2 Пиотр 2:1—22

  • Амцрҵаҩцәа ҟалоит (1—3)

  • Анцәа амцрҵаҩцәа ықәигоит (4—10а)

    • Амаалықьцәа тартар иҭажьуп (4)

    • Аӡхыҵра ду; Содоми Гоморреи (5—7)

  • Амцрҵаҩцәа зеиԥшроу (10б—22)

2  Анцәа ижәлар рыбжьара амцԥааимбарцәа шыҟаз еиԥш, шәыбжьарагьы амцрҵаҩцәа ҟалоит. Дара ишәызгәамҭаӡакәа еиҿыркаауеит шәымҩахызҟьо асектақәа, иара убас дара аазхәаз, изтәу Иисус мап ицәыркуеит, убри азгьы ирласны иқәгахоит. 2  Ԥхашьарак злам рхымҩаԥгашьа* иахәаԥшны, дара реиԥш зхы амҩаԥгара иалаго рацәаҩхоит. Урҭ рымшалагьы ауаа аҵабырг мҩа иакәым ала иахцәажәалоит. 3  Дара рыԥсы ҭәӡом азы, шәжьаны рхы шәадырхәалоит. Аха Анцәа урҭ дрықәыӡбеижьҭеи акыр ҵуеит. Иара иӡбара ианаамҭоу инаӡоит. Урҭ рықәӡаара хырԥашьа амам. 4  Анцәа агәнаҳа ҟазҵаз амаалықьцәа рыцҳамшьаӡакәа, иҿаҳәаны та́ртар* иҭаижьит, аӡбара амш ааиаанӡа, лашарак ахьымнеиуа алашьцараҿы иҟазарц азы. 5  Уи адагьы, иара Нои ихаан ауаа цәгьақәа рыла иҭәыз адунеи рыцҳаимшьаӡеит. Аӡхыҵра ду ҟаҵаны урҭ ықәигеит. Аха аиаша рылазҳәоз Ноии уи ицыз быжьҩык ауааи еиқәирхеит. 6  Иара убас ақалақьқәа Содо́ми Гомо́рреи дрықәыӡбан, иқәыццышәаа иблит, убри алагьы ауаа цәгьақәа ирыхьуа дирбеит. 7  Аха ԥхашьарак зламыз урҭ рхымҩаԥгашьа* згәы знархьуаз ауаҩ иаша Лот деиқәирхеит, 8  избанзар дызланхоз ауаа иҟарҵоз аус цәгьақәа ахьибоз, ирҳәоз ахьиаҳауаз иахҟьаны, Анцәа иҿаԥхьа ииашаз уи ауаҩ есыҽны игәы ихьуан. 9  Иегова* идыруеит изиашоу ауаа аԥышәарақәа раан ишеиқәирхаша, ауаа цәгьақәагьы аӡбара амш аҽны иқәигарц азы ишынижьша, 10  еиҳарак агәаҳәара ҟьашьқәа рыҽрыҭаны егьырҭ рыбжьыхра иашьҭоу, напхгара зуа пату рықәзымҵо ауаа. Дара ԥагьоуп, рҳәатәы иадыргоит, Анцәа аҳаҭыр заҭәеишьаз аиакәым рыхҳәаарагьы иацәшәаӡом. 11  Уи аҩыза амаалықьцәаҵәҟьагьы рхы иаҭәаршьаӡом. Дара рымч акырӡа ишеиҳаугьы, Иегова пату ахьиқәырҵо азы, урҭ амцрҵаҩцәа ахара рыдырҵаӡом, ишакәымгьы ирыхцәажәаӡом. 12  Аха урҭ ауаа цәгьақәа, ауаа икны иршьуа аԥстәқәа реиԥш, рцәаҩа ирыҵанаҳәо ауп иҟарҵо. Ирзеилымкаауа зегьы иакәым ала иахцәажәоит. Иҭазырхо амҩа иахьанылаз азы иҭахоит, 13  аус цәгьақәа ахьыҟарҵо азы ирықәнагоу иақәыршәахоит. Урҭ ҽынлагьы ргәаҳәара ҟьашьқәа ахьынарыгӡо агәырӷьара ду рзаанагоит. Дара амаҭәа иану аҩазеи ауаҩы иҿы иану ашәахсҭеи иреиԥшуп. Ишәыдтәаланы акраншәыцырфо, рымцҵарақәа иргәарԥханы ирыхцәажәоит. 14  Рылақәа цымцымуа акаҳԥра иашьҭоуп, агәнаҳа аҿагылара рылшаӡом, зхаҵара ԥсыҽугьы хырхуеит, ргәы-рыԥсы ҭәӡом. Аха Анцәа урҭ ахьирхәуеит. 15  Дара амҩа иаша ааныжьны, иҽеим амҩа ианылеит. Аҳамҭа иоурц азы аус цәгьақәа ҟазҵоз Бео́р иԥа Валаа́м имҩа иқәлеит. 16  Иара иҟаиҵоз шиашамыз ирбан. Имцәажәо аҽада ацәажәара иалаган, уи аԥааимбар агаӡара инамырҟаҵаӡеит. 17  Дара иҭабаз аӡыхьқәеи аԥша иаманы иқәу аԥсҭҳәақәеи иреиԥшуп. Урҭ лашарак ахьзымнеиуа алашьцара еиқәаҵәа рзыԥшуп. 18  Дара ажәа ԥшӡақәа рҳәоит, аха ирҳәо хәарҭас иалоу ҳәа акгьы ыҟам. Ауаа агәаҳәара ҟьашьқәа рызцәырганы, ԥхашьарак злам рхымҩаԥгашьа* ала ааигәа ауаа цәгьақәа ирылҵыз хырхуеит. 19  Урҭ ахақәиҭра иақәдыргәыӷуеит, аха рхаҭа агәнаҳа иамаҵуцәоуп, избанзар иуиааиуа уимаҵуҩхоит. 20  Ҳаиқәырхаҩ Иҳақәиҭу Иисус Христос изку ииашоу, иҵаулоу адыррақәа зауз, насгьы узҟьашьуа ари адунеи аус цәгьақәа аанзыжьыз, аха нас урҭ рахь ихынҳәны зыҽрызҭаз ауаа раԥхьа ишыҟаз аасҭа еицәахоит. 21  Еиҳа еиӷьын дара аҵабырг мҩа рзымдыруазҭгьы, аҵабырг мҩа ибзианы еилкааны, ироуз иԥшьоу аԥҟара еиларгар аасҭа. 22  Убасала дара ажәаԥҟа иаҳәо рыхьит: «Ала иаҿнахыз афарц азы ихынҳәуеит, иркәабаз аҳәагьы еиҭах аӡмах аҽҭанажьуеит».

Албаагақәа

Абырзен ажәа асе́лгеиа арацәа хыԥхьаӡараҿы. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа».
Шәахәаԥш Ажәар.
Абырзен ажәа асе́лгеиа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа».
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Абырзен ажәа асе́лгеиа арацәа хыԥхьаӡараҿы. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа».