Филимон иахь 1:1—25
1 Христос Иисус изы иҭаку Павели ҳашьа Тимофеии рҟынтә бзиа иаҳбо, Анцәа имаҵ ҳацызуа Филимон уахь,
2 иара убас ҳаҳәшьа А́пфиеи, аруаҩ иеиԥш Анцәа имаҵ ҳацызуа Архиппи, уҩны имҩаԥысуа аизареи рахь.
3 Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси иҳарҭо аҭынчреи иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи шәыгымзааит.
4 Еснагь Анцәа иҭабуп ҳәа иасҳәоит саниҳәо уанысгәалашәо,
5 избанзар исаҳауеит Иҳақәиҭу Иисус иахь ахаҵара шумоу, насгьы гәык-ԥсыкала бзиа дшубо, убасҵәҟьа бзиа ишубо Анцәа иалихқәаз иԥшьоу зегьы.
6 Анцәа сиҳәоит, егьырҭ ргәы шьҭызхуа ухаҵара уцхраарц Христос ибзоурала иҳауз абзиарақәа шаҟа ирацәоу аилкаара.
7 Ҳашьцәа рахь иааурԥшыз абзиабара атәы ансаҳа, уи саргәырӷьеит, сыгәгьы ҟанаҵеит, избанзар уара ула, сашьа, урҭ ргәы ӷәӷәахеит.
8 Христос иапостол иаҳасабала иудысҵаргьы ауан,
9 аха убзиабара атәы здыруеит азы, суҳәоит, сара, Павел, уажәшьҭа ибыргу, насгьы Христос Иисус изы иҭаку.
10 Сызуҳәо сыҷкәын Они́сим изоуп, сҭакнаҵы уи абыс сизыҟалеит.
11 Уаанӡа уи уара узы акгьы даԥсамызт, аха уажәы уара узгьы, сара сзгьы дхәарҭоуп.
12 Шьҭахьҟа дузсырхынҳәуеит гәыкала бзиа избо Они́сим.
13 Сара уи схазы даансыжьыр сҭахын, ажәабжь бзиа азы сҭакнаҵы уара уҭыԥан дсыцхрааларц азы.
14 Аха иуамҳәаӡакәа акгьы ҟасҵар сҭахӡам, мчыла иусырҟаҵошәа алымҵырц азы, исҭахуп ухаҭа гәыкала иҟауҵарц.
15 Иҟалап уи аамҭала узынижьыз, нас наунагӡа ҳәа дуоурц азы акәзар,
16 уажәшьҭа маҵуҩык иаҳасабала мацара акәымкәа, бзиа иаҳбо иашьаҵасгьы. Сара уи даараӡа бзиа дызбоит, уара еиҳагьы бзиа дубашт, избанзар иара дагьумаҵуҩуп, дагьуашьоуп.
17 Суҳәоит, ҩызас суԥхьаӡозар, сара сышудукыларыз еиԥш, иаргьы гәыкала дудкыл.
18 Иакәым ак ҟаиҵазаргьы, ма ак уиҭараны дыҟазаргьы, хьаас иҟаумҵан, сара зегь сшәоит.
19 Сара, Павел, снапала иузысыҩуеит: зегь узсырхынҳәуеит. Аҵабырг аилкаара сахьуцхрааз атәы зынӡагьы исҳәаӡом.
20 Суҳәоит, сашьа, Иҳақәиҭу иаҳаҭыразы иуасҳәаз сзыҟаҵа, суҳәоит, Христос иаҳаҭыразы сгәы ҟаҵа.
21 Агәра ганы сыҟоуп иуасҳәаз шыҟауҵо. Иуасҳәаз адагьы, еиҳаны ишыҟауҵо здыруеит, убри азоуп изузысыҩуагьы.
22 Иара убас уадак сызурхиарц суҳәоит, избанзар шәыҳәарақәа рыбзоурала соурыжьуеит ҳәа сгәыӷуеит, убасҟан ҳаибабап.
23 Асалам шәиҭоит Христос Иисус изы исыцҭаку Епафра́с,
24 иара убас асалам шәырҭоит Анцәа имаҵ сыцызуа Марки, Ариста́рхи, Дима́си, Лукеи.
25 Шәара аҟазшьа бзиақәа шәымоуп. Иҳақәиҭу Иисус Христос иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәыгымзааит.