Лука иҟынтә ажәабжь бзиа 19:1—48
19 Иисус Иерихон даннеи, ақалақь далалеит.
2 Уа дынхон Закхе́и зыхьӡыз, амал ду змаз хаҵак. Иара ашәахтәеизгаҩцәа дреиҳабын.
3 Закхе́и Иисус дибар иҭахын, аха иоура кьаҿын азы, ажәлар дзырхыҳәҳәаӡомызт.
4 Убри аҟынтә дыҩны ԥхьаҟа дцан, абналаҳа дықәлеит, Иисус даниасуа дибарц азы.
5 Иисус аҵла данаҵагыла, ихы дҩахан, Закхе́и ус иеиҳәеит: «Ирласны улбаа, избанзар иахьа уара уахь снеиуеит».
6 Иаргьы иаразнак дылбааит. Закхе́и исас дгәырӷьаҵәа дидикылеит.
7 Ари збаз зегьы ргәы ԥжәан, имырмыруа ус рҳәеит: «Агәнаҳаҟаҵаҩ иахь дышԥанеи?»
8 Аха Закхе́и дҩагылан, Иисус ус иеиҳәеит: «Исықәиҭу, смал абжа иӷару ирзысшоит, амц ҳәаны аԥара змысхыз ԥшьынтә еиҳаны ирызсырхынҳәуеит».
9 Усҟан Иисус иҳәеит: «Иахьа Анцәа абри ауаҩ иҭаацәеи иареи еиқәирхеит, избанзар иаргьы Авраам иԥа иоуп.
10 Ауаҩытәыҩса Иԥа дзааз, иӡны иҟаз ԥшааны, еиқәирхарц азоуп».
11 Иисус Иерусалим дазааигәан азы изыӡырҩуаз даҽа ҿырԥштәык рзеиҭеиҳәеит, избанзар дара Анцәа Иаҳра уажәымзар-уажәы иааиуеит ҳәа ргәы иаанагон.
12 Иара иҳәеит: «Аҳ иԥа ихараз тәылак ахь дцараны дыҟан, аҳра иоуны дхынҳәырц азы.
13 Иара 10-ҩык имаҵуцәа дрыԥхьан, 10 минак* рыҭаны ус реиҳәеит: „Саанӡа аус ахь ишәышьҭы“.
14 Аха уи атәылаҿы инхоз ауаа иара дырцәымӷын, убри азы ацҳаражәҳәаҩцәа ишьҭаҵаны ирышьҭит, абас иарҳәарц азы: „Ҳара аҳас уҳаурц ҳҭахӡам“.
15 Аҳас дҟаланы даныхынҳә, аԥара зиҭаз имаҵуцәа еизигеит, шаҟа аладырҳаз еиликаарц азы.
16 Аӡәы дааин, ус иҳәеит: „Саҳ, умина 10 минак ҟанаҵеит“.
17 Усҟан аҳ иҳәеит: „Азамана! Уара умаҵуҩ бзиоуп! Амаҷ аҿы угәра згартә ушыҟоу сурбеит, убри азы 10 қалақьк урхасыргылоит“.
18 Аҩбатәигьы дааин, ус иҳәеит: „Саҳ, умина 5 минак ҟанаҵеит“.
19 Аҳ уигьы иеиҳәеит: „Уара 5 қалақьк урхасыргылоит“.
20 Ахԥатәи дааин, ус иҳәеит: „Саҳ, абар умина. Сара уи счабра илаҳәаны иҵәахны исыман.
21 Сара суцәшәеит, избанзар уара ууаҩы џьбароуп, ишьҭоумҵаз шьҭухуеит, илоумҵаз ҭоугалоит“.
22 Усҟан аҳ иҳәеит: „Акгьы иаԥсам амаҵуҩы уара! Иуҳәаз инақәыршәаны суқәыӡбоит. Иумдыруази сара сышуаҩы џьбароу, ишьҭасымҵаз шышьҭысхуа, иласымҵаз шҭазгало.
23 Избан, нас, сԥара аус ахь изумышьҭыз? Иушьҭызҭгьы, саныхынҳәлак, сԥара иацҵаны исоуан“.
