Ихәарҭоу алабжьарақәа. Иҭуҵаалар улшо
«Адоуҳатә шәақәа» ҿырҳәала ишәҵала
«Зны-зынла акы саԥсамшәа схы збоит. Ус еиԥш иҟоу аамҭақәа раан Иегова бродкастинг аҟынтә ашәақәа рыла сгәы шьҭихуеит» (Лорреин, Еиду Аштатқәа).
Ақьырсианцәа рыԥсҭазаараҿы «адоуҳатә шәақәа» еснагь Анцәа имҵахырхәара иахәҭакын (Кол. 3:16). Урҭ ҿырҳәала ишәҵар, шәгәы шьҭырхлоит, ашәақәа зну ашәҟәы, ма аелектронтә хархәага шәааигәа иҟамларгьы. Ашәақәа гәнышәкыларц азы, анаҩстәи алабжьарақәа рхархәара шәҽазышәшәа.
Ажәақәа ибзианы шәрыԥхьа, насгьы аҵакы шәазхәыц. Ҳара ибзианы ак анеилаҳкаалак, уи агәынкылара еиҳа иаҳзымариоуп. Ҳашәақәа зегьы, ахәыҷқәа рзы иҟоу ашәақәагьы, JW Broadcasting® аҟынтә ашәақәагьы, асаит jw.org аҿы иҟоуп. Иаашәырты агәылаҵа «Абиблиотека», анаҩс «Амузыка».
Ашәа ажәақәа напыла ихыжәҩылаа. Убас урҭ еиҳа шәхаҿы иаанхоит (Ҩынтә. 17:18).
Шәыбжьы ҭыганы шәаԥхьала. Ашәа шәаԥхьа, мамзаргьы ҩынтә-хынтә ишәҳәа.
Шаҟа ибзианы игәнышәкылаз гәашәҭ. Ашәа ажәақәа шәырмыхәаԥшӡакәа шәгәаларшәара шәҽазышәшәа. Нас шаҟа ибзианы ишәзалҵыз гәашәҭ.