Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 130

Шәыгәнаҳақәа шәанеибажьла

Шәыгәнаҳақәа шәанеибажьла

(Аԥсалом 86:5)

  1. 1. Ҳаб Иисус дҳахҭниҵеит,—

    Иааирԥшит агәыбылра.

    Гәнаҳа иаҵаз Уи дырнышәеит,

    Иагьацәихьчеит урҭ аԥсра.

    Гәыла-ԥсыла ҳа ҳахьхәуазар,

    Ҭынчрак ҳаимҭои Ҳанцәа,

    Иисус ихьӡала иаҳмоури

    Ҳамҭас анажьра ҳара.

  2. 2. Ҳрыцҳаишьоит Иегова,

    Уаҩы ианажьра ҳҵалар,

    Аимак-аиҿак ҳацәцалозар,

    Гәаартылагьы ҳҟалар,

    Еизҳалар ҳабзиабара,—

    Иалшоит амҽхак ҭбаахалар,

    Пату рықәаҳҵалар ҳашьцәа,

    Ачҳарагьы ааҳарԥшлар.

  3. 3. Ҳарҭ Анцәа ҳаиҿыԥшроуп,

    Уи игәшаҭара ҳирбеит.

    Аԥсахеибакрагь аанҳажьроуп,

    Гәыла анажьра ҳаӡбеит.

    Ҳааннакылап гәрыцҳашьара,

    Жәала ргәы ҳамхәырц ауаа.

    Анцәа иеиԥш иранаҳажьлап,

    Ахынраалара аарԥшуа.

(Уахәаԥш иара убас Матф. 6:12; Еф. 4:32; Кәал. 3:13.)