Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 21

Иегова ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо

Иегова ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо

«Ҳзызиҳәозаалакгьы шҳаиҭо ҳдыруеит» (1 ИОАНН 5:15).

АШӘА 41 Суҳәоит, сыҳәара удкыл

АХҲӘАА a

1, 2. Иарбан зҵаароу ҳаҳәарақәа рганахь ала иҳазцәырҵыр алшо?

 ЗНЫКЫР ишәызцәырҵхьоума абри аҩыза азҵаара: «Иҟаиҵома Иегова сыҳәарақәа рҭак?» Аӡәырҩы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирҳәеит ари азҵаара шрызцәырҵхьоу, еиҳараӡак ауадаҩрақәа ианрықәшәоз. Ҳҭагылазаашьа аныцәгьоу Иегова ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо агәаҭара еиҳа иаҳцәыцәгьазар алшоит.

2 Шәааи ҳалацәажәап Иегова имаҵзуҩцәа рыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо (1 Иоанн 5:15). Иара убас ҳара абарҭ азҵаарақәа еилҳаргоит: избан зны-зынла ҳгәы иаанагалар залшо ҳаҳәарақәа ҭакда иаанхеит ҳәа? Ишԥаҟаиҵо иахьа Иегова ҳаҳәарақәа рҭак?

ИЕГОВА ҲШАЗЫԤШЫМ ЕИԤШ АҬАК ҲАИҬАР ИЛШОИТ

3. Избан Иегова ҳиҳәалар зиҭаху?

3 Абиблиа агәра ҳнаргоит Иегова даара бзиа ҳшибо, насгьы ҳахә ҳаракны ишишьо (Агг. 2:7; 1 Иоанн 4:10). Убри азы ауп иара ацхырааразы ҳиҳәалар зиҭаху (1 Пиотр 5:6, 7). Иара иҭахуп ҳаиҩызара арӷәӷәареи ауадаҩрақәа рыхгареи дҳацхрааларц.

Давид Иегова даниҳәоз иаӷацәа дырцәихьчарц, иара уи иҳәарақәа рҭак ҟаиҵон. (Шәрыхәаԥш абзац 4.)

4. Иабантәиаадыруеи Иегова имаҵзуҩцәа рыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

4 Абиблиаҿы иануп Иегова имаҵзуҩцәа рыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵоз узырбо ирацәаны ахҭысқәа. Ишәылшома ус еиԥш иҟоу хҭыск шәгәалашәыршәар? Иҟалап аҳ Давид иаразнак шәхахьы дааизар. Иара ирацәаҩны аӷацәа иман, насгьы лассы-лассы Иегова ацхырааразы диҳәон. Зны иара дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Анцәа абас диҳәон: «Иегова, сыҳәара уазыӡырҩ, ацхырааразы сӷьаҵәы-ӷьаҵәуа сышуҳәо урҳа. Аҭак сыҭ, избанзар уара гәыкала уҟоуп, уиашоуп» (Аԥсал. 143:1). Иегова Давид иҳәарақәа рҭак ҟаиҵон, насгьы деиқәирхон (1 Сам. 19:10, 18—20; 2 Сам. 5:17—25). Давид лакҩакрада иҳәар илшон: «Иегова и́ҳәо зегьы дырзааигәоуп». Ҳаргьы агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит уи ус шакәу (Аԥсал. 145:18).

Анцәа Павел аԥышәарақәа рыхгаразы амч ииҭон. (Шәрыхәаԥш абзац 5.)

5. Иҟаиҵозма Иегова еснагь имаҵзуҩцәа рыҳәарақәа рҭак урҭ шазыԥшыз еиԥшҵәҟьа? Иаажәга аҿырԥштәы. (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

5 Иегова ҳаҳәарақәа рҭак ҳшазыԥшу еиԥш акәӡам зны-зынла ишыҟаиҵо. Иаҳҳәап, апостол Павел Анцәа диҳәон, ицәеижь иалаз «ашҳам» алихырц. Павел иалкааны уи ауадаҩразы хынтә Анцәа диҳәон. Иҟаиҵама Иегова аҭак? Ааи. Аха Павел дшазыԥшыз еиԥш акәӡам. Иегова апостол имаз ауадаҩра иԥыримгаӡеит, аха анаҩсгьы гәыкала имаҵ ауразы амч ииҭеит (2 Кор. 12:7—10).

