А1
Абиблиа аиҭагаразы апринципқәа
Иахьа Абиблиа ишеибгоу ма хәҭа-хәҭала 3 000 бызшәа инареиҳаны рыла иҟоуп. Аха раԥхьа иара ажәытәуриатә бызшәалеи, арамеи бызшәалеи, ажәытә бырзен бызшәалеи иҩын. Аԥхьаҩцәа реиҳараҩык урҭ абызшәақәа рыздырӡом, убри аҟынтә аиҭага рымазар ауп. Иарбан принципқәоу Абиблиа аиҭагара аан изықәныҟәалатәу, насгьы ишԥаныԥши урҭ апринципқәа аиҭага «Адунеи ҿыц»?
Угәы иаанагар алшоит ишиашоу, ажәа-жәала еиҭагоу атекст аоригинал аҵакы еиҳа ииашаны иаанарԥшуеит ҳәа. Аха уи есымша ус акәӡам. Абар ус закәым ҳзырбо мзызқәак:
-
Абызшәақәа зегьы рҿы аграмматикеи, алексикеи, асинтаксиси рхатә ҷыдарақәа рымоуп. Ауриа бызшәақәа ҭызҵаауа апрофессор С. Р. Драивер иҳәоит абызшәақәа «злеиԥшым аграмматикеи асемантикеи рыла мацара акәӡам, урҭ аҳәоуқәа анышьақәдыргыло ахәыцрақәа шеидырҳәало алагьы еиԥшӡам» ҳәа. Еиуеиԥшым абызшәақәа рҿы хәыцрак еиуеиԥшым аҳәашьақәа амоуп. «Ус анакәха, — иҳәоит апрофессор Драивер, — абызшәақәа аҳәоуқәа реиҿартәышьа ала еиԥшӡам».
-
Иахьа ажәытәуриатә бызшәеи, арамеи бызшәеи, ажәытә бырзен бызшәеи ирымаз аҩыза алексикеи аграмматикеи змоу бызшәакгьы ыҟаӡам. Убри аҟынтә ажәа-жәала Абиблиа еиҭоугар, уи узеилкааӡом, џьара-џьара аҵакгьы иашахаӡом.
-
Аконтекст зеиԥшроу еиԥш ауп ажәа ҵакысгьы иаиуа.
Џьара-џьара ажәа-жәала аиҭагара аналшо ыҟоуп, аха усҟангьы аиҭагаҩ игәиҽанызароуп.
Ажәа-жәала иҟаҵоу аиҭага лассы-лассы ииашамкәа еилыркаауеит. Ҳрыхәаԥшып ҿырԥштәқәак:
-
Абиблиаҿы ажәа «ацәара» ацәара мацара акәӡам иаҵанакуа, аԥсрагьы аҵанакуеит (Матфеи 28:13; Аусқәа 7:60). Аконтекст уи ажәа аԥсра ишадҳәалоу анаанарԥшуа, аиҭагаҩ ихы иаирхәар алшоит ажәақәа «аԥсра», мамзаргьы «аԥсра уҭанагаланы ацәара» (1 Коринфаа 7:39; 1 Фессалоникаа 4:13; 2 Пиотр 3:4).
-
Ефесаа 4:14 аҿы апостол Павел ихы иаирхәо ажәақәа ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, иаанагоит «абаҩқәа рыла ауаа рыхәмарра». Ари ажәытә идиома зхылҿиааз ажәытәан абаҩқәа рыла ихәмаруаз амц ахьырҳәоз ауп. Абызшәақәа реиҳарак арҭ ажәақәа ишиашоу ианеиҭарго аҵакы рымаӡам. Аха «ҩысҭаарала ауаа зжьо» ҳәа еиҭоугар, абиблиатә жәеинраала аҵакы ибзианы еилкаахоит.
-
Римаа 12:11 аҿы иуԥыло абырзен ажәақәа ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, иаанагоит «шәдоуҳа еилашлааит». Арҭ ажәақәа аԥсышәала иаҭаху аҵакы аадырԥшӡом азы, ари аиҭагаҿы «шәҳаҵҳаҵо шәыҟаз» ҳәа еиҭагоуп.
-
Иисус ашьхараҿы ииҳәаз зегь еицырдыруа ажәахә аҟынтә иажәақәа лассы-лассы «насыԥ рымоуп доуҳала иӷару» ҳәа еиҭаргоит (Матфеи 5:3, Асинодалтә еиҭага). Аха имаҷымкәа абызшәақәа рҿы абас еиҭагоу арҭ ажәақәа рҵакы узеилкааӡом. Аԥхьаҩ игәы иаанагар алшоит Иисус зыӡбахә иҳәоз зыԥсихика еилагоу ма иԥсыҽу, зхатә гәаанагара змам роуп ҳәа. Аха иара ииҳәарц ииҭахыз уи акәӡамызт. Иара ауаа идирҵон насыԥ рызҭо рҭахрақәа рынагӡара шакәым, иаҳҳәап, афатә, ажәтә, уҳәа убас иҵегьы. Анцәа ида ԥсыхәа шрымам еилызкаауа роуп насыԥ змоу (Лука 6:20). Убри аҟынтә еиҭагақәак рҿы абарҭ ажәақәа абас еиҭагоуп: «Насыԥ рымоуп Анцәа ида ԥсыхәа шрымам еилызкаауа ауаа» (аиҭага «Адунеи ҿыц»). Уи Иисус ииҳәаз аҵакы еиҳа еиӷьны иаанарԥшуеит.
