Ефесаа рахь 1:1—23
1 Анцәа иҭахны Христос Иисус иапостолс иалху сара, Павел, асаламшәҟәы сыҩуеит Ефес иҟоу гәыкала Анцәа имаҵ зуа, аӡәк иеиԥш Христос Иисус ицу иԥшьоу рахь.
2 Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи иҳарҭо аҭынчреи шәыгымзааит.
3 Аҽхәаԥхьыӡ игымзааит Ҳанцәа, Иҳақәиҭу Иисус Христос Иаб, избанзар Христос аӡәк иеиԥш ицу раҳасабала Анцәа ажәҩан аҿы еиуеиԥшым адоуҳатә ҳамҭақәа ҳаиҭеит.
4 Иара адунеи шьақәгылаанӡа* ҳалиххьан, Христоси ҳареи аӡәк иеиԥш ҳаҟазарц азы, насгьы абзиабара аарԥшуа, иара иҿаԥхьа ҳаԥшьаны, грак ҳамамкәа ҳаҟазарц азы.
5 Иара игәҭакы инақәыршәаны заа иӡбахьан Иисус Христос ила ԥацәас ҳшыҟаиҵо,
6 бзиа иибо Иԥа ила ҳара ҳахь иааирԥшыз ҳзыԥсам ақьиаразы аҽхәаԥхьыӡ иоуларц азы.
7 Иԥа ибзоурала ҳара ахақәиҭра ҳауит, избанзар иара ишьа каҭәаны ҳҿихит. Ааи, уи икеиҭәаз ашьа абзоурала Анцәа ҳзыԥсам ақьиара аарԥшны, ҳагәнаҳақәа ҳанаижьит.
8 Иара ҳзыԥсам ақьиара аарԥшны, аҟәыӷареи аилкаареи ҳаиҭеит,
9 игәҭакы иадҳәалоу иԥшьоу амаӡа ҳзааиртит. Игәҭакы иадҳәалоу иԥшьоу уи амаӡа инақәыршәаны иара игәы иҭеикит,
10 иазалихыз аамҭа анынҵәалак, аусқәа шынагӡалатәу иазкны иӡбаны имаз аиҿкаара аус аура иалаиргарц, Христос ила ажәҩан аҿы иҟоугьы адгьыл аҿы иҟоугьы аӡәк иеиԥш еидикыларц азы. Ааи, Христоси
11 ҳареи аӡәк иеиԥш ҳаҟоуп, иареи ҳареи Анцәа иҟынтә аҳамҭа шҳауа ҳақәыргәыӷын, избанзар иара игәы ишҭеикхьаз еиԥш заа ҳалиххьан. Иара зегьы игәы ишҭеикыз еиԥш иҟаиҵоит.
12 Анцәа ҳара — зегь раԥхьа Христос иқәгәыӷыз — ҳалихит, хьӡи-ԥшеи аҽхәаԥхьыӡи иаҳҭаларц азы.
13 Шәаргьы шәгәыӷра Христос идышәҳәалеит, аҵабырг ажәа — Анцәа шәшеиқәирхо шәеилзыркааз ажәабжь бзиа — аншәаҳа. Данхашәҵа ашьҭахь, Анцәа шәызқәыргәыӷыз иԥшьоу идоуҳа ихы иархәаны Христос ила амҳәыр шәааирхеит.
14 Иԥшьоу адоуҳа Анцәа ҳзықәиргәыӷыз шҳауа агәра ҳзырго адырга иаҩызоуп. Анцәа уи зыҟаиҵаз, ижәлар ахә рыхшәааны иахьҿихыз абзоурала ахақәиҭра риҭарц азоуп, уи хьӡи-ԥшеи аҽхәаԥхьыӡи изаанагарц азы.
15 Убри азы Иҳақәиҭу Иисус иахь ишәымоу ахаҵареи иԥшьоу рахь иаашәырԥшуа абзиабареи рыӡбахә ансаҳа инаркны,
16 Сааҟәымҵӡакәа Анцәа шәара шәзы иҭабуп ҳәа иасҳәоит, еснагь шәара шәзы Анцәа сиҳәоит.
17 Иҳақәиҭу Иисус Христос Инцәа, хьӡи-ԥшеи змоу Ҳаб, аҟәыӷареи иааиртуа аилкаареи шәиҭарц сиҳәоит, иара изку ииашоу, иҵаулоу адыррақәа шәырҳарц азы.
18 Иара шәыгәқәа* ааиртит, изакә гәыӷроу ишәиҭаз еилышәкаарц азы, иара убас еилышәкаарц иԥшьоу рзы изакә мазара дуу ирхианы имоу,
19 еилышәкаарц ҳара, ахаҵара змоу, иҟаҳҵо ҳзырҟаҵо имч шаҟа иӷәӷәоу. Анцәа имч шаҟа иӷәӷәоу ааԥшит,
20 Христос иԥсы анҭеиҵа, насгьы ажәҩан аҿы иарӷьараҿы даниртәа.
21 Анцәа уи ҳәынҭқаррас, мчрас, мчыс, напхгарас иҟоу зегь раасҭа дҳареикит, аӡәгьы имам ахьӡ даԥсеитәит, иахьа* мацара акәымкәа, ҳаԥхьаҟагьы ус дыҟазарц азы.
22 Анцәа уи ишьапаҿы зегь шьҭеиҵеит, аизарагьы дахаиргылеит,
23 уи иара ицәеижь ауп, иҟазшьақәа рылагьы иҭәуп. Иара иоуп зегь рыла зегь хазырҭәаауа.