) Дҵас ириҭазеи Иисус иҵаҩцәа? б) Ишԥамҩаԥысуеи аӡӡаахра?

3 Абиблиаҿы еилыкка иануп Иегова имаҵ жәуларц шәҭахызар, аӡы шәыҽӡаашәхыр шакәу. Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Ажәларқәа зегьы Сара исҵаҩцәаны иҟашәҵа... иӡаашәхла» (Матфеи 28:19). Иисус ихаҭагьы аӡы иҽӡааихит, уи ала аҿырԥшы ҳаиҭеит. Иара баша ихы аӡы ақәрымҭәаӡеит, аха ихыҵәартә еиԥш дӡааршьит (Матфеи 3:16). Иахьагьы ақьырсианцәа рҽанӡаархуа аӡы рхыҵәар ауп.

4. Еилыркаауазеи ауаа аӡы шәҽанӡаашәхуа?

4 Аӡы шәҽанӡаашәхуа ауаа еилыркаауеит Анцәа иҩыза шәакәхарц, насгьы имаҵ жәуларц шышәҭаху (Аԥсалом 40:7, 8). Нас иҟаҵатәузеи аӡы шәыҽӡаашәхырц азы?

АДЫРРЕИ АГӘРАХАҴАРЕИ ЕИЗЫРҲАТӘУП

5. а) Иҟаҵатәузеи аӡы шәыҽӡаашәхаанӡа? б) Изхадоузеи ақьырсиантә еизарақәа рҭаара?

5 Аӡы шәыҽӡаашәхаанӡа Иеговеи Иисуси ирызку адыррақәа еизшәырҳароуп. Абиблиа аҵара шәаналага, шәара урҭ адыррақәа шәоуа шәалагеит. (Шәаԥхьа Иоанн 17:3.) Аха уи азхаӡом. Абиблиа иануп ҳара Иегова игәаԥхара инарҵауланы еилаҳкаалар шҳахәҭоу (Кәаласаа рахь 1:9, АдҾ). Иегова ишаҳаҭцәа реизарақәа Иеговеи шәареи шәеиҩызара арӷәӷәара ишәыцхраауеит. Убри азоуп урҭ еснагь рҭаара зхадоу (Ауриацәа рахь 10:24, 25).

Аӡы шәыҽӡаашәхаанӡа Абиблиа ҭышәҵаалар ауп

6. Шаҟа ибзианы ижәдырыр акәзеи Абиблиа аӡы шәыҽӡаашәхаанӡа?

6 Ҳәарада, Иегова дазыԥшӡам шәара аӡы шәыҽӡаашәхаанӡа Абиблиа ахы инаркны аҵыхәанӡа ишәҵоит ҳәа. Иара уи дазыԥшӡамызт аӡы зыҽӡаазхырц зҭаххаз ефиопиатәи ахаҵа иҟынтәгьы (Аусқәа 8:30, 31). Ҳара наӡаӡа ҳанынхалогьы Анцәа изкны еилаҳкааша рацәахоит (Екклезиаст 3:11). Аха аӡы шәыҽӡаашәхырц азы ихадоу абиблиатә ҵарақәа жәдыруазароуп, насгьы урҭ шәрықәшаҳаҭзароуп (Ауриацәа рахь 5:12).

7. Хәарҭас ишәзаанагазеи Абиблиа аҵара?

7 Абиблиаҿы иануп: «Хаҵарада Анцәа уигәаԥхартә аиԥш аҽыҟаҵара — изымуа усуп» (Ауриацәа рахь 11:6). Ус анакәха, аӡы шәыҽӡаашәхаанӡа шәара агәрахаҵара еизшәырҳароуп. Абиблиаҿы иануп ажәытәтәи ақалақь Коринф инхоз шьоукы Иисус иҵаҩцәа ирҳәоз анраҳа, «Иҳақәиҭу дазхарҵеит, рыҽӡаархит» ҳәа (Аусқәа 18:8). Абиблиа аҵара абзоурала шәаргьы Анцәа иқәыргәыӷрақәа шынаӡо агәра жәгеит, насгьы Иисус иԥсы ахьҳахҭниҵаз абзоурала агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳаур шҳалшо хашәҵеит (Иисус Навин 23:14; Аусқәа 4:12; 2 Тимофеи иахь 3:16, 17).

АҴАБЫРГ ЕГЬЫРҬ ИРЗЕИҬАШӘҲӘАЛА

8. Ишәгәазырԥхар алшозеи еилышәкаауа егьырҭ рзеиҭаҳәара?

8 Абиблиа иану еиҳаны еилышәкаацыԥхьаӡа, насгьы еилышәкаауа ахәарҭа шышәзаанаго жәбацыԥхьаӡа, шәыгәрахаҵара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахалоит. Усҟан еилышәкаауа егьырҭ ирзеиҭашәҳәаларц шәҭаххоит (Иеремиа 20:9; 2 Коринфаа рахь 4:13). Аха иззеиҭашәҳәалар шәылшода уи?

