АҴАРАЗЫ АСТАТИА 9
АШӘА 51 Ҳаԥсҭазаара Анцәа изаҳкит!
Аамҭа мгаӡакәа аӡы шәыҽӡаашәх!
«Уззыԥшуи? Уҩагыланы аӡы уҽӡаах» (АУС. 22:16).
ЕИЛАҲКААУА
Самариааи, Савли, Корнилии, коринфааи аҽӡаахра ирыцхрааз, насгьы рҿырԥшы иаҳнарҵо.
1. Иарбан мзызқәоу аҽӡаахразы иҟоу?
БЗИА дыжәбома аҳамҭақәа рацәаны — аԥсҭазаарагьы уахь иналаҵаны — ишәызҭаз Иегова? Ишԥашәылшо бзиа дшыжәбо аашәырԥшыр? Зегь реиҳа еиӷьу — шәыԥсҭазаара изкны аҽӡаахра ауп. Убасҟан Иегова шәитәхоит, насгьы иҭаацәара шәахәҭакны шәҟалоит. Шәаб, насгьы Шәҩыза еснагь шәымҩақәиҵалоит, шәагьихьчалоит (Аԥсал. 73:24; Ис. 43:1, 2). Уи адагьы, шәыԥсҭазаара Анцәа изкны аӡы шәыҽӡаашәхыр, наӡаӡа анхаразы ашьаҭа ӷәӷәа змоу агәыӷра шәоуеит (1 Пиотр 3:21).
2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
2 Ишәԥырхагоузеи аҽӡаахра? Иҟалап шәхәыцшьеи шәхымҩаԥгашьеи шәыԥсахыр акәзар? Ус акәзар, шәара заҵәык шәакәӡам ус иҟоу. Миллионҩыла ауаа ари амҩа ианысхьеит. Дара рҽырыԥсахит, аӡгьы рыҽӡаархит. Уажәы игәырӷьаҵәа Иегова имаҵ руеит. Шәааи актәи ашәышықәсазы аӡы зыҽӡаазхыз рҟынтә шьоукы ҳрабадырып. Ҳара еилаҳкаауеит урҭ зықәшәоз ауадаҩрақәа зеиԥшраз, насгьы рҿырԥшы иаҳнарҵар алшо.
САМАРИАА АӠЫ РЫҼӠААРХИТ
3. Ирԥырхагахар алшози самариаа аҽӡаахра?
3 Иисус ихаан самариаа ҳәа изышьҭаз ауаа Самариеи Иуда аҩадахьы ишьҭаз ажәытә қалақь Шехеми иҟаз асекта иалаз ракәын. Иҟарҵар рыхәҭази самариаа аӡы рыҽӡаархырц азы? Зегь раԥхьаӡа иргыланы Анцәа Иажәа ахы инаркны аҵыхәанӡа ирыдыркылар акәын, избанзар дара Анцәа идоуҳала иҩуп ҳәа ирыԥхьаӡоз Абиблиа раԥхьатәи хә-шәҟәык (Аҟазаара инаркны Ҩынтәзакәан аҟынӡа) ракәын. Иҟалап Иисус Навин ишәҟәгьы агәра ргозҭгьы. Ус ишыҟазгьы, дара Мессиа иаара иазыԥшын, избанзар Ҩынтәзакәан 18:18, 19 иану Анцәа иқәыргәыӷра агәра ргон (Иоанн 4:25). Аха аӡы рыҽӡаархырц азы Иисус иззыԥшыз Мессиа шиакәыз агәра ргар акәын. Урҭ рҟынтә аӡәырҩы уи агәра ргеит (Иоанн 4:39). Самариаа шьоукы ауриацәа атәарбаӡомызт, уи аҿгьы рҽырыԥсахыр акәын (Лука 9:52—54).
4. Аусқәа 8:5, 6, 14 рҿы иану инақәыршәаны, ишԥақәҿырҭи самариаа шьоукы Филипп ирзеиҭеиҳәаз ажәабжь?
