Римаа рахь 8:1—39
-
Анцәа идоуҳа аԥсҭазаареи ахақәиҭреи ҳнаҭоит (1—11)
-
«Анцәа идоуҳа ҳара Анцәа ихәыҷқәа шҳакәу агәра ҳнаргоит» (12—17)
-
Анцәа ишамҭақәа Анцәа ихәыҷқәа ирымоу зеиԥшыҟам ахақәиҭра анроуа аамҭа иазыԥшуп (18—25)
-
«Иԥшьоу адоуҳа ҳара ҳзы Анцәа иҳәоит» (26, 27)
-
Анцәа аханатә иалиххьаз (28—30)
-
Анцәа ибзиабара абзоурала зегьы ҳариааиуеит (31—39)
8 Христос Иисус иитәқәоу Анцәа ахара рыдиҵаӡом.
2 Аԥсҭазаара узҭо иԥшьоу адоуҳа азакәан, шәара, Христос ишьҭа ихыланы ицо ауаа, агәнаҳаи аԥсреи рзакәан аҟынтә ахақәиҭра шәнаҭеит.
3 Моисеи изакәан ахақәиҭра шәыҭара алшомызт, избанзар ауаа ԥсыҽуп, агәнаҳа иаҵоуп. Аха Анцәа агәнаҳа аҟынтә ахақәиҭра шәиҭарц азы, Иԥа агәнаҳа иаҵоу ауаа дреиԥшны дааишьҭит. Убасала ауаҩы илоу агәнаҳа дақәыӡбеит.
4 Анцәа уи ҟаиҵеит, агәнаҳа иаҵоу ҳцәеижь ишҳаҵанаҳәо еиԥш акәымкәа, Анцәа идоуҳа ишҳаҵанаҳәо еиԥш азакәан иану ииашоу аԥҟарақәа наҳагӡаларц азы.
5 Ацәеижь иазыӡырҩуа рцәеижь ирыҵанаҳәо иазхәыцуеит. Аха Анцәа идоуҳа иазыӡырҩуа адоуҳа ирыҵанаҳәо ауп изызхәыцуа.
6 Аус гәнаҳақәа ирызхәыцуа аԥсра рзыԥшуп. Анцәа идоуҳа иаҳәо иазхәыцуа аԥсҭазаареи аҭынчреи рзыԥшуп.
7 Агәнаҳа иаҵоу ҳцәеижь иҳаҵанаҳәо ахәыцрақәа ҳхы раҳҭозар, Анцәа ҳиаӷахоит, избанзар агәнаҳа иаҵоу ацәеижь Анцәа изакәан иазыӡырҩӡом, иаҭаххаргьы иалшаӡом.
8 Зцәеижь агәаҳәарақәа назыгӡо Анцәа игәы рзыҟаҵом.
9 Аха шәара Анцәа идоуҳа шәымаҵәҟьазар, шәцәеижь ишшәыҵанаҳәо еиԥш акәымкәа, Анцәа идоуҳа ишшәыҵанаҳәо еиԥш шәынхалоит. Аӡәы Христос ихәыцшьа имамзар, уи Христос дитәым.
10 Христос шәитәызар, агәнаҳа иахҟьаны шәцәеижь шыԥсугьы, Анцәа идоуҳа аԥсҭазаара шәнаҭоит, избанзар Анцәа шәуаа иашақәаны шәиԥхьаӡоит.
11 Анцәа иԥшьоу идоуҳала Иисус иԥсы ҭеиҵеит. Уи адоуҳа шәымазар, Христос Иисус иԥсы ҭазҵаз иԥшьоу идоуҳала ԥсра зқәу шәцәеижьгьы аԥсы ҭеиҵоит.
12 Ус анакәха, сашьцәа, ҳара агәнаҳа иаҵоу ҳцәеижь иҳаҵанаҳәо ҟаҳамҵалароуп.
13 Шәцәеижь ишәыҵанаҳәо ҟашәҵозар, шәыԥсуеит. Аха иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала аус гәнаҳақәа шәшьуазар, шәынхалоит.
14 Анцәа идоуҳа анапхгара иқәныҟәо зегьы Анцәа иԥацәа роуп.
15 Ишәоуз Анцәа идоуҳа ахәура иҭоу реиԥш шәшәо шәҟанаҵаӡом. Уи Анцәа иԥацәа реиԥш шәышидикылаз агәра шәнаргоит. Убри адоуҳалагьы ҳара Анцәа иахь ҳхы рханы иаҳҳәоит: «А́бба*, Ҳаб!»
16 Анцәа идоуҳа ҳара Анцәа ихәыҷқәа шҳакәу агәра ҳнаргоит.
17 Анцәа ихәыҷқәа ҳакәзар, иҳаиҭарц ииҭаху ҳауеит. Иара Христос ииҭо ҳаргьы иҳаиҭоит. Амала, аԥхьа Христос ихигаз агәаҟрақәа ҳхаҳгароуп, усҟан иара иоуз ахьӡ-аԥша аҩыза ҳаргьы иҳауеит.
18 Ҳаԥхьаҟа иҳауа ахьӡ-аԥша иахьа иаҳхаҳго агәаҟрақәа исзырҿырԥшуам.
