Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АЗҴААРА 13

Иаҳәозеи Абиблиа аусура иазкны?

«Дубахьома уара зус иазҟазоу ауаҩы? Уи аҳцәа рҿаԥхьа дгылазаауеит, анхаҩцәа рҿаԥхьа дгылазааӡом»

(Ажәамаанақәа 22:29).

«Иӷьычуаз аӷьычра даҟәыҵны, иџьабаала ихы ныҟәигалааит, акы иаргәаҟуа ииҭаша имазарц азы»

(Ефесаа 4:28).

«Ауаҩы акрифалар, акрижәлар, насгьы иџьабаа иаанаго алҵшәақәа дрылагәырӷьалар [ихәҭоуп]. Уи Анцәа иҳамҭоуп»

(Екклезиаст 3:13).