Агәрахаҵара шәгәазҭанаҵозар ауп зыгәра жәго егьырҭгьы рзеиҭаҳәара

9, 10. а) Иззеиҭашәҳәалар шәылшода Абиблиа аҟынтә еилышәкаауа? б) Иҟашәҵар акәзеи аизара аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжь рыцышәҳәаларц шәҭахызар?

9 Иҟалап шәара еилышәкааз шәҭынхацәеи, шәҩызцәеи, шәгәылацәеи, аус шәыцызуеи ирзеиҭашәҳәарц шәҭаххар. Уи бзиоуп, аха ишәхашәмыршҭлан уи еснагь хаала ишыҟаҵалатәу. Ԥыҭрак ашьҭахь шәара ишәылшоит аизара аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжьҳәара шәрыццалар. Уи аус шәазхиоуп ҳәа шәгәы иаанагозар, Абиблиа шәзырҵо ауаҩы иашәҳәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжьҳәара шәрыццалар шышәҭаху. Абиблиа шәзырҵо ауаҩы ажәабжьҳәара шәазхиоуп ҳәа иԥхьаӡозар, насгьы шәара Абиблиа ишану шәынхозар, иареи шәареи аизара аиҳабацәа шәрыдҵаалар шәылшоит.

10 Уи аиԥылараҿы аизара аиҳабацәа шәацәажәоит. Дара ирбароуп шәара ихадоу абиблиатә ҵарақәа шеилышәкаауа, урҭ шәышрықәшаҳаҭу, Абиблиа иану инақәыршәаны шәшынхо, насгьы Иегова ишаҳаҭ шәакәхарц шышәҭахыҵәҟьоу. Аизара аиҳабацәа аизара зегьы бзиа ирбоит, шәаргьы уахь шәналаҵаны. Убри аҟынтә урҭ рыцәшәара аҭахӡам (Аусқәа 20:28, АдҾ; 1 Пиотр 5:2, 3). Уи аиԥылара ашьҭахь аизара аиҳабацәа ишәарҳәоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәрыцны ажәабжь аҳәара шәылшоу-ишәылымшоу.

11. Избан аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжь рыцҳәара шәалагаанӡа шәыԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа ҟашәҵар зшәыхәҭоу?

11 Аизара аиҳабацәа ишәарҳәар ҟалоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжь рыцҳәара шәалагаанӡа иҵегь шәҽышәыԥсахыр шәыхәҭоуп ҳәа. Избан урҭ аԥсахрақәа рыҟаҵара убас изхадоу? Избанзар ауаа Анцәа иӡбахә анырзеиҭаҳҳәо, ихаҭарнакцәа реиԥш имаҵ ҳуеит, убри аҟынтә ҳаԥсҭазаашьа иара дҳаранаклароуп (1 Коринфаа рахь 6:9, 10; Галаҭаа рахь 5:19—21).

ШӘЫГӘНАҲАҚӘА ШӘРЫХЬХӘЫ, ИААНШӘЫЖЬ

12. Избан ауаа зегьы рыгәнаҳақәа ирыхьхәыр зрыхәҭоу?

12 Аӡы шәыҽӡаашәхаанӡа ихадоу даҽа шьаҿак ҟашәҵароуп. Апостол Пиотр иҳәеит: «Шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәы, иааншәыжь, урҭ шәанажьхарц азы» (Аусқәа 3:19, АдҾ). Иаҳҳәап, уаанӡа шәара ацәеижьтә еизааигәахара иазку Анцәа изакәан инақәыршәаны шәнымхозҭгьы, уи шәахьхәыроуп. Аӡәы ацәгьара изыжәухьеит ҳәа шәыҟамзаргьы, ишәхашәмыршҭын ауаа зегьы агәнаҳа ишаҵоу, убри аҟынтә шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәыроуп, насгьы Анцәа урҭ шәанаижьырц шәиҳәароуп (Римаа рахь 3:23; 5:12).

13. Иаанагозеи «ааныжьра»?