4 Ирыцхраазеи самариаа аӡы аҽӡаахра, ирԥырхагаз шыҟазгьы? Филипп урҭ Христос иӡбахә анырзеиҭеиҳәа, урҭ рҟынтә шьоукы Анцәа иажәа рыдыркылеит. (Шәаԥхьа Аусқәа 8:5, 6, 14.) Дара ажәабжь рзеиҭазҳәаз дахьауриаз иамыхәаԥшӡеит. Иҟалап иргәалашәазар Ҩынтәзакәан 10:17—19 аҿы Анцәа ауаа шеилимхуа шану. Ишыҟазаалакгьы, самариаа рлымҳа кыдҵаны Филипп изыӡырҩуан, насгьы уи Анцәа дшааишьҭыз агәра ргеит. Уи адагьы, Филипп ирацәаны аџьашьахәқәа ҟаиҵон, иаҳҳәап, ичмазаҩыз ихәышәтәуан, насгьы адемонцәа зхаԥаны иҟаз ауаа урҭ рхицон (Аус. 8:7).
5. Ишәнарҵозеи самариаа рҿырԥшы?
5 Филипп дауриан. Ауаа идирҵоз самариаа рзы иҿыцыз ак акәын. Уи зегьы Христос иҵаҩцәаны иҟаларц азы ирԥырхагахар ауан. Аха дара уи иааннамкылаӡеит. Самариаа Филипп идирҵоз шҵабыргыз анеилыркаа, аамҭа мгаӡакәа аӡы рыҽӡаархит. Абиблиаҿы иануп: «Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиеи Иисус Христос иӡбахәи рзеиҭазҳәоз Филипп иреиҳәоз агәра анырга, ахацәагьы аҳәсагьы аӡы рыҽӡаархит» (Аус. 8:12). Ишәҳәар шәылшозеи шәхазы? Агәра жәгома Анцәа Иажәа шҵабыргу? Игәашәҭама, Иоанн 13:35 аҿы Иисус ишиҳәаз еиԥш, Иегова ишаҳаҭцәа абзиабара шрыбжьоу? Ааи акәзар, шәымшәаӡакәа аӡы шәыҽӡаашәхыр шәылшоит. Агәра ганы шәыҟаз Иегова дшышәзылԥхо.
6. Ишәнарҵозеи Рубен иҿырԥшы?
6 Германиа инхо Ру́бен Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәараҿы изҳаит. Аха данхбыџха, Иегова дыҟаҵәҟьоума ҳәа длакҩакуа далагеит. Иҟаиҵеи иара? Адырра шизымхо анеиликаа, уи атема ҭиҵаарц иӡбеит. Иара иҳәоит: «Сара аҭҵаара мҩаԥызгеит. Аеволиуциа иазку атема зныкымкәа-ҩынтәымкәа иҭысҵаар акәхеит». Рубен «Существует ли заботливый Творец?» захьӡу ашәҟәы даԥхьеит. Уи игәаҵанӡа инеит. Иара дхәыцит: «Оҳо! Иегова дыҟаҵәҟьазаап!» Рубен адунеизегьтәи ихадоу аусбарҭахь данца, еиҳа еиӷьны еиликааит акзаара зыбжьоу адунеизегьтәи аиашьара ахьҳамоу шџьашьахәу. Германиаҟа даныхынҳә, аӡы иҽӡааихит. Усҟан иара 17 шықәса ихыҵуан. Шәаргьы Анцәа, Абиблиа, мамзаргьы абиблиатә ҵарақәа ирызкны зҵаарақәак шәымазар, ҳпубликациақәа шәхы иархәаны аҭҵаара мҩаԥыжәга. Ииашоу адыррақәа агәыҩбара аиааира ишәыцхраауеит (Еф. 4:13, 14). Иара убас шәеизараҿгьы, адунеи зегь аҿгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи гәыкала ишеицхыраауа гәашәҭала. Убасҟан еилышәкаауеит Иегова имаҵзуҩцәа ирыбжьоу абзиабареи акзаареи акы ишузадымкыло.
