Марк иҟынтә ажәабжь бзиа 7:1—37

  • Ауаа ирхәыцыз аҵасқәа (1—13)

  • Ауаҩы дызҟьашьуа игәы аҟынтә иаауа ауп (14—23)

  • Сириа иаҵанакуаз Финикиа иатәыз аԥҳәыс лхаҵара (24—30)

  • Иисус идагәаз ахаҵа дихәышәтәуеит (31—37)

7  Иерусалимынтәи иааз афарисеицәеи азакәанрҵаҩцәа шьоуки Иисус идеизалеит. 2  Дара ирбеит аҵаҩцәа шьоукы рнапқәа шыҟьашьыз*, даҽакала иуҳәозар, рнапқәа мыӡәӡәаӡакәа акрышырфоз. 3  (Афарисеицәа, ауриацәа зегь реиԥш, рабацәа рҵасқәа ныҟәго, рмышьхәылҵ аҟынӡа рнапқәа мыӡәӡәакәа акрырфаӡом. 4  Аџьармыкьа аҟынтә ианааиуагьы, ӡык рықәырҭәаанӡа акрырфаӡом. Ирацәоуп урҭ зықәныҟәо егьырҭ аҵасқәагьы, иаҳҳәап, дара аҵәцақәеи, аԥҳалқәеи, абҩа иалху егьырҭ ачысмаҭәақәеи аӡы иӡааршьуеит*.) 5  Усҟан афарисеицәеи азакәанрҵаҩцәеи Иисус иазҵааит: «Уҵаҩцәа ҳабацәеи ҳабдуцәеи рҵасқәа зеиларгои? Рнапқәа шыҟьашьу акрызырфои?» 6  Иара ус реиҳәеит: «Ҩ-цәак зхарԥоу шәара, аԥааимбар Иса́иа ибзиаҵәҟьаны ишәзиҳәеит абарҭ ажәақәа: „Арҭ ауаа анцәажәо, ҳаҭыр сықәырҵоит, аха рыгәқәа сара исцәыхароуп. 7  Баша исымҵахырхәоит, избанзар дара ажәлар иддырҵо ауаа ирхәыцыз аҵасқәа роуп“. 8  Ауаа ирхәыцыз аҵасқәа ак агмыжькәа инашәыгӡоит, арахь Анцәа иԥҟарақәа шәрықәныҟәаӡом». 9  Анаҩс ус реиҳәеит: «Шәҵасқәа раҳаҭыразы Анцәа иԥҟарақәа рхыԥашьа ибзианы ишәҵеит. 10  Моисеи иҳәеит: „Уани уаби ҳаҭыр рықәҵала“, иара убас „Зани заби зшәиуа дышьтәуп“. 11  Аха шәара ишәҳәоит: „Аӡәы иан ма иаб ‚исымоу кәырбануп (даҽакала иуҳәозар, Анцәа изку ҳамҭоуп), сызшәыцхрааӡом‘ ҳәа реиҳәар, уи акгьы амам“. 12  Убасала шәара ауаҩы иан лзы ма иаб изы ак аҟаҵара алшара ишәҭаӡом. 13  Шәхаҭа ишәхәыцыз аҵасқәа раҳаҭыразы Анцәа иажәа шәаӷрагылоит. Убри еиԥш иҟашәҵо иҵегь ирацәоуп». 14  Иара еиҭа ажәлар ааиԥхьан, ус реиҳәеит: «Шәаасзыӡырҩы, ишәасҳәогьы шәазхәыц. 15  Ауаҩы дызҟьашьуа иҿы иҭало акәӡам, иҿы иҭыҵуа ауп». 16  ——* 17  Ажәлар дрылҵны аҩны даныҩнала, иҵаҩцәа иааигаз аҿырԥштәы иаанагоз иазҵаауа иалагеит. 18  Иара ус реиҳәеит: «Шәаргьы ишәзеилымкааӡои? Ишәзымдырӡои ауаҩы иҿы иҭало дшамҟьашьуа? 19  Ауаҩы иҿы иҭало игәахьы акәӡам иахьцо, имгәахь ауп, нас уантәи иҭыҵуеит». Убасала афатә зегь шыцқьоу деилиркааит. 