АҴАРАЗЫ АСТАТИА 12
АШӘА 77 Илашьцоу адунеи аҟны алашара
Алашьцара шәҽацәышәыхьчала — «алашара ахәыҷқәа» реиԥш шәхы мҩаԥыжәгала
«Уаанӡа шәара шәлашьцаран, аха уажәшьҭа шәлашароуп» (ЕФ. 5:8).
ЕИЛАҲКААУА
Ефесаа 5-тәи ахаҿы иану алашареи алашьцареи ирызку аметафора иаҳнарҵо.
1, 2. а) Дабаҟаз Павел, ефесаа рахь асаламшәҟәы аниҩуаз? б) Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?
ПАВЕЛ Рим аҩны адәылҵра азин имамкәа данҭакыз, иашьцәеи иаҳәшьцәеи ргәы шьҭихыр иҭахын. Аха рбара алшара имаӡамызт, убри аҟынтә асаламшәҟәқәа рзиҩуан. Ефесаа ирзиҩыз асаламшәҟәы урҭ ируакуп. Павел уи иҩит 60 ма 61 шықәса шыҟаз ҳ. ҳ. азы (Еф. 1:1; 4:1).
2 Павел ефесаа идыруеижьҭеи жәа-шықәса раҟара ҵуан. Иара Ефес акыраамҭа ажәабжь иҳәон, аҵаҩцәагьы азыҟаиҵон (Аус. 19:1, 8—10; 20:20, 21). Павел иашьцәеи иаҳәшьцәеи даара бзиа ибон, насгьы Иегова изиашаны иаанхаларц иҭахын. Аха избан иԥшьоу адоуҳала иалхыз урҭ ақьырсианцәа алашареи алашьцареи атәы зырзиҩыз? Иарбан хәарҭоу ҳара уи иалаҳхыр ҳалшо? Шәааи урҭ азҵаарақәа еилҳаргап.
АЛАШЬЦАРА АҞЫНТӘ АЛАШАРАХЬ
3. Изыҿирԥши Павел ефесаа?
3 Павел Ефес инхоз ақьырсианцәа абас рзиҩит: «Уаанӡа шәара шәлашьцаран, аха уажәшьҭа шәлашароуп» (Еф. 5:8). Убри ала иаҵишьит урҭ шаҟа рҽырыԥсахыз. Шәааи ҳалацәажәап Павел ефесаа «уаанӡа шәара шәлашьцаран» ҳәа зырзиҩыз.
4. Избан ефесаа амцдинхаҵаратә лашьцара иҵан ҳәа ҳхәар зҳалшо?
4 Амцдинхаҵаратә лашьцара. Ефес инхоз ақьырсианцәа аҵабырг еилыркаанӡа амцдинхаҵаратә ҵарақәеи аҵасқәеи иргәылакны ирыман. Ақалақь Ефес аҿы иҟан быжь-џьашьахәык ируакны иԥхьаӡаз Артемида лныҳәарҭа, убри алагьы еицырдыруан. Ауаа уахь аидолқәа ирымҵахырхәаларц азы инеиуан. Уа Артемида лныҳәарҭа иеиԥшыз аныҳәарҭа хәыҷқәа ҟаҵаны ирҭиуан, аԥарагьы ибзианы иалаҟарҵон (Аус. 19:23—27). Уи адагьы, Ефес инхоз ауаа амагиа рнапы алакын (Аус. 19:19).
5. Избан Ефес инхоз ауаа асексуалтә ламысдара иахҟьоу алашьцара иҵан ҳәа ҳҳәар зҳалшо?
5 Асексуалтә ламысдара иахҟьоу алашьцара. Ефес инхоз ауаа рыламысдара ҳәаа амамызт. Атеатралтә қәгыларақәа раан, уимоу адинхаҵаратә ныҳәақәа раангьы, аҟьашь бызшәа уаҳауан (Еф. 5:3). Ефес инхоз «аламыс рцәыӡит» (ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рцәа ахьаа алсӡомызт») (Еф. 4:17—19). Дара ирыздырӡомызт ацәгьеи абзиеи рганахьала Иегова ишьақәиргылаз анормақәа. Убри аҟынтә рыламыс зынӡа иаргәаҟӡомызт, Анцәа иҿаԥхьа ҭакԥхықәрак рыдуп ҳәангьы иҟаӡамызт. Убри азоуп Павел урҭ ирызкны изиҩыз «рыхшыҩ алашьцара ахаԥаны иҟоуп, Анцәа иҳадигалоу аԥсҭазаара иацәыхароуп» ҳәа.