САВЛ АӠЫ ИҼӠААИХИТ
7. Ишԥеиԥсахыр акәыз Савл ихәыцшьа?
7 Ҳахәаԥшып Тарс иатәыз Савл иҿырԥшы. Иара аҵара ду иман, насгьы еицырдыруаз аҭаацәара далҵит (Гал. 1:13, 14; Флп. 3:5). Усҟантәи аамҭазы ауриацәа аӡәырҩы ақьырсианцәа аҵабырг иацәхьаҵыз реиԥш ирыхәаԥшуан, Савлгьы ус ихәыцуаз дыруаӡәкын. Иара гәымбылџьбарала ақьырсианцәа дрышьҭашәарыцон, избанзар убасала Анцәа ииҭаху ҟаиҵоит ҳәа игәы иаанагон (Аус. 8:3; 9:1, 2; 26:9—11). Савл иҽӡааихырц азы ихәыцшьа шьаҭанкыла иԥсахыр акәын. Иара ақьырсианцәа ирышьҭашәарыцоз иԥагьаз уаҩын, уажәшьҭа изышьҭашәарыцало иатәарымбало қьырсианны дҟалар акәын.
8. а) Ицхраазеи Савл аҽӡаахра? б) Дышԥаицхрааи Ананиа Савл? (Аусқәа 22:12—16). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
8 Ицхраазеи Савл иԥырхагаз даиааины аҽӡаахра? Иисус ажәҩан аҟынтә Савл диацәажәеит. Убасҟан Савл иҿаҷҷаз алашара дарлашәит (Аус. 9:3—9). Хымш рыҩныҵҟа иара дычгон, иҟалап дзықәшәаз дазхәыцуазҭгьы. Савл еиликааит Иисус Мессиа шиакәу, ишьҭанеицәа иныҟәырго адинхаҵарагьы шиашоу. Стефан даныршьуаз иаргьы уи дшалахәыз анигәалашәоз, дыԥхашьаны дыԥсуазҭгьы ҟаларын (Аус. 22:20). Хымш рышьҭахь Ананиа зыхьӡыз Иисус иҵаҩы Савл иахь днеин, хаала диацәажәеит. Ананиа Савл дихәышәтәит, аӡы иҽӡааихырцгьы игәазҭеиҵеит. (Шәаԥхьа Аусқәа 22:12—16.) Савл ахынраалара аарԥшны Ананиа ицхыраара идикылеит, иагьҽӡааихит. Убас Савл ақьырсиантә мҩа данылеит (Аус. 9:17, 18).
9. Ишәнарҵозеи Савл иҿырԥшы?
9 Савл иҿырԥшы иаҳнарҵо рацәоуп. Аԥагьареи ауаа рҿаԥхьа ашәареи аҽӡаахра иԥырхагахар алшон. Аха иара Христос дишьҭаланы дцаларц азы ахынраалара аарԥшны иԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа ҟаиҵеит (Аус. 26:14, 19). Савл еиликаауан ақьырсианра идикылар, ишишьҭашәарыцало, аха уи дааннамкылаӡеит (Аус. 9:15, 16; 20:22, 23). Аӡы иҽанӡааих ашьҭахь ауадаҩрақәа данрықәшәоз, еснагь Иегова диқәгәыӷуан (2 Кор. 4:7—10). Шәҽанӡаашәхлак ашьҭахь иҟалап шәаргьы аԥышәарақәа шәрықәшәар. Аха агәра ганы шәыҟазар шәылшоит шәзықәшәозаалакгьы, Анцәеи Христоси шшәыцхраало (Флп. 4:13).
10. Ишԥашәыцхраауеи Анна лыхҭыс?
10 Анна диит Мрагыларатәи Европа, акурдцәа рҭаацәараҿы. 9 шықәса анылхыҵуаз лан Иегова ишаҳаҭ лакәны дҟалеит. Анна лаб азин лиҭеит ларгьы Абиблиа лҵаларц. Аха ҩнаҭак аҿы ирыцынхоз рҭынхацәа уи ргәамԥхаӡеит. Дара Анна «бабацәа-бабдуцәа рдин кажьны бызҿу закәи, ҳбырԥхашьоит» ҳәа ларҳәон. 12 шықәса анылхыҵуаз Анна лаб диҳәеит лыҽӡаалхырц азин лиҭарц. Иара длазҵааит лхала илыӡбоу, мамзаргьы аӡәы илеиҳәоу ҳәа? Лара илҳәеит: «Сара Иегова бзиа дызбоит». Усҟан лаб аӡы лыҽӡаалхырц азин лиҭеит. Аӡы лҽанӡаалх ашьҭахьгьы лҭынхацәа шылхыччац илхыччон. Лабду ус леиҳәеит: «Урҭ ауаа брыцлар аасҭа, блаԥслар, аҭаҭынгьы бахалар еиҳа еиӷьын». Илыцхрааи Анна? Лара илҳәоит: «Иегова амч сиҭеит. Сангьы сабгьы сыцхраауан». Анна Иегова дышлыцхраауаз ахьанылҵо атетрад лымоуп. Иегова дышлыцхраахьоу лгәалалыршәарц азы зны-зынла уи деиҭаԥхьоит. Ашьҭашәарыцарақәа шәрыцәшәозар, ишәхашәмыршҭлан Иегова ахаан цхыраарада шәшаанимыжьуа (Аур. 13:6).
КОРНИЛИ АӠЫ ИҼӠААИХИТ
11. Иԥырхагахар алшози Корнили аҽӡаахра?
11 Иара убас Абиблиаҿы Корнили иӡбахә ануп. Иара дцентурионын — 100-ҩык рҟынӡа инаӡоз римтәи ар дахагылан (Аус. 10:1). Корнили убри аҩыза аҭыԥ ду ахьааникылоз абзоурала аруаагьы егьырҭ ауаагьы пату иқәырҵозҭгьы ҟаларын. Иара «иӷарыз дрыцхраауан» (Аус. 10:2). Иегова иҭахын Корнили ажәабжь бзиа иаҳарц, убри аҟынтә апостол Пиотр дизынаишьҭит. Аха иҭаххома Корнили иԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа рыҟаҵара? Иҭыԥ ицәыӡыр ҳәа дымшәаӡои?
12. Ицхраазеи Корнили аҽӡаахра?
12 Ицхраазеи Корнили иԥырхагаз даиааины аҽӡаахра? Абиблиаҿы иануп «Корнили иҭаацәагьы иаргьы Анцәа имҵахырхәон» ҳәа. Иара еснагь Анцәа диҳәон (Аус. 10:2). Пиотр Абиблиа иану ажәабжь бзиа анизеиҭеиҳәа, Корнили иҭынхацәеи иҩызцәа гәакьақәеи иареи Христос дхарҵеит, насгьы иаразнак аӡы рыҽӡаархит (Аус. 10:47, 48). Ишаҳбо еиԥш, Корнили иҭынхацәеи иареи Иегова имаҵ руларц азы иԥсҭазаара аԥсахра дазхиан (Иис. Н. 24:15; Аус. 10:24, 33).
13. Ишәнарҵозеи Корнили иҿырԥшы?
13 Корнилигьы Савл иеиԥш пату зқәыз аӡә иакәын. Аха иаргьы уи аҽӡаахра иԥырхагамхаӡеит. Иҟалап шәқьырсианхарц азы шәаргьы шәыԥсҭазаара шьаҭанкыла ишәыԥсахыр акәзар. Ишәхашәмыршҭын Иегова дышшәыцхраауа. Абиблиатә принципқәа рыла анхара шәыӡбар, Анцәа дышәзылымԥхар иуӡом.
14. Ишәнарҵозеи Цуиоси иҿырԥшы?