20  Нас ус иҳәеит: «Ауаҩы дызҟьашьуа иҿы иҭыҵуа ауп. 21  Ауаҩы игәы аҟынтә ауп иахьаауа иҽеим аусқәа изырҟаҵо ахәыцра цәгьақәа: асексуалтә ламысдара*, аӷьычра, ауаҩшьра, 22  ахатә ҩыза иԥсахра, аԥсыцәгьара, аус цәгьақәа, амцҳәара, ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа*, ашьыцра, Анцәеи ауааи иакәым рызҳәара, ахышьҭыхра, ахшыҩдара. 23  Абарҭ аус цәгьақәа зегьы ауаҩы игәы аҟынтә иаауеит, дагьырҟьашьуеит». 24  Уантәи Иисус Ти́ри Сидони рганахь дцеит. Уа иара ҩнык дыҩналеит, избанзар уи аҭыԥ аҿы дшыҟоу аӡәы иаҳар иҭахӡамызт, аха уеизгьы ираҳаит. 25  Иӡбахә иаразнак ԥҳәыск илаҳаит. Лыԥҳа хәыҷы адемон* дылхаԥаны дыҟан. Уи аԥҳәыс дааин, Иисус иҿаԥхьа дшьамхышгылеит. 26  Лара дбырзенын, Сириа иаҵанакуаз Финики́а дынхон*. Аԥҳәыс Иисус иҳәара далагеит лыԥҳа адемон дылхицарц. 27  Аха Иисус ус леиҳәеит: «Раԥхьа ахәыҷқәа рызхара рфароуп. Ача ахәыҷқәа ирымхны, аласбақәа ируҭар иашаӡам». 28  Аха лара илҳәеит: «Уиашоуп, ухаҵкы, аха астол иҵоу аласбақәагьы ахәыҷқәа ирыцәкаԥсо ахәашақәа рымфои». 29  Усҟан Иисус ус леиҳәеит: «Бца, убас ахьыбҳәаз азы быԥҳа адемон длылҵит». 30  Аҩны даннеи, илбеит лыԥҳа аиарҭаҿы дшышьҭаз, адемонгьы дшылхыҵыз. 31  Иисус тиртәи аҭыԥқәа рҟынтә даныхынҳәуаз, Сидони Жәақалақьреи* дрылсны, Галилеиатәи амшын ахь днеит. 32  Уа идагәаз, цқьа изымцәажәоз хаҵак дизнарган, инапқәа иқәиҵарц иҳәара иалагеит. 33  Иисус уи ахаҵа ажәлар дрылганы днаскьеиган, инацәкьарақәа илымҳақәа ирҭеикын, дкажьцәеит, нас ибз далакьысит. 34  Уи ашьҭахь ажәҩан днаҵаԥшын, игәаҵанӡа даақәыԥсычҳан, «Еффафа́» иҳәеит, иаанагоит «Уааты». 35  Ахаҵагьы илымҳақәа ираҳауа иҟалеит, ицқьаны ацәажәарагьы далагеит. 36  Иисус ауаа иреиҳәеит иҟаиҵаз аӡәгьы иарымҳәарц. Аха аӡәгьы иашәымҳәан ҳәа шаҟа иреиҳәоз аҟара, дара еиҳагьы ауаа ирыларҵон. 37  Ирбоз даараӡа иџьаршьон, иагьырҳәон: «Иҟаиҵо зегь бзианы иҟаиҵоит. Иара идагәоугьы ираҳауа иҟаиҵоит, изымцәажәогьы ацәажәара иалаиргоит».

Албаагақәа

Уи иаанаго аҵаҩцәа рнапқәа ҟьашьыҵәҟьан ҳәа акәӡам, уи иаанаго рнапқәа ауриатә ҵасқәа инарықәыршәаны иӡәӡәамызт ҳәа ауп.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иӡаархуеит».
Ари ажәеинраала абиблиатә еиҭагақәак рҿы иҟоуп, аха зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа рҿы иҟаӡам. Шәахәаԥш Ацҵа А3.
Абырзен ажәа порне́иа арацәа хыԥхьаӡараҿы. Шәахәаԥш Ажәар.
Абырзен ажәа асе́лгеиа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳа».
Иҟалап лара Финики́а дизар.
Шәахәаԥш Ажәар.