19 Анцәа ишамҭақәа зегьы ргәы хыҭхыҭуа иазыԥшуп Анцәа иԥацәа рыхьӡ-рыԥша анубарҭахо аамҭа.
20 Анцәа ишамҭақәа гәыӷрада инхалар рҭахымызт. Аха Анцәа ус ҟалартә алиршеит, убри аамҭазгьы гәыӷрада инимыжьӡеит.
21 Иара идыруан, ишамҭақәагьы агәнаҳаи аԥсреи рытәра аҟынтә рхы ишақәиҭхоз, уи инеиҳангьы, Анцәа ихәыҷқәа ирымоу зеиԥшыҟам ахақәиҭра шроуаз.
22 Ҳара иаҳдыруеит иахьа уажәраанӡа Анцәа ишамҭақәа зегьы шгәынқьуа, ишгәаҟуа.
23 Уажәшьҭа ҳара Анцәа иҳаиҭараны иҟоу шҳауҵәҟьо агәра ҳзырго иԥшьоу адоуҳа ҳауит. Ҳара ҳхаҭақәагьы Анцәа иԥацәа реиԥш ҳанидикыло аамҭа ҳазыԥшнаҵы ҳгәынқьуеит. Усҟан Христос ҳахьҿихыз абзоурала ҳцәеижь аҟынтә ахақәиҭра ҳауеит.
24 Анцәа агәнаҳа аҟынтә ҳанеиқәирха, уи агәыӷра ҳауит. Аха инаӡахьоу агәыӷра уажәшьҭа игәыӷраӡам. Ауаҩы дзықәгәыӷуаз иоузар, уажәшьҭа агәыӷра заҭахузеи?
25 Аха ҳзықәгәыӷуа ҳмоуцзар, ачҳара аарԥшны уи ҳазыԥшызаауеит.
26 Иԥшьоу адоуҳа ҳацхраауеит ҳанԥсыҽу, насгьы Анцәа ҳзызиҳәаша анаҳзымдыруа. Ажәақәа анаҳзымԥшаауагьы, ҳгәы ҳанҭаҵәыуогьы, иԥшьоу адоуҳа ҳара ҳзы Анцәа иҳәоит.
27 Анцәа ҳгәы иҭоу ибоит, насгьы иԥшьоу адоуҳа иаҳәо идыруеит, избанзар уи Анцәа игәҭакы инақәыршәаны иԥшьоу рзы и́ҳәоит.
28 Ҳара иаҳдыруеит, Анцәа бзиа дызбо, насгьы игәҭакы инақәыршәаны иааиԥхьаз ирзеиӷьу аусқәа шыҟаиҵо.
29 Иара урҭ аханатә иалиххьан, заагьы иӡбахьан дара Иԥа иеиԥшны ишыҟало. Убасала Анцәа Иԥа иашьцәа рҟынтә раԥхьа ииз иакәхеит.
30 Анцәа иалихыз ааиԥхьеит, иааиԥхьаз уаа иашақәаны иԥхьаӡеит, уаа иашақәаны ииԥхьаӡаз ахьӡ-аԥша риҭеит.
31 Иахаҳҳәаарызеи ари? Анцәа ҳара дҳадгылазар, иаҳҿагылараны иҟада?
32 Иара Иԥа димеигӡакәа ҳара ҳзы дыԥсырц дааишьҭзар, иаҭаху зегь ҳаимҭаӡои?
33 Анцәа иалихыз, уаа иашақәаны ииԥхьаӡаз ахара рыдҵара ӡәыр илшома?
34 Ӡәыр илшома урҭ рықәыӡбара? Илшаӡом. Христос Иисус урҭ рзы дыԥсит, иԥсгьы ҭалеит. Уажәы иара Анцәа иарӷьараҿ дтәоуп, ҳара ҳзгьы дӷьаҵәыӷьаҵәуа диҳәоит.
35 Христос бзиа ҳбара даҟәызхыр алшо акрыҟоума? Дааныркылома ҳзықәшәо ауадаҩрақәа, ма агәаҟрақәа, ма ашьҭашәарыцарақәа? Бзиа ҳбара даҟәыҵуама амла ҳакуазар, иаҳшәаҳҵо ҳамамзар, ашәарҭара ҳҭагылазар, ма шәаҳшьуеит ҳәа иаҳҿагылазар?
36 Аҩыраҿы иануп: «Уара узы ҳара есыҽны аԥсра алакҭа ҳҭаԥшуеит. Ауаа шьтәас ирымоу ауасақәа реиԥш иҳахәаԥшуеит».
37 Аха бзиа ҳазбаз имчала ҳара уи зегь ҳаиааиуеит.
38 Сара агәра ганы сыҟоуп Анцәа бзиа ҳбара даҟәызхыр алшо акгьы шыҟам: аԥсрагьы, аԥсҭазаарагьы, амаалықьцәагьы, аҳәынҭқаррақәагьы, уажәы иҟоу ма ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ахҭысқәагьы, амчқәагьы,
39 аҩаӡарагьы, аҵауларагьы, изакәызаалак акгьы. Анцәа Иҳақәиҭу Иисус Христос ила ҳара ҳахь иааирԥшуа абзиабара иаԥырхагахо ҳәа акымзарак ыҟам.
Албаагақәа
^ Ауриа ма арамеи ажәоуп, иаанагоит «О, саб».