АҴАРАЗЫ АСТАТИА 42
АШӘА 103 Ахьчацәа — «ауаа аҳамҭақәа»
Аизара иахылаԥшуа ахацәа рыхә шәшьала
«Аҳаракырахь дхалан... ауаа ҳамҭаҵас иҳаиҭеит» (ЕФ. 4:8).
ЕИЛАҲКААУА
Аизара ацхырааҩцәеи, аизара ахылаԥшыҩцәеи, араион ахылаԥшыҩцәеи шҳацхраауа, иара убас урҭ рџьабаа ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшыр шҳалшо.
1. Иарбан ҳамҭақәоу ҳара Иисус иҟынтә иҳауз?
ИИСУС иаҳзыҟаиҵаз аҩыза ҳзыҟазҵаз аӡәымзар-аӡәгьы дыҟаӡам. Иара адгьыл аҿы данынхоз, егьырҭ дрыцхрааларц азы ихы деигӡаӡомызт (Лука 9:12—17). Иаҳзыҟаиҵаз аҳамҭақәа рҟынтә зегь иреиҳау — уи иҳахҭниҵаз иԥсҭазаара ауп (Иоанн 15:13). Иисус иԥсы анҭала ашьҭахьгьы агәыҭбаара аарԥшра даҟәымҵӡеит. Иара, ишиҳәахьаз еиԥш, Иаб диҳәеит иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭарц, уи аҵара ҳнарҵаларц, ҳагәгьы арҭынчларц (Иоанн 14:16, 17, албаага; 16:13). Аизарақәа рҿы Иисус иаҭаху зегь ҳаиҭоит, адунеи ахьынӡанаӡааӡо аҵаҩцәа азыҟаҳҵаларц азы (Матф. 28:18—20).
2. Изусҭцәада Ефесаа 4:7, 8 аҿы зыӡбахә ҳәоу аҳамҭақәа?
2 Ҳахәаԥшып Иисус иҳаиҭаз даҽа ҳамҭак. Апостол Павел иҩит Иисус ажәҩан ахь данхала «ауаа ҳамҭаҵас [ишҳаиҭаз]». (Шәаԥхьа Ефесаа 4:7, 8.) Павел иҳаилиркааит урҭ аҳамҭақәа аизара иахылаԥшуа ахацәа шракәу (Еф. 1:22, 23; 4:11—13). Уахь иаҵанакуеит аизара ацхырааҩцәеи, аизара ахылаԥшыҩцәеи, ариаон ахылаԥшыҩцәеи a. Ҳәарада, дара наӡаӡам, убри аҟынтә агхақәагьы рыхьуеит (Иак. 3:2). Аха Иҳақәиҭу Иисус Христос дҳацхрааларц азы урҭ ихы иаирхәоит. Дара иара иҟынтә ҳамҭақәоуп.
3. Ишԥаҳалшо ҳара зегьы аишьцәа аизара арӷәӷәара ҳрыцхраалар? Иаажәга аҿырԥштәы.
3 Иисус урҭ ахацәа аизара иахылаԥшларц рыдиҵеит (Еф. 4:12). Аха ҳара зегьы иҳалшоит уи ихадоу аус аҿы ҳрыцхраалар. Уи Аҳратә зал шдыргыло иаҿурԥшыр алшоит. Шьоукы абетон ҭадырҭәоит ма ақьырмыт ықәырҵоит. Егьырҭ аргыларатә ус иацхраауеит, иаҳҳәап, афатә ҟарҵоит ма иаҭаху амаҭәахәқәа ааргоит. Убас еиԥшҵәҟьа аизара ацхырааҩцәеи, аизара ахылаԥшыҩцәеи, араион ахылаԥшыҩцәеи аизара арӷәӷәаразы еиҳа аџьабаа рбоит. Аха ҳара зегьы урҭ ажәалеи услеи ҳрыцхраалар ҳалшоит. Шәааи ҳалацәажәап иарбан ихадоу усу дара инарыгӡо, насгьы даргьы, урҭ ҳамҭас иҳазҭаз Иисусгьы рыхә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшыр шҳалшо.
АИЗАРА АЦХЫРААҨЦӘА — «АЦХЫРААРА ҞАЗҴО» РОУП
4. Иарбан усу актәи ашәышықәсазы аизара ацхырааҩцәа инарыгӡоз?