24 Нас идгылаз ус реиҳәеит: „Имина имхны, 10 минак змоу ишәҭ“.
25 Аха дара ирҳәеит: „Ҳаҳ, уи 10 минак имами?!“
26 Иара иҳәеит: „Сара ишәасҳәоит: измоу — еиҳагьы иоуеит, измам — имоугьы имырхуеит.
27 Аҳас сҟаларц зҭахымыз саӷацәагьы абрахь иааганы, ишызбо ишәшьы“».
28 Уи ашьҭахь иара Иерусалимҟа имҩа иациҵеит.
29 Амаслинаҵлақәа рышьхаҿы ишьҭоу Виффа́гиеи Вифа́ниеи данырзааигәаха, ҩыџьа иҵаҩцәа ишьҭын,
30 абас реиҳәеит: «Шәаԥхьа ишьҭоу ақыҭахь шәца. Уа шәаннеилак ижәбоит икыдҿаҳәалоу, уаҩ дызқәымтәац аҽадҳәыс. Убри арахь исзаажәга.
31 Аӡәы иабажәго ҳәа дшәазҵаар: „Иҳақәиҭу иҭахуп“ шәҳәа».
32 Аҵаҩцәагьы уахь ицеит, Иисус ишреиҳәаз еиԥшҵәҟьагьы аҽадҳәыс рбеит.
33 Аҽадҳәыс злаҿаҳәаз ԥдыртло ианалага, уи зтәыз изыԥшәыртлои ҳәа иҵааит.
34 «Иҳақәиҭу иҭахуп», — рҳәан,
35 дара уи Иисус иахь иааргеит. Нас рымаҭәа ақәдыршәын, Иисус дақәдыртәеит.
36 Аҽадҳәыс дақәтәаны данцоз, ауаа хыхьтәи рымаҭәа ршәыхны, амҩаҿы икадыршәуан.
37 Амаслинаҵлақәа рышьха аҟынтә узлалбаауа амҩахь даннеи, жәларык иҵаҩцәа гәырӷьо, ирбаз аџьашьахәқәа зегьы рзы рыбжьы ҭыганы Анцәа ирҽхәара иалагеит.
38 Дара ирҳәон: «Дныҳәоуп Иегова* ихьӡала иаауа Аҳ! Ажәҩан аҿы аҭынчра ҟалааит, хыхь иҟоу Анцәа хьӡи-ԥшеи игымзааит!»
39 Аха ажәлар ирылагылаз афарисеицәа шьоукы ус рҳәеит: «Арҵаҩы, уҵаҩцәа рҽеиқәыркырц раҳәа».
40 Иисус иҳәеит: «Сара ишәасҳәоит: дара ҿырымҭыр, ахаҳәқәа рыбжьы ҭыганы ацәажәара иалагоит».
41 Ақалақь даназааигәаха, уи илаԥш нахиган, дҵәыуо
42 иҳәеит: «Ишԥасҭахыз аҭынчра узҭо закәу еилукаар, аха уажәы уара узы уи ҵәахуп.
43 Иааиуеит аамҭа, уаӷацәа иааукәыршаны аҵәҩан дуқәа арсны, амацәаз уанҭаркуа.
44 Дара уцҟьа-шәҟьа уқәырҵоит, ухәыҷқәагьы ндырҵәоит, хаҳәыки хаҳәыки еиқәны иаанрыжьӡом, избанзар Анцәа уус иӡбарц азы дшааз узеилымкааӡеит».
45 Анаҩс Иисус аныҳәарҭа дыҩналан, уантәи аҭиҩцәа дәылицеит,
46 иагьреиҳәеит: «Аҩыраҿы иануп: „Сыҩны Анцәа иахьиҳәо ҩнхоит“ ҳәа, аха шәара уи арҳәцәа рыҩны акәны иҟашәҵеит».
47 Иисус есыҽны аныҳәарҭаҿы ауаа Анцәа иажәа дирҵон. Аԥшьаҩ еиҳабацәеи, азакәанрҵаҩцәеи, ажәлар реиҳабацәеи ишьра иашьҭан.
48 Аха уи шыҟарҵара рыздыруамызт, избанзар ажәлар идҵӡомызт, есымша идирҵоз иазыӡырҩуан.