АШӘА 1
Иегова иҟазшьақәа
-
1. Иуеиӷьу дҟалом, Иегова Ҳанцәа,
Ҳазшаз уара уоуп, алашарагь ҳзырбаз.
Шаҳаҭра руеит иушаз зегь умч иазкны,
Иԥгом адгьылгьы ажәҩангьы бзанҵы.
-
2. Иууеит аҳра, Ҳаб, уара иашала,
Иԥшьоу узакәан есымша ҳаццалап.
Ҳанаԥхьо Уажәа, уҟәышра ҳамбои,
Уи ҳабла хнакуеит, ҳагәгьы арԥхоит.
-
3. Абзиабароуп зегьы ирыцку,—
Иушеит адунеи, ҳамҭа шьахәла иҭәу.
Ҳарзышәаҳәап уҟазшьа ссирқәа, Ҳаб,
Нас ҳаигәырӷьан ухьыӡгьы ҳарҽхәап!
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 36:9; 145:6—13; Еккл. 3:14; Иак. 1:17.)