2 Коринфаа рахь 5:1—21
5 Ҳара иаҳдыруеит адгьыл аҿы иҳамоу аҩны, ари ақьала, еилаҳар, Анцәа иҟынтә ишҳауа ауаҩы инапала иҟаҵам, ажәҩан аҿы иҟоу, наӡаӡатәи аҩны.
2 Адгьыл аҿы иҳамоу аҩнаҿы ҳара ҳӷызуеит, даараӡа иаҳҭахуп ажәҩан аҿы иаҳзырхиоу ҳшәаҳҵар.
3 Ианҳшәаҳҵалак, ҳахтны ҳаанхаӡом.
4 Ари ақьалаҿы ҳара ҳӷызуеит, ҳгәаҟуеит, аха уи ҳшәаҳхырц ахьаҳҭаху азы акәӡам, даҽак ҳшәаҳҵар ахьаҳҭаху азоуп, аԥсҭазаара ала ԥсра зқәу ықәгахарц азы.
5 Уи аԥсҭазаара ҳазыҟазҵаз Анцәа иоуп. Иара ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу шыҟалаҵәҟьо шьақәзырӷәӷәо адырга еиԥш адоуҳа ҳаиҭеит.
6 Ҳара уи агәра ганы ҳаҟоуп. Иара убас иаҳдыруеит ари ацәеижь ҩныс иҳаманаҵы Иҳақәиҭу ҳшицәыхароу.
7 Ҳара иаҳбо ала акәымкәа, хаҵарала ауп ҳшынхо.
8 Ҳара агәрагара шҳамац иҳамоуп, насгьы ари ацәеижь аҿы аанхара аасҭа, Иҳақәиҭу ҳицынхалар еиҳа еиӷьаҳшьоит.
9 Убри аҟынтә, иара ҳицынхозаргьы, ҳаицәыхаразаргьы, хықәкыс иҳамоу игәы аҟаҵара ауп,
10 избанзар ҳаззегьы Христос иӡбарҭаҭыԥ аҿаԥхьа ҳгылараны ҳаҟоуп, дасу ацәеижь иманы дынхонаҵы иҟаиҵоз зегь азы — абзиара аума, ацәгьара аума — иқәнагоу иоурц азы.
11 Ҳара Иҳақәиҭу ицәшәара* иаанаго ҳдыруеит азы, ауаа ираҳҳәо агәра ргартә еиԥш иаҳҳәоит. Анцәа ҳара ибзианы ҳаидыруеит. Сгәыӷуеит, шәаргьы ибзианы ҳажәдыруеит* ҳәа.
12 Ҳара еиҭах ҳазусҭцәоу шәаҳәара ҳгәы иҭаӡам, аха ҳалаҽхәара алшара шәаҳҭоит, агәаҭа акәымкәа, ауаҩы ила иабо иахыҽхәо ирашәҳәаша шәымазарц азы.
13 Ҳхы еилаԥсазар, уи Анцәа изоуп, ҳахшыҩ аҭыԥ аҿы иҟазар — шәара шәзоуп.
14 Иҟаҳҵо ҳзырҟаҵо Христос ибзиабара ауп, избанзар ҳара еилаҳкааит: аӡәы зегьы рзы дыԥсит, избанзар зегь ԥсит.
15 Иара зегьы рзы дзыԥсыз, зыԥсы ҭоу уажәшьҭа рхазы акәымкәа, дара рзы иԥсыз, насгьы зыԥсы ҭалаз изы инхаларц азоуп.
16 Убри аҟынтә ҳара уажәшьҭа ауаа рхәаԥшышьала аӡәгьы ҳихәаԥшӡом. Уаанӡа ҳара Христос ус ҳихәаԥшуан, аха уажәшьҭа ус ҳихәаԥшӡом.
17 Убри аҟынтә Христос аӡәк иеиԥш ицу дшамҭа ҿыцуп. Ажәытә ииасит, аҿыц ҟалеит.
18 Аха уи зегьы Анцәа иҟынтә ауп. Иара Христос ила иареи ҳареи ҳаиниршәеит, насгьы аиныршәаратә маҵзура ҳнапы ианиҵеит.
19 Даҽакала иуҳәозар, Анцәа ауаа рус цәгьақәа рзы дырмықәыӡбаӡакәа, Христос ила адунеии иареи еинышәартә иҟаиҵоит. Иара аиныршәаратә жәабжь ҳара ҳнапы ианиҵеит.
20 Убри аҟынтә ҳара Христос иҭыԥан иҟоу цҳаражәҳәаҩцәоуп. Анцәа ҳара ҳала ауаа дрыҳәоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Христос ихьӡала аҳәара ҟаҳҵоит: «Анцәа шәинышәа».
21 Иара агәнаҳа закәу ззымдыруаз агәнаҳазы кәырбанс* дҟаиҵеит ҳаҳаҭыразы, иара ила Анцәа иҿаԥхьа ҳуаа иашақәаны ҳаԥхьаӡахарц азы.
Албаагақәа
^ Ма «ҳаҭыр ду иқәҵара».
^ Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәыламыс ҳадыруеит».
^ Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «гәнаҳас».