Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Аԥсалом 12:7 аҿы иануп: «Уара урҭ ухьчалоит». Зыӡбахә цода ара: «агәаҟцәа» ракәу (ажәеинраала 5), «Иегова иажәақәа» ракәу (ажәеинраала 6)?

Аконтекст излаҳнарбо ала, ари ажәеинраалаҿы зыӡбахә ҳәоу ауаа роуп.

Аԥсалом 12:1—4 аҿы ҳара ҳаԥхьоит зыгәра угартә иҟоу ауаа шаанымхаз. Анаҩс ажәеинраалақәа 5 инаркны 7-нӡа ҳрыԥхьозар, абас ануп:

«Агәаҟцәа аума рзаарцоит,

Иӷару гәынқьуеит,

Аха сара урҭ еиқәсырхоит, — иҳәоит Иегова, —

Ирхыччо зегь рҟынтә исыхьчоит».

Иегова иажәақәа цқьоуп.

Урҭ анышәаԥшь иалху аԥечкаҿы ирҭәоу, бжьынтә ирыцқьоу араӡны иеиԥшуп.

Иегова, уара урҭ ухьчалоит,

Есымша ари абиԥара иацәухьчалоит.

5-тәи ажәеинраалаҿы Анцәа «агәаҟцәа» ирзыҟаиҵо атәы ҳәоуп. Иара урҭ еиқәирхоит.

6-тәи ажәеинраалаҿы иҳәоуп «Иегова иажәақәа» ирҭәоу араӡны еиԥш ицқьоуп ҳәа. Ақьырсианцәа зегьы уи иақәшаҳаҭуп (Аԥсал. 18:30; 119:140).

7-тәи ажәеинраалаҿы иҳәоуп: «Иегова, уара урҭ ухьчалоит, есымша ари абиԥара иацәухьчалоит». Ицәырҵыр алшоит азҵаара: дарбану ма иарбану ара зыӡбахә цо?

6-тәи ажәеинраалаҿы «Иегова иажәақәа» рыӡбахә ҳәоуп азы, угәы иаанагар алшоит Анцәа иихьчало урҭ роуп ҳәа. Ҳара иаҳдыруеит Иегова ииашаҵәҟьаны Иажәа, Абиблиа, шихьчоз. Уи ашәҟәы еиқәхеит ауаа аԥхьара азин шрырымҭозгьы, ақәхра ишашьҭазгьы (Ис. 40:8; 1 Пиотр 1:25).

5-тәи ажәеинраала иаҳәоит Иегова идыргәаҟуа, аума ззарцо шихьчало. Уигьы иашоуп (Иов 36:15; Аԥсал. 6:4; 31:1, 2; 54:7; 145:20).

Нас, 7-тәи ажәеинраалаҿы «урҭ» ҳәа зыӡбахә ҳәоу зусҭцәада?

12-тәи Аԥсалом зегь ҳаԥхьар, еилыкка иаҳбоит «урҭ» ҳәа ара зыӡбахә цо ауаа шракәу.

12-тәи Аԥсалом алагамҭаҿы Давид иҳәоит иаргьы, Иегова изиашаз егьырҭ имаҵзуҩцәагьы амц зҳәоз ауаа ирыхҟьаны ишгәаҟуаз. Анаҩс Иегова иҳәоит зыбз ала ауаа ԥырхага рызҭо дшырҿагыло. Иааизакны ари аԥсалом зызку Иегова имаҵзуҩцәа шихьчало ауп. Ҳара Анцәа игәра агара ҳалшоит, избанзар иажәақәа цқьоуп.

Убри аҟынтә 7-тәи ажәеинраала «агәаҟцәа» рзы гәышьҭыхгоуп: Анцәа «урҭ» агәнаҳаҟаҵаҩцәа рҟынтә ихьчалоит.

Ауриатә-масореттә текст аҿы ари ажәеинраалаҿы ахьыӡцынхәра «урҭ» гылоуп. Абырзен Септуагинтаҿы уи ажәеинраала абас еиҭагоуп: «ҳара ҳухьчалоит», «урҭ есымша ҳарцәухьчалоит». Ара зыӡбахә цо идыргәаҟуа Анцәа имаҵзуҩцәа роуп. Иара убас 7-тәи ажәеинраалаҿы иҳәоуп Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа «ари абиԥара» ишацәихьчало, даҽакала иуҳәозар, «ахәымгара ҳаразкуа» ишырцәихьчало (Аԥсал. 12:7, 8). Абар ари ажәеинраала арамеитә таргумқәа рҿы ишеиҭаго: «Уара, о ИҲАҚӘИҬУ, ауаа иашақәа ухьчалоит. Урҭ ари абиԥара цәгьа есымша иацәухьчалоит. Уахьынаԥшлак ауаа цәгьақәа цхлымуа иқәуп. Дара аҵарбелқәа реиԥш ауаҩытәыҩсатә ԥацәа ршьа ржәуеит». Еилҳаргаз зегь иаҳнарбоит Аԥсалом 12:7 аҿы зыӡбахә цо Анцәа иажәақәа ракәымкәа, ауаа шракәу.

Ари ажәеинраала Иегова изиашоу дышрыцхраауа ала агәыӷра рнаҭоит.