Сзызиҳәалар сылшозеи Анцәа?
Абиблиа иану
Шәара иаашәҭаху зегь азы Анцәа шәиҳәалар шәылшоит, уи Абиблиа иану Анцәа игәҭакы иаҿамгылозар. «Анцәа ҳаниҳәо, иаҳҳәо зегь [иаҳауеит], иаҳҳәо игәы иақәшәозар» (1 Иоанн 5:14). Ишәылшома хаҭала шәара шәгәы иҵхо акы азы шәиҳәалар? Ааи. Абиблиа иануп: «Шәгәы иҭоу зегь аартны иашәҳәала» (Аԥсалом 62:8).
Анцәа ҳзызиҳәалар ҳалшо
Ҳхаҵара иазирҳарц (Лука 17:5).
Иԥшьоу адоуҳа, ма Анцәа имч, ҳаиҭарц азы. Уи ииашаны ахымҩаԥгара иҳацхраауеит (Лука 11:13).
Ауадаҩрақәа ҳхаҳгарц, насгьы ҳхызхуа ҳаҿагыларц азы амч ҳаиҭарц (Филиппаа 4:13).
Агәҭынчра ҳаиҭарц (Филиппаа 4:6, 7).
Ииашоу аӡбарақәа рыдкыларазы аҟәышра ҳаиҭарц (Иаков 1:5).
Есыҽны зда ԥсыхәа ҳамам ҳаиҭаларц (Матфеи 6:11).
Ҳагәнаҳақәа ҳанаижьларц (Матфеи 6:12).