13 Аха иазхома иҟашәҵахьаз ацәгьарақәа рыхьхәра мацара? Мап. Апостол Пиотр иара убас иҳәеит шәыгәнаҳақәа «ааншәыжь» ҳәа. Иаанагозеи уи? Шәара шәызҿыз ииашам аусқәа ааныжьны ииашаны ахымҩаԥгара шәалагароуп. Уи еиӷьны еилаҳкаарц азы ҳазхәыцып ҿырԥштәык. Шәхаҿы иаажәг ахаан шәахьыҟамыз ҭыԥк ахь ныҟәара шәцазшәа. Шәышнеиуаз еилышәкааит шәызну амҩа шиашам. Иҟашәҵозеи шьҭа? Ҳәарада, шәныҟәашәа шәырмаҷуеит, шәаангылоит, насгьы уи амҩа ааныжьны ииашоу амҩа шәанылоит. Убас еиԥш Абиблиа анҭышәҵаауа еилышәкаар ауеит ишәымоу шьцыларақәак, мамзаргьы иҟашәҵо акы шиашам. Ус акәзар, аҽыԥсахра шәазхиаз, уаанӡа иҟашәҵоз ааншәыжь, насгьы ииашаны ахымҩаԥгара шәалага.

АНЦӘА ШӘҼИЗЫШӘК

Ажәа ишәҭама Иегова имаҵ шыжәуло ала?

14. Иҟашәҵар акәзеи Анцәа шәҽизышәкырц азы?

14 Аӡы шәыҽӡаашәхаанӡа шәара иара убас Иегова шәҽизышәкроуп. Иегова шәҽизышәкырц азы иара шәиҳәар ауп. Шәаниҳәо ажәа ишәҭоит иара заҵәык имаҵ шыжәуло, насгьы игәаԥхара анагӡара шәыԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ишыхадахо (Ҩынтәзакәан 6:15).

15, 16. Игәазҭазҵозеи ауаҩы иԥсҭазаара Анцәа изкра?

15 Ауаҩы аҭаацәара даналало иԥсы ахьынӡаҭоу иҩыза дышицынхало ала ажәа ииҭоит. Убри диҿҳарԥшыр ауеит Иегова уара заҵәык умаҵ зулоит ҳәа ажәа изҭо ауаҩы. Иаҳҳәап, арԥыс аӡӷаб лабадырра далагоит. Иара уи деиликаацыԥхьаӡа еиҳагьы бзиа дибоит, ԥҳәысс дигарцгьы иҭаххоит. Уи аҭакԥхықәра ду иднаҵоит, аха иара уи ихахьы агара дазхиоуп, избанзар бзиа дибоит.

16 Иегова деилышәкаацыԥхьаӡа иара иахь шәыбзиабара ӷәӷәахалоит, насгьы имаҵ ауразы ишәылшо зегь ҟашәҵаларц шәҭаххоит. Убри аҟынтә Иегова имаҵ шыжәуло ала ажәа ишәҭарц шәыӡбоит. Абиблиаҿы иануп Иисус иҵаҩны аҟалара зҭаху ауаҩы ихы мап ацәикроуп ҳәа (Марк 8:34). Иаанагозеи уи? Уи иаанагоит Иегова ииҳәо шәыԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ишхадахо. Иегова ииҭаху аҟаҵара еиҳа ихадоуп ишәҭаху аҟаҵареи шәхықәкқәа рынагӡареи аасҭа. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 4:2.)

АГХА ШӘЫХЬЫР ҲӘА ШӘЫМШӘАН

17. Избан шьоукы Анцәа рҽизыркырц зырҭахым?

17 Шьоукы Иегова рҽизыркӡом, избанзар ирҭо ажәа рзынамыгӡар ҳәа ишәоит. Дара Иегова игәы идырхьыр рҭахӡам. Егьырҭ ргәы иаанагоит Анцәа рҽизырымкхьазар иара иҿаԥхьа аҭакԥхықәра рыдым ҳәа.

18. Ишәыцхраауазеи, Иегова игәы иақәшәо шәзыҟаҵом ҳәа шәшәозар?

18 Иегова бзиа дыжәбозар, игәы иақәшәо шәзыҟаҵом ҳәа шәшәозаргьы, уи ашәара шәаиааиуеит. Абзиабара шәгәазҭанаҵоит Анцәа ишәҭаз ажәа нашәыгӡарц азы ишәылшо зегь аҟаҵара (Екклезиаст 5:4; Кәаласаа рахь 1:10). Иегова игәаԥхара анагӡара хьанҭацәоуп ҳәа шәхәыцлаӡом. Апостол Иоанн иҳәон: «Анцәа иахь иҳамоу абзиабара иҳәахьа ушазыҟоу ала иааԥшуеит; Уи иуасиаҭқәа рықәныҟәара иуадаҩу ак акәым» (1 Иоанн 5:3).

19. Избан Иегова иҽизкра шәацәымшәалар зшәыхәҭоу?

19 Иегова шәҽизышәкырц азы шәнаӡазар акәӡам. Иара иҳалымшо дазыԥшӡам (Аԥсалом 103:14). Уи адагьы, иара ииашаны ахымҩаԥгара дҳацхраалоит (Исаиа 41:10). Абиблиаҿы иануп: «Уиқәгәыӷла Иегова гәыкала... иаргьы умҩақәа ириашоит» (Ажәамаанақәа 3:5, 6).

