Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ихәарҭоу алабжьарақәа. Иҭуҵаалар улшо

Ихәарҭоу алабжьарақәа. Иҭуҵаалар улшо

Иегова иџьашьахәу иҟазшьақәа ирызкны еиҳаны еилышәкаа

Ҳара Абиблиа ҳанаԥхьо, ҳзыԥхьо еиӷьны еилаҳкаарц азы аҭҵааразы иҟоу еиуеиԥшым амыругақәа ҳхы иаҳархәалар ҳалшоит. Аха хықәкыс иҳамоу баша афактқәа реизгара акәӡам. Ҳара иаҳҭахуп Иегова иахь ҳабзиабара еиҳа-еиҳа еизҳалар. Убри аҟынтә зеиԥшыҟам Ҳанцәа изкны есымша иҿыцу ак аилкаара хадоуп. Абиблиа шәанаԥхьо шәхы шәазҵаала: «Еилыскаазеи Иегова изкны ари абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?»

Ҳара Иегова абзиабареи, аҟәыӷареи, аиашареи, амчи шааирԥшуа гәаҳҭалар ауеит. Аха Анцәа арҭ ԥшь-ҟазшьак мацара ракәӡам илоу — урҭ даара ирацәоуп. Иҳаԥшаар абаҳалшо, нас, егьырҭ Иегова иҟазшьа ԥшӡақәа ирызку аинформациа?

«Индекс публикаций Сторожевой башни» аҿы 50 раҟара Анцәа иҟазшьақәа еиқәыԥхьаӡоуп. Иаашәырты ахы «Иегова», нас ахеиҵа «Качества по отдельности». Абиблиа аҿы цыԥҵәахак шәанаԥхьо, шәазхәыц иарбан ҟазшьоу уи аҭагылазаашьаҿы Иегова иааирԥшыз, насгьы уи ҭышәҵаа. (Шәара «Путеводитель по публикациям Свидетелей Иеговы» мацара акәзар ишәымоу, иаашәырты ахы «Бог Иегова», нас ахеиҵа «Качества».)