Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 57

Ауаа зегьы ажәабжь рзеиҭаҳҳәоит

Ауаа зегьы ажәабжь рзеиҭаҳҳәоит

(1 Тимофеи иахь 2:4)

  1. 1. Анцәа ҳаиҿыԥшларц ауп ҳара ҳзышьҭоу,

    Ҳаргьы иа иеиԥш ауаа еилаҳамхроуп.

    Дара зыжәлазаалакгьы еиқәирхоит,

    Урҭ ааиԥхьоит, иԥҟарақәа дирҵоит.

    АХАПА

    Урызхьамԥшын ахаҿқәа,

    Ихадоуп еиҳа рыгәқәа,

    Дгьыл иқәынхо зегь ажәабжь раҳауеит.

    Ажәлар ҳрыцхраалар ҳҭахуп,

    Аҳәара ҳшаҿыц ҳаҿуп:

    «Дара Анцәа иҩызцәахар ауеит».

  2. 2. Усҟак ихадаӡам урҭ ахьынхо,

    Ианаҳбо раԥхьаӡа дара зеиԥшроу.

    Ҳазшаз уаҩы игәаҵоуп дызҭаԥшуа,

    Абзиа илоу аԥшаароуп дзышьҭоу.

    АХАПА

    Урызхьамԥшын ахаҿқәа,

    Ихадоуп еиҳа рыгәқәа,

    Дгьыл иқәынхо зегь ажәабжь раҳауеит.

    Ажәлар ҳрыцхраалар ҳҭахуп,

    Аҳәара ҳшаҿыц ҳаҿуп:

    «Дара Анцәа иҩызцәахар ауеит».

  3. 3. Аԥсҭазаарамҩа ҳадигалт Анцәа,

    Иаанҳажьроуп Аҩсҭаа идунеи иатәу.

    Ҳара еилаҳкааит ажәабжь аҵакы,

    Уи раҳҳәарц ҳашьҭоуп ажәларқәа зегьы!

    АХАПА

    Урызхьамԥшын ахаҿқәа,

    Ихадоуп еиҳа рыгәқәа,

    Дгьыл иқәынхо зегь ажәабжь раҳауеит.

    Ажәлар ҳрыцхраалар ҳҭахуп,

    Аҳәара ҳшаҿыц ҳаҿуп:

    «Дара Анцәа иҩызцәахар ауеит».