6. Избан Павел ефесаа «уажәшьҭа шәлашароуп» ҳәа зреиҳәаз?
6 Аха ефесаа рҟынтә шьоукы алашьцара иҵыҵит. Павел урҭ ирзиҩуан: «Уажәшьҭа шәлашароуп, избанзар Иҳақәиҭу шәитәуп» (Еф. 5:8). Дара рымҩа зырлашоз Анцәа Иажәа инақәыршәаны инхаларц рыӡбеит (Аԥсал. 119:105). Убри аҟынтә аидолқәа рымҵахырхәара иаҟәыҵит, ламысдаралагьы уаҳа рхы мҩаԥыргаӡомызт. Дара Анцәа иҿыԥшуа иалагеит, рмаҵзурагьы игәы иахәаларц азы ирылшоз зегь ҟарҵон (Еф. 5:1).
7. Ҳазлареиԥшузеи ефестәи ақьырсианцәа?
7 Ҳаргьы аҵабырг еилаҳкаанӡа амцдинхаҵаратә лашьцара ҳаҵан, асексуалтә ламысдара иахҟьоу алашьцарагьы ҳакны ҳаман. Ҳара ҳҟынтә шьоукы амцдинхаҵара иадҳәалоу аныҳәақәа азгәарҭон, иҟоуп ламысдарала зхы мҩаԥызгозгьы. Аха Иегова ихәаԥшышьала ацәгьеи абзиеи закәу анеилаҳкаа, ҳҽаҳаԥсахит. Ҳара Анцәа дҳаргәырӷьаларц, насгьы иԥшьоу инормақәа инарықәыршәаны ҳанхаларц ҳҭаххеит. Уи абзоурала ҳаԥсҭазаара акырӡа еиӷьхеит (Ис. 48:17). Аха уи иаанагаӡом уаҳа ашәарҭара ыҟаӡам ҳәа. Ҳара иаанҳажьыз алашьцара амԥангьы ҳақәымлалароуп, насгьы «алашара иатәу ахәыҷқәа» реиԥш ҳхы мҩаԥаҳгалароуп. Ишԥаҳалшо уи?
АЛАШЬЦАРА ШӘҼАЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА
8. Рҽызцәырыхьчалар рыхәҭази ефестәи ақьырсианцәа Ефесаа 5:3—5 иану инақәыршәаны?
8 Шәаԥхьа Ефесаа 5:3—5. Ефестәи ақьырсианцәа асексуалтә ламысдара иахҟьоу алашьцарахь ихнымҳәырц азы Иегова ицәымӷу аусқәа рҽырцәырыхьчалар рыхәҭан. Уахь иаҵанакуаз иҟьашьу ахымҩаԥгашьа мацара акәӡамызт. Дара иҟьашьу ацәажәарақәагьы рҽырцәырыхьчалар рыхәҭан. Павел ефесаа иргәалаиршәеит ус зхы мҩаԥызго «Христоси Анцәеи Раҳра рбараны ишыҟам».
9. Избан иҽеим, ицқьам акы ахәаԥшреи, азыӡырҩреи, алацәажәареи зшәарҭоу?