14 Иапониа инхо Цуио́си иҽӡааихырц азы иусура иадҳәалаз ԥсахрақәак ҟаиҵар акәын. Иара ашәҭқәа ирылхны акомпозициақәа рыҟаҵара ахьудырҵо ахьӡ ду змоу ашкол аҿы адиректор ицхырааҩыс дыҟан. Ашкол адиректор аԥсыжрақәа рзы ашәҭшьыҵәрақәа еиқәиршәон, насгьы уаҟа абуддизм иадҳәалоу ақьабзқәа иҽрылаирхәуан. Данзымцоз, иҭыԥан Цуиоси дишьҭуан. Аха ԥыҭрак ашьҭахь Цуиоси иԥсхьоу рҭагылазаашьа зеиԥшроу еиликааит. Убасҟан иара еиликааит иҽӡааихырц азы адинхаҵара иадҳәалоу ақьабзқәа дырҟәаҵыр шихәҭоу (2 Кор. 6:15, 16). Цуиоси ашкол адиректор аусура дамихуеит ҳәа игәы иаанагон, аха уеизгьы диацәажәеит. Иалҵшәахазеи уи? Иеиҳабы игәаанагара пату ақәиҵеит, насгьы урҭ ақьабзқәа уаҳа иҽрылаимырхәлар шилшо иеиҳәеит. Цуиоси Абиблиа аҵара даналага ашьҭахь шықәсык анҵы, аӡы иҽӡааихит a. Иҟалап шәыҽӡаашәхырц азы шәаргьы шәусура иадҳәалоу ԥсахрақәак ҟашәҵар акәзар. Агәра ганы шәыҟаз Иегова шәҭаацәарагьы шәаргьы дышшәыцхраауа (Аԥсал. 127:2; Матф. 6:33).
КОРИНФАА АӠЫ РЫҼӠААРХИТ
15. Ирԥырхагахар алшози коринфаа аҽӡаахра?
15 Ажәытәан Коринф инхоз ауаа зхымҩаԥгашьа цқьам, амал бзиа избо ҳәа еицырдыруан. Анцәа уа инхоз аӡәырҩы ауаа рхымҩаԥгашьа игәаԥхаӡомызт. Ҳәара аҭахума, ус еиԥш иҟоу ауаа уанрыланхо, ажәабжь бзиа адкылара мариаӡам. Аха апостол Павел коринфаа ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәон, урҭ рҟынтә аӡәырҩы «ахаҵара иалаган, аӡы рыҽӡаархит» (Аус. 18:7—11). Анаҩс Иҳақәиҭу Иисус Христос Павел аԥхыӡ аҿы еиԥш дизнеин, ус иеиҳәеит: «Сара ари ақалақь аҿы ирацәаҩны ауаа сымоуп». Убри аҟынтә Павел шықәсыки бжаки Коринф дыҟан.
16. Ирыцхраазеи коринфаа аҽӡаахра? (2 Коринфаа 10:4, 5).
16 Ирыцхраазеи коринфаа ирԥырхагаз иаиааины аҽӡаахра? (Шәаԥхьа 2 Коринфаа 10:4, 5.) Анцәа Иажәеи амч ду змоу иԥшьоу адоуҳаи коринфаа аҽыԥсахра ирыцхрааит (Аур. 4:12). Урҭ рыбжьара иҟан аҩы зҽазыршьуаз, иӷьычуаз, насгьы ахацәа ирыцышьҭалоз ахацәа. Аха Христос изку ажәабжь гәыкала ианрыдыркыла, рыԥсҭазаашьа ԥсахны аӡы рыҽӡаархит (1 Кор. 6:9—11) b.
17. Ишәнарҵозеи коринфаа рҿырԥшы?
17 Коринфаа рҟынтә шьоукы ирылаҽны иҟаз ашьцыларақәа ириааир акәын, аха уи рымч ақәхаӡом ҳәа ргәы иаанагаӡомызт. Дара рыҽӡаархырц рҭахын, убри аҟынтә аџьабаа абара иазхиан. Уи абзоурала наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго иҭшәоу амҩа ианылеит (Матф. 7:13, 14). Иҟалап шәыҽӡаашәхырц азы шәаргьы шәҽышәыԥсахыр ахьшәыхәҭоу рацәазар. Шәгәы кашәмыжьын! Иегова иԥшьоу идоуҳа шәиҭарц шәиҳәала. Уи ацхыраарала иҽеим агәаҳәарақәа рҿагылара шәылшоит, урҭ иагьа иӷәӷәазаргьы.
