АШӘА 60
Ажәабжь ауаа рыԥсҭазаара еиқәнархоит
(Иезекииль 3:17—19)
-
1. Аҵыхәтәа ааигәаӡоуп,
Иҭахуп Ҳазшаз иҳәар,
Иԥсы шеибакуа зны.
Иалшом ҿымҭӡакәа ҳнатәар.
АХАПА
Рыԥсы еиқәхоит урҭ аӡәырҩы,
Ҳаԥсы еиқәхоит ҳхаҭагьы,
Иахьабалак идҳарҳалар,
Анцәа ҳшизыӡырҩша зегьы.
Идҳарҳап.
-
2. Адунеи зегь иахьӡап
Ихадоу уи ааԥхьара,
Жәлар аҭынчра дырҳап,
Дрыԥшаауазар урҭ Анцәа.
АХАПА
Рыԥсы еиқәхоит урҭ аӡәырҩы,
Ҳаԥсы еиқәхоит ҳхаҭагьы,
Иахьабалак идҳарҳалар,
Анцәа ҳшизыӡырҩша зегьы.
Идҳарҳап.
АИАСЫРҬА
Ауаа зегь ираҳароуп
Агәырӷьажәабжь, дара еиқәхарц.
Ҳмаашьакәа урҭ ҳрызнеилап,
Анцәа иҵабырг дҳарҵаларц!
АХАПА
Рыԥсы еиқәхоит урҭ аӡәырҩы,
Ҳаԥсы еиқәхоит ҳхаҭагьы,
Иахьабалак идҳарҳалар,
Анцәа ҳшизыӡырҩша зегьы.
Идҳарҳап.
(Уахәаԥш иара убас 2 Аш. 36:15; Ис. 61:2; Иез. 33:6; 2 Фес. 1:8.)