9 Ҳаргьы алашьцара иатәу «хәарҭа злам аусқәа» ҳрыланамгаларц азы ҳгәаҳҽанызароуп (Еф. 5:11). Аамҭа излаҳнарбо ала, ауаҩы иҽеим, ицқьам акы шаҟа дахәаԥшуа, дазыӡырҩуа, насгьы далацәажәо аҟара агәнаҳа аҟаҵара изымариахоит (Аҟаз. 3:6; Иак. 1:14, 15). Тәылак аҿы Иегова ишаҳаҭцәа асоциалтә каҭақәа рҿы агәыԥ ду еиҿыркаан, уа аицәажәара иалагеит. Раԥхьа адоуҳатә темақәа ирылацәажәон. Аха хәыҷы-хәыҷла иҽеим атемақәа шьҭырхуа иалагеит. Еиҳарак асекс акәын излацәажәоз. Ԥыҭрак ашьҭахь шьоукы ирҳәеит урҭ аицәажәарақәа ирыхҟьаны агәнаҳа шыҟарҵаз.
10. Иҽшԥазишәо Аҩсҭаа ҳжьара? (Ефесаа 5:6).
10 Аҩсҭаа идунеи ицқьам ахымҩаԥгашьа цәгьарак аҵамшәа агәра ҳнаргар аҭахуп (2 Пиотр 2:19). Уи ҳара иџьаҳшьаӡом, избанзар уи Аҩсҭаа акыраамҭа ихы иаирхәо атактикақәа ируакуп: иара иҭахуп ауаа ацәгьеи абзиеи рзеилмырго иҟаиҵарц (Ис. 5:20; 2 Кор. 4:4). Убри азоуп афильмқәеи, ателешоуқәеи, асаитқәеи Иегова инормақәа ирҿагыло ахәыцрақәа рыла изҭәу. Аҩсҭаа иҭахуп ицқьам ахымҩаԥгашьа цәгьарак ма шәарҭарак аҵамшәа ахәыцра ҳалагар, уимоу, ус ҳанхалар, аԥсҭазаара еиҳагьы агәырӷьара ҳзаанагалоит ҳәагьы ҳхәыцлар. (Шәаԥхьа Ефесаа 5:6.)
11. Ишԥаҳнарбеи Анжела лыхҭыс Ефесаа 5:7 иану алабжьара иахьагьы ухы иаурхәаратәы ишыҟоу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
11 Аҩсҭаа иҭахуп Иегова бзиа дзымбо аамҭа рацәаны ирыцаҳхаҳгаларц, избанзар усҟан еиҳагьы иаҳцәыцәгьахоит абиблиатә нормақәа рыла анхара. Павел идыруан уи ашәарҭара шаҵаз. Убри азоуп ефесаа изреиҳәаз Анцәа ицәымӷыз ҟазҵои дареи акгьы рзеиламзарц (Еф. 5:7). Ҳара иахьа еиҳагьы ҳгәаҳҽанызароуп, избанзар ауаа асоциалтә каҭақәа рылагьы еицәажәоит. Азиа инхо Анже́ла a лхатә ԥышәала еилылкааит асоциалтә каҭақәа ашәарҭара шрыҵоу. Лара еиҭалҳәоит: «Уи ацәҟьа иаҩызоуп. Сара исызгәамҭаӡеит схәыцшьа аҽаԥсахуа ишалагаз. Раԥхьа Абиблиа пату ақәзымҵоз ауаа ҩызцәас ишьҭысхит. Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова игәаанагара уазымхәыцкәа, уара ишуҭаху унхалар ҟалоит ҳәа ахәыцра салагеит». Аха аизара ахылаԥшыҩцәа абзиабара аарԥшны, илҭахыз ацхыраара лырҭеит. Лара илҳәоит: «Уажәшьҭа сзызхәыцуа асоциалтә каҭақәа ракәӡам, Иеговеи сареи ҳаизыҟазаашьақәа роуп».
12. Иҳацхраауазеи Иегова инормақәа инарықәыршәаны анхара?
12 Ари адунеи ицқьам ахымҩаԥгашьа цәгьарак аҵамшәа ҳнарбар аҭахуп. Аха уи ҳара ҳазыжьаӡом (Еф. 4:19, 20). Ҳхы ҳахьчарц азы абарҭ азҵаарақәа ҳхы иаҳҭар бзиоуп: «Сҽазысшәома аус сыцызуа, аҵара сыцызҵо, мамзаргьы Иегова инормақәа рыла инымхо еиҵаны аамҭа рыцыхгара? Сынхалома Иегова инормақәа инарықәыршәаны, уи азы сфанатикуп ҳәа срыԥхьаӡаларгьы?» Ҳара агәҽанызаара ааҳарԥшлароуп, ақьырсиантә еизараҿгьы аҩызцәа аналаҳхуа. Убриоуп Павелгьы ииҳәоз 2 Тимофеи 2:20—22 аҟны. Ҳара адунеи ахь иҳахо ракәымкәа, Иегова гәыкала имаҵ аура иҳацхраауа аҩызцәа роуп иҳамазар иаҳҭаху.
