2 Коринфаа рахь 6:1—18

  • Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ииашамкәа ҳхы иаҳархәар ҟалаӡом (1, 2)

  • Павел имаҵзура дахцәажәоит (3—13)

  • «Ахаҵара змами шәареи уӷәк шәҽаҵашәымкын» (14—18)

6  Анцәа аџьабаа ицызбо реиԥш, ҳара иара убас ҳшәыҳәоит: Анцәа иааирԥшуа шәзыԥсам ақьиара хықәкыс иамоу шәхашәмыршҭлан, 2  избанзар иара иҳәоит: «Аамҭа бзиа аан сара убжьы саҳаит, аиқәхара амш аҽны суцхрааит». Абыржәоуп ианыҟоу аамҭа бзиа, абыржәоуп — аиқәхара амш. 3  Ҳара аӡәы дзыхҟьашар алшо ҳәа акгьы ҟаҳҵаӡом, ҳмаҵзура ишакәым иахымцәажәаларц азы. 4  Уи аҭыԥан зегь рыла Анцәа имаҵзуҩцәа шҳакәу ааҳарԥшуеит, ачҳара аарԥшны имаҷымкәа аԥышәарақәа анҳхаҳго, ианҳхаҳго агәаҟрақәа, амамзаара, ауадаҩрақәа, 5  ҳанырыпҟо, абахҭа ҳанҭаркуа, зыԥсахы еибакны иҟоу ауаа анҳажәло, аџьабаа ӷәӷәа анаҳбо, уахынла ҳанызмыцәо, амла ҳанакуа, 6  ацқьара анаҳахьчо, иаҳдыруа инақәыршәаны ҳанынхо, ачҳара анааҳарԥшуа, ақьиара анҳалоу, иԥшьоу адоуҳа ишҳаҵанаҳәо еиԥш ҳанынхо, гәык-ԥсыкала абзиабара анааҳарԥшуа*, 7  аиаша анаҳҳәо, Анцәа имч ҳанақәгәыӷуа, ҳарӷьа напаҿи* ҳарма напаҿи* аиашара абџьар анаҳку, 8  ҳанҳараркуа, ҳахьӡ аныладырҟәуа, ҳандырџьо, ҳандырҽхәо. Ауаа ҳамцҳәаҩцәоуп ҳәа рыԥхьаӡоит, аха ҳара аиаша ҳҳәоит, 9  аӡәгьы изымдыруа шьоук реиԥш ҳрыԥхьаӡоит, аха ҳардыруеит, аԥсра иаҿу* реиԥш иҳахәаԥшуеит, аха ҳаԥсы ҭоуп, зықәнага иақәдыршәаз реиԥш иҳахәаԥшуеит, аха аԥсра аҟынӡа ҳнагам, 10  ҳалахь еиқәуп ҳәа рыԥхьаӡоит, аха ҳара еснагь ҳгәырӷьоит, иӷару реиԥш иҳахәаԥшуеит, аха иҳарбеио рацәаҩуп, акгьы змам реиԥш ҳрыԥхьаӡоит, аха ҳара зегь ҳамоуп. 11  Коринфаа, ҳара иаахтны ҳшәацәажәон, ҳагәқәагьы ҟьаҟьаӡа ишәзааҳартит. 12  Бзиа шәшаҳбо шәҳарбоит, ҳабзиабара ҳӡаӡом, аха иабаҟоу шәара шәыбзиабара ҳара ҳахь? 13  Убри аҟынтә схәыҷқәа реиԥш ишәасҳәоит: шәаргьы шәыгәқәа ҟьаҟьаӡа иаашәырты*. 14  Ахаҵара змами шәареи уӷәк* шәҽаҵашәымкын. Аиашареи азакәандареи ирзеилоу ҳәа акрыҟоума? Акыр рзеилоума алашареи алашьцареи? 15  Христоси Велиа́ри* акзаара рыбжьаны ҟалашьа амоума? Ирзеилои ахаҵара змоуи измами? 16  Анцәа иныҳәарҭеи аидолқәеи ирзеилоу ҳәа акрыҟоума? Ҳара Анцәа иныҳәарҭа ҳауп, избанзар Анцәа иҳәеит: «Сара урҭ срыцынхалоит, срыцзаауеит. Сара урҭ Рынцәа сакәхоит, дара сыжәлар ракәхоит». 17  «„Убри аҟынтә шәрылҵ урҭ, иааншәыжь, — иҳәоит Иегова*, — ицқьам акы уаҳа шәаламкьысын“», «усҟан сара шәсыдыскылоит». 18  «„Сара Абыс сышәзыҟалоит, шәара сыҷкәынцәеи сыӡӷабцәеи шәакәхоит“, — иҳәоит Зегьзымчу Иегова».

Албаагақәа

Ма «ҳабзиабара ҩ-цәак анахарԥам».
Иҟалап ажәыларазы.
Иҟалап ахыхьчаразы.
Ма «аԥсра зықәнагоу».
Ма «шәыҽшәырҭбаа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «еиҟарам ауӷә».
Ауриатә ажәа иаанагоит «акгьы иаԥсам». Аҩсҭаа идҳәалоуп.
Шәахәаԥш Ацҵа А5.