4 Актәи ашәышықәсазы аишьцәа шьоукы аизара ацхырааҩцәас амаҵ руан (1 Тим. 3:8). Иҟалап Павел «ацхыраара ҟазҵо» ҳәа аниҳәа, урҭ ракәызҭгьы зыӡбахә имаз (1 Кор. 12:28). Аизара ахылаԥшыҩцәа аизара аҵара дырҵареи ацхыраара зҭахыз рыцхраареи иахьӡаларц азы аизара ацхырааҩцәа ихадоу егьырҭ аусқәа нарыгӡозҭгьы ҟаларын. Иҟалап дара Иԥшьоу Аҩыра акопиақәа ҟарҵозҭгьы, мамзаргьы уи азы иаҭахыз аархозҭгьы.
5. Иҟарҵозеи аизара ацхырааҩцәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы?
5 Иарбан усу иахьа аизара ацхырааҩцәа инарыгӡо? Иарбан хәарҭоу урҭ ирбо аџьабаа ишәзаанаго? Урҭ инарыгӡо аусқәа реиқәыԥхьаӡара цәгьоуп (1 Пиотр 4:10). Дара аизара иамоу ахарџь рыԥхьаӡоит, аизара ажәабжь рҳәалар ахьрылшо аучастокқәа еиҿыркаауеит, аизаразы алитература аҿарҵоит, аудио-, насгьы авидеоаппаратура иахылаԥшуеит, аизараҿы зегьы еиҿкааны имҩаԥысларц иахылаԥшуеит, иара убас Аҳратә зал иагу-иабзоу зегь гәарҭоит. Урҭ аишьцәа ирбо аџьабаа абзоурала аизарақәеи ажәабжьҳәаратә еиԥыларақәеи еиҿкааны имҩаԥысуеит (1 Кор. 14:40). Уи адагьы, аизара ацхырааҩцәа шьоукы аизара «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» аҟны апунктқәа рыманы иқәгылоит, насгьы ажәахәқәа рҳәоит. Лассы-лассы урҭ аишьцәа ажәабжьҳәаратә гәыԥ иахылаԥшуа аишьцәа ирыцхрааларц ирыҳәоит. Аизара ахылаԥшыҩцәа аизараҿы ацхыраара зҭаху ианырҭаауа, зны-зынла аизара ацхырааҩцәа рыццарц ирыҳәоит.
6. Иаҳзеиҭашәҳәа аџьабаа иацәымшәо аизара ацхырааҩцәа рыхә ҳаракны изышәшьо.
6 Шәааи еилаҳкаап аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизара ацхырааҩцәа ирызкны ирҳәо. «Сара урҭ идуӡӡаны иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп! Аизарақәа агәахәара ду сзааргоит. Урҭ аишьцәа ирбо аџьабаа абзоурала сара ҭынч ашәа сҳәалар, аҭакқәа ҟасҵалар, ажәахәқәа сырзыӡырҩлар, асахьақәеи авидеонҵамҭақәеи срыхәаԥшлар сылшоит. — лҳәоит Боливиа инхо Бе́берли b. — Иара убас аизарақәа ԥырхагада, ҭынч имҩаԥсылрац, насгьы аизарахь изымааиз авидеоконференциала ахәаԥшра рылшарц иахылаԥшуеит. Аизара анынҵәалак ашьҭахь дара аишьцәеи аиҳәшьцәеи хатәгәаԥхарала иаларҵо аԥара рыԥхьаӡоит, апубликациақәа ҳарҭоит, гәык-ԥсыкала Аҳаратә зал аилыргара иҳацхраауеит. Бзиа иумбар залшома урҭ аишьцәа?» Колумбиа инхо Ле́сли лыԥшәма аизара ахылаԥшҩыс амаҵ иуеит. Лара илҳәоит: «Аизараҿы аусқәа даараӡа ирацәоуп. Урҭ рҟынтә усқәак аизара ацхырааҩцәа рхахьы ишырго ауп, мамзар сыԥшәмеи сареи зынӡа ҳзеибабалаӡомызт. Сара урҭ аишьцәа гәацԥыҳәарала аџьабаа ахьырбои еснагь ацхыраара иахьазхиоуи ахә ҳаракны исшьоит!» Шәара урҭ аиаҳәшьцәа шәрықәшаҳаҭзар акәхап (1 Тим. 3:13).
7. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо аизара ацхырааҩцәа рыхә ҳаракны ишаҳшьо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
7 Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит: «Иҭабуп... [аҳәара] шәазхиаз» (Кол. 3:15). Ҳәарада, аизара ацхырааҩцәа рыхә ашьара адагьы, урҭ рыхә шаҳшьо раҳҳәалароуп. Абар Финлиандиа амаҵ зуа Кши́штоф зыхьӡу аизара ахылаԥшҩы ииҳәо: «Сара есымша сҽазысшәоит урҭ иалкаау акы азы ҭабуп ҳәа раҳәара — ирбаз аџьабаазы ма сгәы шьҭызхыз зхәыцрак азы. Сара аоткрытка ма СМС-аацҳара рзысышьҭуеит. Уа Абиблиа аҟынтә ианаало жәеинраалакгьы анысҵоит». Абар Каледониа Ҿыц инхо Паска́льи Жае́льи иҟарҵо: «Уажәы ҳара ҳалагеит аизара ацхырааҩцәа рзы ирацәаны Анцәа иҳәара. Ҳара урҭ рзы Иегова иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит, насгьы дрыцхрааларц ҳиҳәоит». Иегова абас еиԥш иҟоу аҳәарақәа рҭак ҟаиҵоит, уи аизара зегь ибзианы ианыруеит (2 Кор. 1:11).
АИЗАРА АХЫЛАԤШЫҨЦӘА — «ШӘЫБЖЬАРА АЏЬАБАА ЗБО» РОУП
8. Избан Павел актәи ашәышықәсазы инхоз аизара ахылаԥшыҩцәа «аџьабаа збо» ҳәа зырзиҳәаз? (1 Фессалоникаа 5:12, 13).
8 Актәи ашәышықәсазы аизара ахылаԥшыҩцәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи иреиҷаҳаларц азы рхы иамеигӡаӡакәа аџьабаа рбон (шәаԥхьа 1 Фессалоникаа 5:12, 13; 1 Тим. 5:17). Дара рҳәоу еиқәыршәаны аизара аусқәа рыӡбон. Иара убас аизарақәа мҩаԥыргон, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхаҵара аԥырхага азҭар алшоз зегь аҟынтә ирыхьчарц азы бзиабарала алабжьарақәа рырҭон (1 Фес. 2:11, 12; 2 Тим. 4:2). Ҳәарада, урҭ ахацәа аҭаацәарақәагьы шрымаз рхадыршҭӡомызт. Дара рҭаацәарақәа ныҟәыргон, насгьы Иеговеи дареи реиҩызара арӷәӷәара ирыцхраауан (1 Тим. 3:2, 4; Тит 1:6—9).
9. Еиқәышәыԥхьаӡа аизара ахылаԥшыҩцәа инарыгӡо ҭакԥхықәрақәак.
9 Иахьагьы аизара ахылаԥшыҩцәа рхы иамеигӡаӡақәа аџьабаа рбоит. Дара ауаа ажәабжь бзиа рыларҳәоит (2 Тим. 4:5). Аизара ахылаԥшыҩцәа аизара атерриториаҿы ажәабжьҳәаратә ус еиҿыркаауеит, ажәабжь аҳәашьеи аҵаҩцәа разыҟаҵашьеи ҳдырҵоит, рхаҭагьы гәацԥыҳәарала ажәабжь рҳәоит. Уи адагьы, аизара ахылаԥшыҩцәа арыцҳашьара злоу, ауаа еилызымхуа ӡбаҩцәоуп. Аизараҿы аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа аныҟаиҵо, дара уи ауаҩы Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ицхраауеит. Убри аамҭазгьы аизара ацқьара иахылаԥшуеит (1 Кор. 5:12, 13; Гал. 6:1). Аха раԥхьаӡа иргыланы аизара ахылаԥшыҩцәа хьчацәоуп (1 Пиотр 5:1—3). Дара Абиблиа шьаҭас измоу ажәахәқәа рыманы иқәгылоит, аизараҿы зегьы ибзианы рабадырра рҽазыршәоит, насгьы ргәы шьҭырхларц азы ирҭаауеит. Уи адагьы, аизара ахылаԥшыҩцәа шьоукы Аҳратә залқәа рыргылара рҽаладырхәуеит, ирхылаԥшуеит, аконгрессқәа реиҿкаараҿы ацхыраара ҟарҵоит, ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәалоу ацхырааратә комитетқәа рҿы, насгьы ачымазцәа рбаразы еиҿкаау агәыԥқәа рҿы амаҵ руеит. Аизара ахылаԥшыҩцәа ҳара ҳзы рхы иамеигӡаӡакәа аџьабаа рбоит.
