АШӘА 78
Анцәа Иажәа дҳарҵоит
-
1. Ҳазшаз дизылԥхоит, хымԥада,
Уи Иажәа дзырҵало.
Ҳаҭыр узақәҵар изакәан,
Иеиҳау насыԥ ҟалом.
Гәыблыла идирҵон Иисус,—
Ҳаиҿымԥшуеи зегь иара.
Изҵо зегь бзиа иаҳбалароуп,
Урҭ дхарҵаларц Анцәа.
-
2. Ирбароуп, ҳшыҟоу ҳгәы ҭыӷьӷьаа,
Ирбааит ҳа ҳқьиара.
Ауаа лашароуп идҳарбо,
Аҵабырг дырҵауа.
Ҳазхәыцны Ажәа ҳаԥхьалоит,—
Амал ҵәахуп убра.
Иреиӷьу ажәабжь жәлар ираҳҳәар,
Нас ҳбеиамхои ҳара.
-
3. Ҳаб иаҳҭаху зегь ҳаимҭои,
Уи Иажәа дҳарҵаларц.
Ҳаниҳәауа аҭак ҟаиҵоит,
Мҩа иаша ҳирбаларц.
Нцәа Иажәала ҳанхоит иахьа,
Ҳа ҳаҟоуп ажәабжь ҳҳәартә.
Иҭынчу ҳрыцхраауеит гәыблыла,
Христос иус наӡартә.
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 119:97; 2 Тим. 4:2; Тит 2:7; 1 Иоанн 5:14.)