6. Избан зны-зынла Иегова ҳаҳәарақәа рҭак ҟаимҵошәа ҳбалар зҳалшо?

6 Зны-зынла Иегова ҳара ҳаҳәарақәа рҭакгьы ҳшазыԥшу еиԥш акәӡам ишыҟаиҵо. Аха ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова излаҳацхраатәу зегь раасҭа еиӷьны ишидыруа. Уи адагьы Анцәа «иҟаиҵар илшо ҳара ҳзызиҳәо, мамзаргьы ҳхаҿы иааҳгар ҳалшо аасҭа акырӡа еиҳауп» (Еф. 3:20). Убри азы ауп зны-зынла Иегова ҳшазыԥшыз еиԥш аҭак зҳаимҭо. Уи адагьы Иегова ҳаназыԥшыз аамҭазы аҭак ҳаимҭар ауеит.

7. Избан зны-зынла Анцәа ҳзызиҳәоз азы акәым, даҽаказы ҳиҳәалар закәу? Иаажәга аҿырԥштәы.

7 Зны-зынла Иегова игәҭакы еиҳа еиӷьны ианеилаҳкаауа, ҳзызиҳәоз азы акәым, даҽаказы ҳиҳәалар шҳахәҭоу еилаҳкаауеит. Абар Мартин Пиотцингер иҿырԥшы. Аԥҳәыс данига ашьҭахь хара имгакәа анацистцәа аконцлагерь ахь дрышьҭит. Раԥхьа иара доурышьҭырц азы Иегова диҳәон, иԥшәмаԥҳәыс дылхылаԥшларц, насгьы ҿыц ажәабжь иҳәаларц азы. Ус ҩымчыбжьа ҵит, аха доурышьҭыртә Иегова ишыҟаимҵаз ибеит. Убри аҟынтә иара абас Анцәа иҳәара далагеит: «Иегова, суҳәоит, сара сҟынтә уззыԥшу аилкаара усыцхраа». Анаҩс иара аконцлагерь аҿы иҟаз егьырҭ аишьцәа зықәшәоз ауадаҩрақәа дрызхәыцит. Урҭ рҟынтә аӡәырҩы рыҳәсеи рхәыҷқәеи хьаас ирыман. Усҟан аиашьа Пиотцингер абас Анцәа диҳәеит: «Иегова, иҭабуп иҿыцу адҵа ахьсуҭаз. Суҳәоит сашьцәа ргәы ашьҭыхреи рырӷәӷәареи сылшартә усыцхраа». Мартин Пиотцингер аконцлагерьқәа рҿы ихигаз жә-шықәса рыҩныҵҟа убас иагьыҟаиҵон!

8. Иаҳхаҳмыршҭлар акәзеи Анцәа ҳаниҳәо?

8 Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп Иегова агәҭакы шимоу, насгьы уи ианаамҭоу ишынаигӡо. Иара гәҭакыс имоу иахьа ахьаа ҳзаазго ауадаҩрақәа зегь рықәгара ауп. Иаҳҳәап, аԥсабаратә рыцҳарақәа, ачымазарақәа, насгьы аԥсра. Иегова игәҭакы Иаҳра ацхыраарала инаигӡоит (Дан. 2:44; Аат. 21:3, 4). Аха уи аамҭа ааиаанӡа Анцәа Аҩсҭаа азин ииҭоит ари адунеи напхгара азиуларц (Иоанн 12:31; Аат. 12:9) b. Иегова уажәнатә ауаа рыуадаҩрақәа иӡбозҭгьы, Аҩсҭаа инапхгара ақәҿиара амоушәа убар алшон. Убри аҟынтә Иегова иқәыргәыӷрақәа анынаигӡо амш ҳазыԥшызароуп. Аха уи иаанагаӡом иара цхыраарада ҳаанижьит ҳәа. Шәааи ҳрыхәаԥшып Иегова дҳацхрааларц азы ихы иаирхәо знеишьақәак.

ИЕГОВА ИАХЬА ҲАҲӘАРАҚӘА РҬАК ШЫҞАИҴО

9. Дҳацхраар шԥаилшо Иегова аӡбара анҳадаҳкыло? Иаажәга аҿырԥштәы.