10. Иаҳзеиҭашәҳәа аџьабаа иацәымшәо аизара ахылаԥшыҩцәа рыхә ҳаракны изышәшьо.
10 Иегова заа иҳәахьан ахьчацәа иуасақәа ибзианы ишырхылаԥшло. Уи абзоурала урҭ «уаҳа ишәалаӡом, ишәаӡыӡалаӡом» (Иер. 23:4). Финлиандиа инхо Иоха́нна уи лхатә ԥышәала еилылкааит. Абар лан ӷәӷәала данычмазаҩха иҟалаз: «Сара сгәы иҵхо шамахамзар аӡәгьы изеиҭасҳәаӡом. Аха зны сыгәҭыхақәа аӡәы изеиҭасҳәарц анысҭахыз, уиаҟара исзымдыруаз аизара ахылаԥшҩы гәыкала дысзыӡырҩит. Иара Анцәа дсыциҳәеит, насгьы Иегова бзиа сшибо агәра сиргеит. Ииҳәазгьы уиаҟара исгәалашәаӡом, аха исгәалашәоит уи ашьҭахь сгәы шҭынчхаз. Агәра ганы сыҟоуп еиҳараӡак ианысҭахыз аамҭазы Иегова уи аиашьа дшысзааишьҭыз». Ишԥашәыцхрааи шәеизараҿы иҟоу аизара ахылаԥшыҩцәа?
11. Ишԥаҳалшо аизара ахылаԥшыҩцәа рџьабаа пату шақәаҳҵо дҳарбар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
11 Иегова иҭахуп аизара ахылаԥшыҩцәа «иҟарҵо зегь азы» ҭабуп ҳәа раҳҳәаларц (1 Фес. 5:12, 13). Финлиандиа инхо Хенрие́тта илҳәоит: «Аизара ахылаԥшыҩцәа еснагь ҳацхраара иазхиоуп. Аха уи иаанагаӡом дара егьырҭ раасҭа аамҭеи амчи рымоуп ҳәа, мамзаргьы ауадаҩрақәа ирықәшәаӡом ҳәа. Зны-зынла абас расҳәоит: „Уара аизара ибзианы уахылаԥшуеит!“» Турциа инхо Сера́ илҳәоит: «Аизара ахылаԥшыҩцәа рмаҵзура нарыгӡаларц азы агәышьҭыхра рҭахуп, убри аҟынтә аоткрытка рзаҳҩыр, шьыбжьхьа еицаҳфарц ааԥхьара раҳҭар, мамзаргьы ажәабжьҳәара ҳрыццар ҳалшоит». Дыҟоума зџьабаазы еиҳарак ҭабуп ҳәа зоуҳәар уҭаху аизара ахылаԥшҩы? Ус акәзар, уи иаҳәа, мамзаргьы иџьабаа пату шақәуҵо даҽакала ирба (1 Кор. 16:18).
АРАИОН АХЫЛАԤШЫҨЦӘА АИЗАРАҚӘА ДЫРӶӘӶӘОИТ
12. Ихы иаирхәодаз Иисус актәи ашәышықәсазы аизара ирӷәӷәаларц азы? (1 Фессалоникаа 2:7, 8).
12 Иисус Христос аизара ацхырааҩцәеи, аизара ахылаԥшыҩцәеи рыдагьы, араион ахылаԥшыҩцәагьы ҳаиҭеит. Изакәазы? Аизара дырӷәӷәаларц азы (Аус. 15:40, 41). Иисус Иерусалим иҟаз аизара ахылаԥшыҩцәа ргәазҭеиҵеит Павели, Варнавеи, егьырҭ ахацәеи еиуеиԥшым аизарақәа ирҭааларц азы рышьҭра (Аус. 11:22). Урҭ ахацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы рхы еигӡаӡомызт, рыԥсҭазаара ашәарҭара ианҭадыргылозгьы ыҟан. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа 2:7, 8.)