АҼӠААХРА

20. Иарбан шьаҿоу шәзызхиазаауа Анцәа шәҽанизышәклак ашьҭахь?

20 Шәазхиоума шәара шәыԥсҭазаара Иегова изкра? Уи аныҟашәҵалак ашьҭахь анаҩстәи ашьаҿа — аҽӡаахра — шәазхиазаауеит.

21, 22. Ишԥашәылшо Анцәа имаҵ аура шышәҭаху зегьы идшәырбар?

21 Шәеизараҿы иҟоу аизара аиҳабацәа рхеилак акоординатор иашәҳәа Иегова шәыҽшизышәкыз, насгьы аӡы шәыҽӡаашәхырц шышәҭаху. Усҟан иара егьырҭ аизара аиҳабацәа ихадоу абиблиатә ҵарақәа шәыцеилдыргарц дрыҳәоит. Дара шәыхиоуп ҳәа рыԥхьаӡар, иааиуа аконгресс аҿы аӡы шәыҽӡаашәхыр шшәылшо шәарҳәоит. Аконгресс аҿы иҟалоит аӡӡаахра ҵакыс иамоу еиӷьны аилкаара ишәыцхраауа ажәахә. Уи ажәахә зҳәо аиашьа аҽӡаахра згәы иҭоу ҩ-зҵаарак риҭоит. Зегьы рҿаԥхьа имариоу урҭ азҵаарақәа рҭак аныҟашәҵо, Анцәа имаҵ аура шышәҭаху дшәырбоит (Римаа рахь 10:10).

22 Уажәшьҭа аҽӡаахра шәазхиоуп. Убри аҟынтә аӡы шәхыҵәартә еиԥш шәӡааршьуеит. Уи ала зегьы идшәырбоит Анцәа шәыҽшизышәкыз, насгьы Иегова ишаҳаҭцәа шәшыруаӡәкхаз.

ҴАКЫС ИАМОУЗЕИ АӠӠААХРА?

23. Иаанагозеи «Аби, Аԥеи, иԥшьоу адоуҳаи рыхьӡала» аҽӡаахра?

23 Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Шәца, ажәларқәа зегьы рҿы аҵаҩцәа азыҟашәҵала, Аби, Аԥеи, иԥшьоу адоуҳаи рыхьӡала аӡы иӡаашәхла» (Матфеи 28:19, АдҾ). Иаанагозеи Аби, Аԥеи, иԥшьоу адоуҳаи рыхьӡала аҽӡаахра? Уи иаанагоит Иегова имчра ҳаҭыр шақәышәҵо, Иисус Анцәа игәҭакаҿы ароль хада шынаигӡо шеилышәкаауа, насгьы Анцәа игәҭакы наигӡарц азы иԥшьоу идоуҳа ихы ишаирхәо агәра шыжәго (Аԥсалом 83:18; Матфеи 28:18; Галаҭаа рахь 5:22, 23; 2 Пиотр 1:21, АдҾ).

Аӡы шәҽанӡаашәхуа, Анцәа имаҵ жәуларц шышәҭаху аашәырԥшуеит

24, 25. а) Ҵакыс иамоузеи аӡӡаахра? б) Еилаҳкаауазеи аҵыхәтәантәи ахы аҟынтә?

24 Аӡӡаахра аҵакы ӷәӷәа амоуп. Аӡы шәанӡааршьуа, шәара уаанӡатәи шәыԥсҭазааразы шәшыԥсуа, мамзаргьы уи шааншәыжьуа, аашәырԥшуеит. Аӡы шәанҭырго, шәара Анцәа игәаԥхара анагӡаразы ҿыц анхара шәалагоит. Убри инаркны Иегова имаҵ шыжәуло аашәырԥшуеит. Ахаангьы ишәхашәмыршҭлан шәара ауаҩы, аорганизациа, мамзаргьы аусура шакәым шәҽыззышәкыз. Шәара шәҽыззышәкыз Анцәа Иегова иоуп!

25 Анцәа шәҽахьизышәкыз абзоурала, иареи шәареи шәеиҩызара ӷәӷәахоит (Аԥсалом 25:14). Аха уи иаанагаӡом ауаҩы дахьӡааху мацара азы деиқәхоит ҳәа. Апостол Павел иҳаиҳәеит ҳхы еиқәҳархарц азы иҟаҳҵалаша. Иара иҩуан: «Ҭакԥхықәрала, шәаӡыӡарала ишәылшо зегьы ҟашәҵала» (Филиппаа рахь 2:12). Аӡӡаахра — ари амҩа алагамҭоуп. Нас иҟашәҵар шәылшозеи Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәаларц азы? Аҵыхәтәантәи ахы аҟынтә шәара ари азҵаара аҭак еилышәкаауеит.