18. Ишәнарҵозеи Моника лҿырԥшы?
18 Абар Қырҭтәыла инхо Мо́ника лыхҭыс. Данхбыџыз лара ажәа ҟьашьқәа лҳәон, ақьырсианцәа ирыхәҭам ашәақәа дырзыӡырҩуан, насгьы афильмқәа дрыхәаԥшуан. Лыҽӡаалхырц азы дызҿыз даҟәыҵыр акәын. Имариаӡамызт, аха лара уи лылшеит. Моника илгәалашәоит: «Анцәа иҳәара амч ду снаҭон. Иегова ибон есымша ииашаны схы мҩаԥызгаларц шысҭахыз, убри аҟынтә еснагь дсыцхраауан, сагьымҩақәиҵон». Моника 16 шықәса анылхыҵуаз лыҽӡаалхит. Ишәымоума Иегова иргәырӷьара ишәԥырхагоу ашьцыларақәа? Ишәымазар, Иегова шәиҳәала аҽыԥсахра дшәыцхраарц. Иара иԥшьоу адоуҳа рацәаны ишәиҭоит (Иоанн 3:34).
АХАҴАРА АШЬХАҚӘА РЕИҬАГАРА ИШӘЫЦХРААУЕИТ
19. Ишәыцхраауазеи, инықәырԥшны иуҳәозар, ашьхақәа реиҭагара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
19 Ахаан ишәхашәмыршҭын Иегова бзиа шәшибо, иҭаацәара шәахәҭакхарцгьы шиҭаху. Иҟалап аҽӡаахра шәымч зқәымхо акоуп ҳәа шәгәы иаанагозар. Аха Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Шәхаҵара ажәла сса иаҟаразаргьы, абри ашьхахь шәхы рханы, „уеиҭаҵ“ ҳәа шәҳәар, еиҭаҵуеит, ишәылымшо ҳәагьы акгьы ҟалаӡом» (Матф. 17:20). Урҭ ауаа Христос ишьҭанеиуеижьҭеи шықәсқәак ракәын иҵуаз, рхаҵарагьы уиаҟара иӷәӷәаӡамызт. Убри аҟынтә рхаҵара иҵегьы идырӷәӷәалар акәын. Иисус урҭ агәра диргеит рхаҵара дырӷәӷәар, Иегова урҭ рыуадаҩрақәа зегь риааира дышрыцхраауа, инықәырԥшны иуҳәозар, ашьхақәа реиҭагара дышрыцхраауа. Агәра ганы шәыҟаз Иегова шәаргьы дышшәыцхраауа!

Иегова бзиа уибоит, иҭаацәара уахәҭакны уҟаларцгьы иҭахуп. (Шәахәаԥш абзац 19.) c
20. Шәгәы зызҭанаҵазеи ари астатиаҿы еилҳаргаз Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥшы?
20 Аҽӡаахра ишәԥырхагоу еилышәкаазар, уи шәаиааирц азы, аамҭа мгакәа шәхы аус адулара шәалага! Актәи ашәышықәсазы инхоз, насгьы иахьа инхо Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥшы шәазхәыцла. Урҭ шәгәы шьҭырхааит, насгьы шәыԥсҭазаара Иегова изкра шәгәазҭарҵааит. Ауаҩы иԥсҭазаара Анцәа изкны аӡы иҽанӡааихуа, зегьы иреиӷьу аӡбара идикылоит!
АШӘА 38 Анцәа амч уиҭоит
a Аиашьа Цуиоси Фудзии ибиографиа шәаԥхьар шәылшоит 2005 шықәса, август 8 рзы иҭыҵыз «Пробудитесь!» аҿы, адаҟьақәа 20—23.
b Асаит jw.org аҿы шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Уара иуԥырхагои аҽӡаахра?».
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи зыҽӡаазхыз иреигәырӷьаны ирԥылоит.