13. Иарбан дҵақәоу араион ахылаԥшыҩцәа инарыгӡо?
13 Араион ахылаԥшыҩцәа акы ианаҿым ҳәа аамҭак ыҟам. Урҭ рҟынтә шьоукы аизарақәа ирҭааларц азы шә-километрала ихараны ицоит. Есымчыбжьа араион ахылаԥшҩы ажәахәқәа иманы дықәгылоит, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭихларц азы дырҭаауеит, апионерцәеи аизара ахылаԥшыҩцәеи рзы аиԥыларақәа мҩаԥигоит, иара убас ажәабжьҳәаратә еиԥыларақәа мҩаԥигоит. Иара араионтә, насгьы арегионалтә конгрессқәа еиҿикаауеит, уа ажәахәқәа иманы дықәгылоит. Араион ахылаԥшҩы апионерцәа рышкол мҩаԥигоит, ираион аҿы амаҵ зуа апионерцәа рзы иҷыдоу аиԥылара еиҿикаауеит, насгьы афилиал аҟынтә иоуа егьырҭ адҵақәагьы наигӡоит — урҭ рҟынтә аамҭа мгаӡакәа инагӡалатәугьы ыҟоуп.
14. Иаҳзеиҭашәҳәа ирацәаны аџьабаа збо араион ахылаԥшыҩцәа рыхә ҳаракны изышәшьо.
14 Иарбан хәарҭоу араион ахылаԥшыҩцәа инарыгӡо аусқәа аизара ирзаанаго? Абар Турциа инхо иашьак ииҳәо: «Араион ахылаԥшҩы даҳҭаацыԥхьаӡа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы еиҳаны аџьабаа абара сҭаххоит. Ҳара ҳахь ирацәаҩны араион ахылаԥшыҩцәа аахьеит, аха урҭ еилахоуп, мамзаргьы саха рымаӡам ҳәа агәаанагара соуртә ахаан иҟамлаӡацт». Хыхь зыӡбахә ҳҳәахьоу Иоханна илгәалалыршәоит араион ахылаԥшҩи лареи зны ажәабжьҳәара ишеиццаз. Дара ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь ахьырҳәоз аӡәгьы дышрықәымшәазгьы, уи амш лгәаҵаҿы иаанхеит. Лара илҳәоит: «Сара уи амш ахаан исхашҭӡом. Саҳәшьцәа рҩыџьагьы даҽа ҭыԥк ахь ииасит, урҭ даара игәхьаазгон. Араион ахылаԥшҩы сгәы шьҭихит. Иара исгәалаиршәеит саҳәшьцәа хараны иахьыҟоу шаамҭалатәиу. Адунеи ҿыц аҿы сҭынхацәеи сҩызцәеи сызхара аамҭа рыцысхызгаларц алшара соуеит». Ҳара ҳҟынтә аӡәырҩы араион ахылаԥшҩы дышҳацхрааз ҳгәалаҳаршәар ҳалшоит (Аус. 20:37—21:1).
15. а) Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо араион ахылаԥшыҩцәа ирбо аџьабаа ахә ҳаракны ишаҳшьо? (3 Иоанн 5—8). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.) б) Избан аизара ацхырааҩцәеи, аизара ахылаԥшыҩцәеи рыԥшәмацәа рыхә заҳшьо, насгьы идҳарбар шԥаҳалшо уи? (Шәахәаԥш арамка « Аҭакԥхықәра зду аишьцәа рыҳәса шәхашәмыршҭлан».)