Ишаҳбо ала, Абиблиа аиҭагара аан аоригинал бызшәа аҟынтә ажәа ианаало ажәак ԥшааны, уи еснагь убас аиҭагара мацара азхаӡом. Аиҭагаҩ аоригинал аҵакы еиҳа еиӷьны иаазырԥшуа ажәақәа иԥшаарц азы ибзианы дхәыцроуп, ишәароуп-изароуп. Уи адагьы, атекст аԥхьара мариазарц азы, аҳәоуқәа абызшәа аграмматика инақәыршәаны еиқәыршәалатәуп.
Аха убри аамҭазгьы, аиҭагаҩ мыцхәы ахақәиҭра шимам игәалашәозароуп. Имарианы еиҭагатәуп ҳәа, атекст еиҭоуҳәошәа еиҭоугар ҟалаӡом. Ихадоу азхәыцра аиҭагаҩ иара ишеиликааз еиԥш аиҭагара далагар, аҵакы иашамхар ауеит. Усҟан аиҭагаҩ ихатә гәаанагара алеигалар, ма ихадоу акәамаҵамарақәа бжьаижьыр алшоит. Еиҭаҳәак еиԥш еиҭагоу Абиблиа аԥхьара шымариоугьы, ус еиҭагоу атекст аԥхьаҩ аоригинал аҵакы аилкаара иԥырхагахар алшоит.
Аиҭагаҩ идингьы еиҭеиго атекст ианыԥшыр алшоит. Иаҳҳәап, Матфеи 7:13 аҿы иҳәоуп: «Аҭахара-ақәӡаара ахь уназго агәашәгьы амҩагьы ҭбааҭыцәуп». Еиҭагаҩцәак ара иаагоу абырзен ажәа «џьаҳаным» ҳәа еиҭаргеит, уи иаанаго «аҭахара-ақәӡаара» шакәугьы. Иҟалап уи зыхҟьаз рдинхаҵаратә хәаԥшышьа акәзар.
Аиҭагаҩцәа ирхадмыршҭлар ауп Абиблиа ҵара дук змамыз ауаа, иаҳҳәап, анхаҩцәа, ахьчацәа, аԥсыӡкцәа, злацәажәоз абызшәа ала ишҩыз (Аусқәа 4:13). Убри аҟынтә аиҭага бзиа Абиблиа еилызкаар зҭаху ауаа зегьы еилыркаартә еиԥш еиҭагазароуп. Ауаа уиаҟара рхы иадмырхәо ажәақәа ракәымкәа, еиҳа имариоу, еилукаартә иҟоу, ауаа ирҿоу ажәақәа роуп Абиблиа аиҭагара аан ухы иаурхәалаша.
Лассы-лассы Абиблиа аиҭагаҩцәа реиҭагаҿы Анцәа ихьӡ Иегова аныхра ргәаӷьуеит, ажәытә манускриптқәа рҿы уи зныкымкәа ишуԥылогьы. (Шәахәаԥш Ацҵа А5.) Имаҷымкәа аиҭагақәа рҿы уи ахьӡ «Иҳақәиҭу» еиԥш иҟоу атитулқәа рыла иԥсахуп, еиҭагақәак рҿы Анцәа ахьӡ шимоу зынӡагьы иузеилкааӡом. Иаҳҳәап, Иоанн 17:6, насгьы Иоанн 17:26 аҿы Иисус Анцәа даниҳәоз ииҳәаз ажәақәа еиҭагак аҿы абас еиҭагоуп: «Сара... исуҭаз ауаа урзаасыртит», «Сара урҭ урзаасыртит». Аха ииашахон абас еиҭагазҭгьы: «Сара... исуҭаз ауаа ухьӡ рзаасыртит», «Сара урҭ ухьӡ рзаасыртит».
Англыз бызшәала аиҭага «Адунеи ҿыц» раԥхьатәи аҭыжьымҭаҿы иаагаз аԥхьажәаҿы абас анын: «Ҳара ҳаиҭага Иԥшьоу Аҩыра аиҭаҳәа акәӡам. Ҳара ҳҽазаҳшәеит иахьатәи англыз бызшәа излауаз ала атекст ишыҟаҵәҟьоу аиҭагара, аха иахьанымаалоз ажәа-ажәала еиҭаҳгаӡомызт, аоригинал аҵакы ҳмырҩашьарц азы». Убасала, аиҭага «Адунеи ҿыц» акомитет иалахәу аҭышәынтәалара аарԥшра иашьҭан: ганкахьала аоригинал иақәшәо алексика рхы иадырхәон, даҽа ганкахьала аҵакы аилкаара иуԥырхагоу, ицәгьоу ажәақәа рхы иадырхәаӡомызт. Уи абзоурала Абиблиа аԥхьара мариоуп, насгьы ауаа Анцәа идоуҳа ацхыраарала иҩу Иажәа ииашаны аилкаара рылшоит (1 Фессалоникаа 2:13).