Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХӘҬА 7

Дызусҭадаз Иисус?

Дызусҭадаз Иисус?

Иегова адгьылахь Иисус дааишьҭит. 1 Иоанн 4:9

Ҳара Иегова игәы иақәшәо ҟаҳҵарц ҳҭахызар, иара Иԥа ҳаизыӡырҩлароуп. Уи Иегова ажәҩанаҿы дишеит амч ду змаз доуҳатә хаҭараны, Адам дишаанӡа акыр шыбжьаз.

Аамҭақәак рышьҭахь Иегова иара Иԥа адгьылахь дааишьҭит, Вифлеем аҟны аӡӷаб Мариа длыхшартә. Ахәыҷы Иисус ҳәа ахьӡ ирҭеит (Иоанн иҟнытә 6:38).

Адгьылаҿы дуаҩны дыҟанаҵ, Иисус Анцәа иҟазшьақәа инагӡаны иааирԥшуан. Иара дқьиан, дыбзиабаҩын, насгьы ицҟазаара мариан. Иара гәымшәарыла Иегова изкыз аиаша егьырҭ идирҵон.

Иисус абзиара шыҟаиҵозгьы, иара дырцәымӷын. 1 Пиотр 2:21—24

Иисус ачымазаҩцәа ихәышәтәуан, насгьы иԥсыз рыԥсы ҭеиҵон.

Адинхаҵаратә напхгаҩцәа Иисус дырцәымӷын, рымцхаҵарақәеи рус цәгьақәеи ахьҿаԥиҽуаз азы.

Адинхаҵаратә напхгаҩцәа римаа агәра ддыргеит Иисус дрыпҟарц, насгьы дыршьырц.