15 Апостол Иоанн Гаи игәазҭеиҵеит араион ахылаԥшыҩцәа рахь асасдкылара ааирԥшларц, насгьы абас диҳәеит: «Анцәа ишиҭаху еиԥш урҭ еиқәыршәаны, амҩа иқәҵа» (Шәаԥхьа 3 Иоанн 5—8.) Ишԥаҳалшо ҳаргьы убас еиԥш иҟоу агәыҭбаара ааҳарԥшлар? Алшарақәа руак — араион ахылаԥшҩы акреицаҳфарц ааԥхьара иҭара ауп. Даҽа лшарак — имҩаԥиго ажәабжьҳәаратә еиԥыларақәа рҭаара ауп. 6-тәи абзац аҿы зыӡбахә ҳәаз Лесли иҟалҵо даҽакгьы ыҟоуп. Лара илҳәоит: «Сара Иегова зда ԥсыхәа рымам зегь риҭарц сиҳәоит. Сыԥшәмеи сареи асаламшәҟәқәа рзаҳаҩуеит, насгьы иаҳзыҟарҵо шаҟа ахә ҳаракны иаҳшьо раҳҳәоит». Ишәхашәмыршҭлан, араион ахылаԥшыҩцәа ҳара ҳаиԥш иҟоу ауаа шракәу. Дара чмазаҩхоит, акы ргәы иҵхоит, ргәы анкаҳауагьы ыҟоуп. Иҟалап аԥхарра зҵоу шәажәақәа, мамзаргьы ҳамҭа хәыҷык Анцәа изызиҳәоз акәхар! (Ажәам. 12:25).
ДААРАӠА ИАҲҬАХУП АИЗАРА АЦХЫРААҨЦӘЕИ АИЗАРА АХЫЛАԤШЫҨЦӘЕИ
16. Ажәамаанақәа 3:27 иану инақәыршәаны, иарбан зҵаарақәоу аишьцәа рхы иарҭар рылшо?
16 Адунеи ахьынӡанаӡааӡо аизарақәа ирхылаԥшуа ахацәа аҭахуп. Уара аӡы зыҽӡаазххьоу аиашьа уакәзар, иулшома ацхыраара ҟауҵар? (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 3:27.) Иқәургылама уара аизара ацхырааҩыс амаҵ ууларц ахықәкы? Уара аизара ацхырааҩыс амаҵ аура уалагахьазар, уҽазушәома аизара ахылаԥшҩыс аҟалара? c Иулшома уԥсҭазаараҿы ак уԥсахыр, Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол уахысырц азы? Уи аҵара Иисус иудиҵар алшо адҵақәа урзыҟанаҵоит. Уи улымшошәа убозар, Иегова уиҳәала. Иԥшьоу адоуҳа уаҳәала иудырҵо адҵақәа зегьы ибзианы инаугӡаларц азы (Лука 11:13; Аус. 20:28).
17. Иаҳзырбозеи Иисус Христос иҳаиҷаҳауа аҳ шиакәу?
17 Иисус ишьҭанеицәа ажәа риҭеит ари адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа дышрыцзаало (Матф. 28:20). Иажәагьы наигӡоит. Уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит ҳамҭаҵас иҳаиҭаз ауаа: аизара ацхырааҩцәеи аизара ахылаԥшыҩцәеи. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит бзиа ҳазбо, иҳалалу Ҳаҳ иаҳхылаԥшуа аишьцәа ахьҳаиҭаз! Иаҳҭахуп урҭ аишьцәа рхы иамеигӡаӡакәа ирбо аџьабаа ахә ҳаракны ишаҳшьо рдыруазарц. Убри аҟынтә шәааи рџьабаа пату шақәаҳҵо раҳҳәалап, мамзаргьы даҽакала идҳарбалап. Инаӡоу аҳамҭа бзиақәа ҳазҭо Иегова иоуп, убри аҟынтә уи азы еснагь дшәырҽхәала (Иак. 1:17).
АШӘА 99 Ҵҩа змам аишьцәа
a Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа аизара ахылаԥшыҩцәа, Анапхгаратә хеилак акомитетқәа рыцхырааҩцәа, афилиал акомитетқәа рҿы амаҵ зуа аишьцәа, насгьы Анцәа иорганизациаҿы еиуеиԥшым аҭакԥхықәрақәа назыгӡо аишьцәа Иисус ҳамҭаҵас иҳаиҭаз роуп.
b Хьыӡқәак ԥсахуп.
c Аизара ацхырааҩыс ма аизара ахылаԥшҩыс аҟалара ишәыцхраауа иазкны еиҳаны еилышәкаарц азы шәахәаԥш 2024 шықәса, ноиабр мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиақәа «Аишьцәа, хықәкыс ишәымоума аизара ацхырааҩцәас аҟалара?», насгьы «Аишьцәа, хықәкыс ишәымоума аизара ахылаԥшыҩцәас аҟалара?»