«АЛАШАРА ИАТӘУ АХӘЫҶҚӘА РЕИԤШ ШӘХЫ МҨАԤЫЖӘГАЛА»
13. Иаанагозеи «алашара иатәу ахәыҷқәа» реиԥш ахымҩаԥгара? (Ефесаа 5:7—9).
13 Павел ақьырсианцәа иреиҳәоз алашьцара аанрыжьырц мацара акәӡам, «алашара иатәу ахәыҷқәа» реиԥш рхы мҩаԥыргаларцгьы реиҳәон. (Шәаԥхьа Ефесаа 5:7—9.) Иаанагозеи уи? Иааркьаҿны иуҳәозар, 24 сааҭ рыҩныҵҟа ҳашқьырсианцәоу ҳаанхалароуп. Иҳацхраауазеи уи аҿы? Ҳара Абиблиеи Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәеи ҳгәы ақәкны ҳаԥхьалароуп, насгьы иҭаҳҵаалароуп. Еиҳараӡак ихадоуп Иисус Христос иԥсҭазаашьеи иҵарақәеи рыҭҵаара, избанзар иара адунеи азы длашароуп (Иоанн 8:12; Ажәам. 6:23).
14. Ишԥаҳацхраауеи иԥшьоу адоуҳа?
14 «Алашара иатәу ахәыҷқәа» реиԥш ҳхы мҩаԥаҳгаларц азы иԥшьоу адоуҳа ҳҭахуп. Избан? Избанзар уи ада иҳалшаӡом ицқьам адунеи аҿы ҳацқьара ахьчара (1 Фес. 4:3—5, 7, 8). Иԥшьоу адоуҳа адунеи ахәыцшьа аҿагылара иҳацхраауеит, афилософиагьы уахь иналаҵаны. Иара убас иԥшьоу адоуҳа Анцәа ибзиоуп, ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо аҟаҵара иҳацхраауеит (Еф. 5:9).
15. Иҟаҳҵалар акәзеи, иԥшьоу адоуҳа ҳаурц азы? (Ефесаа 5:19, 20).
15 Иԥшьоу адоуҳа ҳаурц азы Иегова уи ҳаиҭарц ҳиҳәалароуп. Иисус иҳәеит Иегова «иԥшьоу адоуҳа иаҳәо» ишриҭо (Лука 11:13). Иара убасгьы иԥшьоу адоуҳа ҳауеит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрывагыланы ақьырсиантә еизараҿы Иегова данҳарҽхәо. (Шәаԥхьа Ефесаа 5:19, 20.) Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала ҳара иҳалшоит ҳаԥсҭазаашьала Иегова дҳаргәырӷьалар.
16. Иҳацхраауазеи ииашоу аӡбарақәа рыдкылара? (Ефесаа 5:10, 17).
16 Ихадоу ӡбарак ҳадаҳкылаанӡа, Иегова ииҭаху еилаҳкаароуп, нас уи инақәыршәаны ҳхы мҩаԥаҳгароуп. (Шәаԥхьа Ефесаа 5:10, 17.) Аха излеилаҳкаауеи Анцәа ииҭаху? Уи азыҳәан ҳҭагылазаашьа иақәшәо абиблиатә принципқәа ҳаԥшаароуп. Иҳаԥшааз апринцип ҳхы иаҳархәар, иҳадаҳкыло аӡбара алҵшәа бзиа аанагоит.