9 Иара аҟәыӷара ҳаиҭоит. Иегова ажәа ҳаиҭоит аӡбара бзиақәа рыдкыларазы аҟәыӷара шҳаиҭо. Ианбаҳҭаху еиҳараӡак Анцәа иҟынтә аҟәыӷара? Ҳаԥсҭазаара зегь зыԥсахыр алшо аӡбарақәа анҳадаҳкыло, иаҳҳәап аҭаацәара ҳалалару-ҳаламлару ҳаназхәыцуа (Иак. 1:5). Шәааи Мариа c зыхьӡу аҭаацәара иаламлац аиаҳәшьа лыхҭыс ҳазхәыцып. Лара пионерс амаҵ луан, уи даараӡа илгәаԥхон. Аха зны Мариа иашьак диабадырит. Лара илҳәоит: «Иареи сареи ҳаибадырцыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа ҳаишьцылон. Сара издыруан аӡбара сыдыскылар шсыхәҭаз. Уи азы акыраамҭа сӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа сиҳәон. Сара Иегова инапхгара сҭахын, аха издыруан иара сара сзы аӡбара шидимкыло». Мариа агәра ганы дыҟоуп Иегова лыҳәара аҭак шыҟаиҵаз, насгьы аҟәыӷара шлиҭаз. Ишԥалбеи лара иҭак? Лара аҭҵаара мҩаԥылгеит, насгьы ҳпубликациақәа рҿы илымаз азҵаарақәа рызхәыцра илыцхрааз астатиақәа лыԥшааит. Иара убас Иегова имаҵ зуа лан илабжьалгаз дазхәыцит. Уи Мариа илыцхрааит лцәаныррақәа рызхәыцра. Уи зегь иҟәыӷоу аӡбара адкылара илыцхрааит.

Дышԥаҳацхраауеи Иегова ауадаҩрақәа рыхгара? (Шәахәаԥш абзац 10.)

10. Дышԥарыцхраауеи Иегова имаҵзуҩцәа, Филиппаа рахь 4:13 иану инақәыршәаны? Иаажәга аҿырԥштәы. (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

10 Иара аԥышәарақәа рыхгаразы амч ҳаиҭоит. Иегова апостол Павел даанимыжьӡеит. Ус анакәха, ҳаргьы аԥышәарақәа ҳхаҳгаларц азы амч ҳаиҭоит. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 4:13.) Абар Иегова Бе́нџьамин зыхьӡу аиашьа дышицхрааз. Иқәыԥшра ашықәсқәа реиҳарак раан иҭаацәеи, иашьцәеи, иаҳәшьцәеи, иареи Африка ахҵәацәа рлагер аҿы инхон. Иара еиҭеиҳәоит: «Сара сааҟәымҵӡакәа Иегова сиҳәон игәаԥхо аҟаҵаразы амч сиҭарц. Иегова сыҳәарақәа рҭак ҟаиҵеит. Иара исиҭеит агәҭынчра, анаҩсгьы ажәабжь сҳәаларц азы агәымшәара, насгьы доуҳала сыӷәӷәаны саанхаларц азы Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәа». Бенџьамин иациҵоит: «Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирхыргоз атәы санаԥхьоз, насгьы Иегова урҭ дышрыцхраауаз анызбоз, уи анаҩсгьы гәыкала Иегова имаҵ аура исыцхраауан».

Дшәыцхраахьоума Иегова аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.) d

11, 12. Ишԥаҟаиҵар алшо Иегова ҳаҳәарақәа рҭак аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

11 Иара аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла дҳацхраауеит. Иисус иԥсра уахык шагыз дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Анцәа диҳәон. Иара Иегова диҳәон Анцәа дзырџьо ҳәа ахара идрымҵартә иҟаиҵарц. Аха Иегова ус ҟаимҵаӡеит. Иара Иԥа дицхраарц азы, Иисус иашьцәа руаӡәк — амаалықь — дизынаишьҭит, уи дирӷәӷәарц азы (Лука 22:42, 43). Иегова ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҟынтә аӡәы ҳара ҳахь даарц мамзаргьы даҳзасырц игәазҭеиҵар илшоит. Убри аҟынтә ҳара зегьы иҳалшоит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи «ажәа ҟәанда» раҳәаразы алшарақәа ҳаԥшаалар (Ажәам. 12:25).