17. Ишԥаҳалшо ҳаамҭа ииашаны ахархәара? (Ефесаа 5:15, 16). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
17 Павел Ефес инхоз ақьырсианцәа ргәазҭеиҵон ҟәышрала раамҭа рхы иадырхәаларц. (Шәаԥхьа Ефесаа 5:15, 16.) Аха ҳаӷа, Аҩсҭаа, иҭахуп ҳаамҭа зегьы ари адунеи аусқәа ирықәҳарӡларц, Иегова изы аамҭа ҳазнымхарц азы (1 Иоанн 5:19). Ақьырсиан игәы иаанагар алшоит аԥара арҳареи, аҵара аиуреи, мамзаргьы акариера аҟаҵареи Анцәа имаҵ аура аасҭа ихадоуп ҳәа. Ақьырсиан ус ахәыцра далагазар, уи иаанаго ари адунеи иатәу ауаа рхәыцшьа рҿиҵааит ауп. Ҳәарада, аԥареи аҵареи ҳамазар, уи цәгьарак аҵаӡам, аха уи ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихаданы иҟалар ҟалаӡом. «Алашара иатәу ахәыҷқәа» реиԥш ҳхы мҩаԥаҳгаларц азы, ҳаамҭа ииашаны ҳхы иаҳархәалароуп, даҽакала иуҳәозар, еиҳа ихадоу иазаҳклароуп.
18. Иҟаиҵазеи Доналд иаамҭа еиҳа еиӷьны ихы иаирхәаларц азы?
18 Ҳара Иегова имаҵ аураҿы еиҳаны аҟаҵаразы алшарақәа ҳрышьҭазароуп, ак аҿы ҳаанымгылаӡакәа, ҳмаҵзура ҳарҭбаалароуп. Аладатәи Африка инхо До́налдгьы убас ҟаиҵон. Иара еиҭеиҳәоит: «Сара сҭагылазаашьа сазхәыцит, нас сӷьаҵәыӷьаҵәуа Иегова иҳәара салагеит иара изы еиҳаны аҟаҵара дсыцхраарц. Сара Иегова сиҳәон ажәабжьҳәара еиҳаны аҽалархәра сылзыршоз аусура сыԥшаарц азы. Иара дагьсыцхрааит. Уажәшьҭа сыԥҳәыси сареи ҳаамҭа зегьы Иегова имаҵ аура иазаҳкуеит. Убасала агәырӷьара ҳзаазго амҩа ҳанылеит».
19. Иҳацхраауеи «алашара иатәу ахәыҷқәа» реиԥш ахымҩаԥгара?
19 Павел исаламшәҟәы Ефес инхоз ақьырсианцәа ирыцхрааит Иегова изиашаны аанхара. Урҭ алабжьарақәа ҳара ҳзгьы ихәарҭоуп. Ҳара аҩызцәа ҟәыӷарала иалаҳхлароуп, ҳгәы злаҳарҿыхогьы ҳацклаԥшлароуп. Иара убасгьы иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа ҭаҳҵаалароуп, уи иагәылоу аҵабырг алашара ҳаԥсҭазаара аганқәа зегьы ирныԥшларц азы. Иԥшьоу адоуҳа адагьы ԥсыхәа ҳамаӡам, уи аҟазшьа бзиақәа реизырҳара иҳацхраауеит. Павел ефесаа рахь ииҩыз асаламшәҟәы ҳацхраауеит Иегова ихәыцшьа зныԥшуа ииашоу аӡбарақәа рыдкылара. Уи ари адунеи алашьцара аҟынтә ҳахьчоит, насгьы «алашара иатәу ахәыҷқәа» реиԥш ахымҩаԥгара иҳацхраауеит!
АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?
-
Иарбан «лашьцароу», насгьы «лашароу» Ефесаа 5:8 аҿы зыӡбахә ҳәоу?
-
Иҳацхраауазеи «алашьцара» аҽацәыхьчара?
-
Иҳацхраауазеи «алашара иатәу ахәыҷқәа» реиԥш ахымҩаԥгара?
АШӘА 95 Алашара есааира икаҷҷоит
a Хьыӡқәак ԥсахуп.
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Павел ефесаа ирзиҩыз асаламшәҟәы ажәытәтәи акопиа.