12 Абар Ми́риам лыԥшәма данԥсы мчыбжьқәак рышьҭахь дзықәшәаз. Лара лхала аҩны дыҟан, лгәы убри аҟынӡа икаҳан дыҟан лыҽлызнымкыло аҵәыуара даҿын. Мириам лыгәҭыхақәа ззеиҭалҳәашаз аӡә дылҭахын. Лара илҳәоит: «Сара аӡәгьы сзизамысӡеит, зынӡа амч сымамызт. Схала Иегова иҳәара саҿын. Ус сҭел абжьы геит. Иасуаз иаҳҩыза гәакьаз аизара аиҳабы иакәын». Уи аиашьа иԥшәмеи иареи Мириам лгәы дырҭынчит. Лара агәра ганы дыҟоуп лзасра игәазҭазҵаз Иегова шиакәу.

Ргәазҭеиҵар шԥаилшо Иегова шьоукы ацхыраара ҳаҭара? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13, 14.)

13. Ихы ишԥаирхәо Иегова имаҵ зымуа ауаа ҳаҳәарақәа рҭак аҟаҵаразы. Иаажәга аҿырԥштәы.

13 Иара имаҵ зымуа ауаа рыла дҳацхраар илшоит (Ажәам. 21:1). Иаҳҳәап, Иегова аҳ Артаксеркс Неемиа доуишьҭырц игәазҭеиҵеит, уи Иерусалимҟа дхынҳәны ақалақь еиҭашьақәиргыларц азы (Неем. 2:3—6). Иахьагьы Иегова имаҵ зымуа ауаа ихы иархәаны дҳацхраар илшоит.

14. Ишәгәаԥхазеи Су Цин лыхҭыс аҟынтә? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

14 Су Цин зыхьӡу аиаҳәшьа Иегова аҳақьым ила дышлыцхрааз еиҭалҳәеит. Лԥа апсихика иадҳәалоу ачымазарақәа иман. Иара амашәыр данақәшәа, Су Цин лхаҵеи лареи русура ааныжьны, рԥа дырбалар акәхеит. Дара аԥара иадҳәалаз ауадаҩрақәагьы рызцәырҵит. Су Цин зынӡа лымч лылӡааит. Лара зегьы Иегова изеиҭалҳәеит, насгьы ацхырааразы диҳәеит. Уи ашьҭахь ҳақьымк дрыцхраарц иӡбеит. Уи абзоурала аҳәынҭқарра ацхыраара рырҭеит, зыхә цәгьамыз иахьынхалаша ҭыԥкгьы рзырыԥшааит. Уи ашьҭахь Су Цин илҳәеит: «Ҳара Иегова дышҳацхраауаз ҳбон. Иара ҳаҳәарақәа дырзыӡырҩыҵәҟьоит» (Аԥсал. 65:2).

ИЕГОВА ҲАҲӘАРАҚӘА РҬАК ШЫҞАИҴО ҲБАРЦ, НАСГЬЫ ИҲАДАҲКЫЛАРЦ АЗЫ АХАҴАРА ҲҬАХУП

15. Ишԥеилылкааи иаҳәшьак Иегова лыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵоз?

15 Иегова ҳаҳәарақәа рҭак еснагь иааџьоушьартә еиԥш иҟаиҵаӡом. Аха жәҩантәи Ҳаб ҳаҳәарақәа рҭак аныҟаиҵо, анаҩсгьы гәыкала имаҵ ҳауларц азы иаҭахыҵәҟьоу ҳаиҭоит. Убри аҟынтә Иегова шәыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо гәашәҭала. Ио́ко зыхьӡу иаҳәшьак лыҳәарақәа ҭакда иаанхошәа лгәы иабон. Аха нас лара Иегова дзызиҳәоз аблокнот ианылҵо далагеит. Аамҭак ашьҭахь уи аблокнот данахәаԥш, лара еилылкааит Иегова лыҳәарақәа реиҳарак, лара илхашҭхьазгьы, рҭак шыҟаиҵаз. Ҳара зегьы Иегова ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо аамҭа-аамҭала ҳазхәыцлар хадоуп (Аԥсал. 66:19, 20).

16. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо ахаҵара? (Ауриацәа рахь 11:6).

16 Ҳара ахаҵара ааҳарԥшуеит Иегова ҳаниҳәо адагьы, иҳаиҭо аҭак анҳадаҳкылогьы, уи зеиԥшразаалакгьы. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 11:6.) Иаҳҳәап, Маик иԥшәма Криссии иареи Вефиль аҿы амаҵ рулар рҭахын. Маик иҳәоит: «Ҳара акыршықәса арзаҳалқәа хаҳарҭәаауан, насгьы Иегова ҳхықәкы анагӡара дҳацхраарц азы ҳааҟәымҵӡакәа ҳиҳәон. Аха ҳара Вефиль ахь ааԥхьара ҳарымҭаӡеит». Аха Маики Криссии агәра ганы иҟан Иегова зегьы иреиӷьны ишидыруа амаҵзураҿы урҭ ихы ишаирхәаша. Дара анаҩсгьы агәацԥыҳәара аарԥшны амаҵзураҿы ирылшоз зегь ҟарҵон. Ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхоз аҭыԥ аҿы пионерс амаҵ руан, насгьы ҳорганизациа инанагӡо аргыларатә проектқәа рыҽрыладырхәуан. Иахьа дара араионтә маҵзура нарыгӡоит. Маик иҳәоит: «Иегова ҳаҳәарақәа рҭак ҳара ишаҳҭахыз еиԥш акәӡам еснагь ишыҟаиҵоз. Аха иара урҭ рҭак ҟаиҵон. Уи ҳхаҿы ишаҳзаамгоз еиԥш ауп ишыҟаиҵозгьы».

17, 18. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи, Аԥсалом 86:6, 7 иану инақәыршәаны?

17 Шәаԥхьа Аԥсалом 86:6, 7. Аԥсаломшәаҳәаҩ Давид агәра ганы дыҟан Иегова иҳәарақәа шиаҳауаз, насгьы рҭак шыҟаиҵоз. Шәаргьы уи ус шакәу агәра ганы шәыҟазар шәылшоит. Ари астатиаҿы еилҳаргаз ахҭысқәа агәра ҳдыргоит зегь ҳхаҳгарц азы Иегова хымԥада аҟәыӷареи амчи шҳаиҭо. Иара дҳацхраар ауеит аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла, иара убас имаҵ зымуа рылагьы.

18 Ааи, Иегова ҳаҳәарақәа рҭак ҳара ишаҳҭаху еиԥш акәӡам еснагь ишыҟаиҵо. Аха ҳара иаҳдыруеит иара урҭ рҭак хымԥада ишыҟаиҵо. Иара иаҳҭахыҵәҟьоу ҳаиҭоит, насгьы уи ианаҭахыҵәҟьоу иҟаиҵоит. Убри аҟынтә ахаҵара аарԥшны анаҩсгьы Анцәа шәиҳәала. Агәра ганы шәыҟаз иара иахьагьы дшышәхылаԥшуа, адунеи ҿыц аҿгьы, имаҵзуҩцәа зегь ргәы ззыҳәо анриҭо, дшышәхылаԥшло (Аԥсал. 145:16).

АШӘА 46 Иҭабуп, Иегова

a Иегова агәра ҳиргоит ҳаҳәарақәа игәы иақәшәозар, урҭ рҭак шыҟаиҵало. Аԥышәарақәа анаҳхаҳго агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова гәыкала ҳшизыҟоу аанхара дышҳацхраауа. Шәааи ҳалацәажәап иара ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо.

b Иегова Аҩсҭаа адунеи напхгара азиуларц азин зииҭаз иазкны шәаԥхьар шәылшоит 2017 шықәса, ииун мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҟны иаагоу астатиа «Анцәа инапхгара иадҳәалоу азҵаара шәхашәмыршҭлан» аҿы.

c Хьыӡқәак ԥсахуп.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Ахҵәацәа, ани аԥҳеи, даҽа тәылак ахь нхара иааит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи урҭ гәыкала ирыдыркылоит, ацхыраарагьы рырҭоит.